Аԥсны аҳәынҭқарра амассатә информациеи, амилаҭтә кьыԥхьи ирымшуп ҳәа иазгәарҭоит жәабран 27.
27.02.2024

Аԥсны аҳәынҭқарра амассатә информациеи, амилаҭтә кьыԥхьи ирымшуп ҳәа иазгәарҭоит жәабран 27, раԥхьаӡа акәны аԥсуа бызшәа агазеҭ «Аԥсны» актәи аномер аныҭрыжьыз инаркны 1919 ш.
Ари амш аҽны амилаҭтә амассатә информациа аусзуҩцәа ирыдыркылоит рзаанаҭ иадҳәалоу адныҳәаларақәа!

Ҳара аинформациатә аамҭазы ҳанхоит, амассатә информациақәа рҵакы дуӡӡоуп, насгьы аҳәынҭқарра ауаажәларратә-политикатә ԥсҭазаара ашьақәыргылараангьы ихадароуп. Есыҽны ажурналистцәа ихадоу ажәабжь ҿыцқәа ҳдырбоит, ҳаамҭа иақәыршәаны ашьаҿеихгара алшара ҳарҭоит, ауаажәлар ргәалаҟазаарагьы аадырԥшуеит. Шәара шәзаанаҭдырра, аҭакԥхықәрақәа, ҳтәылеи ҳдунеи аҿы имҩаԥысуа иуадаҩу апроцессқәа реилкаара ирхьыԥшуп ауаажәларра аобиективтә информациа роуа ирмоуа, ажурналистцәа ражәа абзиареи аҵабыргреи аанарԥшуа аанамырԥшуа.

Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит, аџьынџьтәылатәи ажурналистика иреиӷьӡоу атрадициақәа рыхьчара, рыцҵара знапы алаку зегьы. Ишәзеӷьаҳшьоит агәеизҳара, аинтерес зҵоу аусура, шәгәаҿы иаанхаша ажурналистикатә материалқәа, инымҵәаӡо арҿиаратә фантазиа. Ишәыцыз еснагь азҿлымҳара, актуалра. Шәҭаацәеи шәареи анасыԥи агәабзиареи шәыгмыз.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра