Анас Кишмриа лҽалалырхәит Аԥсны аҳәынҭқарратә-аӡбаратә политика ахеилак еиҵыху аилатәара.
20.02.2024

Жәабран 20, Дауҭ Хутаба инапхгарала имҩаԥысит аҳәынҭқарратә политика зыӡбо, Амилаҭтә еизара ахеилак-Аԥсны аҳәынҭқарра апарламент еиҵыху аилатәара. Аилатәара рҽаладырхәит апарламент аспикер Лаша Ашуба, адепутатцәа, апарламентаҿы Аԥсны аҳәынҭқарра апрезидент ихантәаҩы, азиндырра аминистр Анри Барцыц, Аԥсны аҳәынҭқарра апрокурор хада раԥхьаӡатәи ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа, ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу аппарат аексперт Асҭанда Гургулиа, Аԥсны аҳәынҭқарра апрокуратура хада аусеилыргаратә напхгара аиҳабы Тамила Бигәаа, Аԥсны аҳәынҭқарра адукатцәа рпалата ахаҭарнак. Аилатәара алахәылацәа азакәан апроект «Аԥсны аҳәынҭқарра
ашьаустә закәанеидкыла ариашарақәа  алагалара» иалацәажәеит. Дара иазгәарҭеит алшара Аԥсны аҳәынҭқарра ашьаустә закәанеидкыла ахьӡ ахҵара атәы астатиа ариашарақәа алагалара.
«Дарбанзаалак Аԥсны аҳәынҭқарра атәылауаҩ имоуп ихатәы аԥсҭазаара ахақәиҭра азин, ихатәи иҭаацәаратәи амаӡа, насгьы ипатуи иҳаҭырқәҵареи рыхьчара. Изаамҭанытәу аредакциа астатиа 124 Аԥсны аҳәынҭқарра ашьаустә закәанеидкыла, ахьӡ ахҵара азы ашьаустә ҭакԥхыкәра иаҵанакуа, аусеилыргаратәи ашьаустәи апрактика ишаҳнарбо ала, арҵабырграан ауадаҩрақәа цәырҵуеит, убри азын адепозициа аҿы 1 ахәҭа Аԥсны аҳәынҭқарра ашьаустә закәанеидкыла астатиа 124 ажәақәа рыԥсахра адгалоуп, «имцу аинформациа аларҵәара» «иҵабыргым аинформациа» ала аԥсахра, иара убас иарбоу анорма азгәаҭа ацҵара, ашьаустә аҭакԥхыкәра аҟынтә аӡәы ихақәиҭтәра шьақәзыргыло, иара иалаирҵәаз иҵабыргым аинформациа, апатуи аҳаҭырақәҵареи даҽаӡәы ихаҿы ԥхазҭазтәуа ахырбгалараан, ззин еилагоу иеиқәшаҳаҭра ыҟазар», -абас иарбоуп аилкааратә нҵамҭаҿы.

Иара убас азакәан апроект авторцәа ахьӡ ахҵара азы ашьаустә ҭакԥхыкәра азԥхьагәаҭара абжьыргеит, «ариашаратә усурақәеи» ахараԥса ашьҭыхреи ахәҭақәыршәарас  иарбаны. Алацәажәареи акомитет алахәылацәа рыбжьыҭареи ашьҭахь, ари азакәан апроект ашьақәырӷәӷәаразы Амилаҭтә еизара- Аԥсны аҳәынҭқарра апарламент асессиа аиқәшәараҿы, иҵоуроу арекомендациа арымҭеит. Аԥсны аҳәынҭқарра иҟоу ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Анас Кишмариа, Аԥсны аҳәынҭқарра апроект азакәан «Аԥсны аҳәынҭқарра
ашьаустә закәанеидкыла ариашарақәа  алагалара» ирызку лгәаанагара шәаԥхьарц азы абрахь шәиас


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра