Аԥсны аҳәынҭқарра иҟоу ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Анас Кишмариеи Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусура ахада Ҭемыр Ахьибеи русеицура алшара аилацәажәара.
06.03.2024

Апсны аҳәынҭқарра иҟоу ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Анас Кишмариеи Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусура ахада Ҭемыр Ахьибеи русеицура алшара иилацәажәеит. Ари аиԥылара мҩаԥысит Аҟәа, ахаша, хәажәкыра 6 рзы, Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзураҿы.  Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Заал Хәарцкьиагьы аиԥылара иҽалаирхәит. Аомбудсмен иаппарат азы ихадоу азҵаарақәа ирыхцәажәеит. Аганқәа иазгәарҭеит аиҿкаарқәа русеицура алшара, избанзар абас еиԥш иҟоу аусеицура ихәарҭоуп, атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭреи рыхьчараан, иара убас ауаажәларразыгьы.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра