Анас Кишмариа аҳәаа «Ԥсоу» аҿы иҟалаз Аԥсны атәылауаа раанкылара иадҳәаланы Инал Арӡынбеи Михаил Шургалини дрыдҵаалеит.
06.02.2024

Анас Кишмариа аҳәаа «Ԥсоу»  аҿы иҟалаз Аԥсны атәылауаа раанкылара иадҳәаланы Инал Арӡынбеи Михаил Шургалини дрыдҵаалеит.
Жәабран 6 рзы, Аԥсны аҳәынҭқарра иҟоу ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистри, Аԥсны иҟоу аҷыдалкаатә зинмчра змоу Урыстәылатәи ацҳаражәҳәаҩи рахь аҳәара ҟалҵеит, иҟалаз ахҭыс атенденциагьы алырбеит, насгьы аҳәаа «Ԥсоу» урыстәыла аганахь ала ахысраан, Аԥсны аҳәынҭқарра атәылауаа исистематәны раанкылара зыхҟьаз аилкааразы. Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу, ажурналистцәа Елеонора Гилоиан, Инал Хашиг, Есма Ходжаа, ауаажәларратә-политикатә усзуҩ – Леуан Микаа иаарту раацҳара адагьы, Аԥсны атәылауаа раанкылара егьырҭ ахҭысқәа ирызку аинформациагьы шлымоу азгәалҭеит.

Анас Кишмариа Аԥсны аҳәынҭқарра амчра аорган ахада, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дидҵаалеит. Ихадоу аусқәа ируакуп аҳәаа нхыҵ Аԥсны ауаажәлар рзинқәеи , рхақәиҭреи, ринтересқәеи рыхьчара,убри азын, абас еиԥш иҟоу аанкыларақәа зыхҟьаз аҭакқәа аиуразы аҳәара ҟалҵеит.
Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иахь иналышьҭыз аацҳараҿы, ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу аҳәара ҟалҵеит, аҳәаа «Ԥсоу» аҿы иҟалаз Аԥсны атәылауаа раанкылара дазхьаԥшырц, ацхыраара рыҭата, насгьы изыхҟьазгьы аилкаара.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра