Аԥсны аҳәынҭқарра иҟоу ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Анас Кишмариа Апарламент адепутатцәа ирыдылгалеит 2023 ш. аус зыдырулоз атәы ахьану ажәахә.
14.03.2024

2023 ш. лаҵарамза 1- ԥхынҷкәынмза 31 иалагӡаны,  Аԥсны аҳәынҭқарра иҟоу ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу аппарат ахь ахырхарақәа 67 ҟаҵан.          Аԥсны аҳәынҭқарра иҟоу ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу лаацҳарала шәкы инареиҳаны аконсультациақәа рыҭан. Иара убас ауаҩы изинқәа ирықәыршәаны агәаҭарақәа мҩаԥган, азакәан «Аԥсны аҳәынҭқарра иҟоу ауаҩы изинқәа рзы» ишаҳәо ала, ашьтахь, ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи ахьчаразы аԥара ахархәара аилыркаарақәеи аконсультациақәеи мҩаԥган, мамзаргьы арҭ ахырхарақәа реилыргара зду аҳәынҭқарратә аорганқәа рахь анашьҭра алшара.

Ауаа иҟарҵаз рхырхарақәа рыла апрокуратура аорганқәа рахь, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррахь,  егьырҭ аҳәынҭқарратәи амуниципалтәи аорганқәа рахь инашьҭуп агәаҭарақәа, насгьы аҭак аҟаҵара, ашшра ахәаԥшразы аинформациеи аматериалқәеи ртәы ахьарбоу азыҳәарақәа 85. Иҵабыргны апрокуратура аорганқәа рыхьӡ ала инашьҭын –аҭаххарақәа 22, урҭ рахьынтә 6 ҩынтәны инашьҭын, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррахь аҭаххарақәа 17, аӡбаратә аорганқәа рахь 5, урҭ рахьынтә 1 ҩынтәны инашьҭын, анагӡатә  аорганқәа рахь  аҭаххарақәа 24, урҭ рахьынтә 6 ҩынтәны инашьҭын, егьырҭ аҳәынҭқарратә аорганқәа рахь -17, урҭ рахьынтә 3 ҩынтәны инашьҭын. Егьырҭ ашықәсқәа раан еиԥш, еиҳараӡак ауаа рзинқәа реилагара ирызкуп-67 рахьынтә ахырхарақәа 51, асоциалтә зинқәа реилагара ирызкуп ахырхарақәа 14, аполитикатәи аекологиатәи аилагарақәа ирызкуп акака.  

2023ш. анхаратә зинқәа ирызку азҵаарақәа актуалра рымоуп. Ииасыз ашықәс иалагӡаны, ҩынтәны иҩыз, анхарҭа аиуразы аҭаххарақәа имаҷымкәа иаашьҭын. Ари азҵаара иазку аҭагылазаашьақәа рҽырыԥсахуам, аҳәынҭқарра иамам зхы иақәиҭу анхаратә фонд, иҿыцу аргыларақәагьы мҩаԥнагом. Ари апроблема азнеира ахәҭоуп ҳәа исыԥхьаӡоит, ареспубликатә биуџьет ашьақәыргылараан алкаақәа аҟаҵараан.

Инеиҵыхны иалацәажәатәу темақәак.

1.    Абахҭа аҭакра амониторинг.

Рыцҳарас иҟалаз, азгәаҭара ахәҭоуп абахҭаҿы иҟоу аԥҟарақәа ақәнага аҟазшьа шрымоу. Хымԥада, изакәандароу ахымҩаԥгашьазы иҭаку ауаа, ахьырхәраҵас рхақәиҭра рцәыӡуеит, аха дара иманшәалам аҭагылазаашьақәа ахьыҟоу аҿы раанкылара, ргәабзиареи рԥсихологиеи ианырруеит, уи агуманизм апринципқәеи ауаа рыԥсҭазаара аҳаҭырбареи ирышьашәалом. (аст. 4 Аҭакра аҭагылазаашьақәа ртәы азакәан). Иҭаку ауаа рзинқәа еилазгаша акагьы зыҟалом.

Ихадоу апроблемақәа рахь иаҵанакуеит: амедицинатә маҵзура аҟамзара, ацқьареи аламысреи асанитартә нормақәа рықәымшәара, ихадоу акрыҿаҵара иазку апроблемақәа, акамерақәеи ацәардаӷәи азымхара, аԥсшьараамҭа аиҿкаара, иажәу ахыбра, уб егь. Иара убас аилкаара ахәҭоуп иарбоу аҭыԥқәа рҟынтәи аусзуҩцәа аус ахьыруа аҭагылазаашьақәа.  Абас еиԥш иҟоу аҭыԥқәа рҿы раанкылараан ахьырхәра ахықәкы нагӡахом-иҭаку ириашара, насгьы иҿыцу ацәгьаурақәа аҟаҵара агәҽанҵара; Арҭ аҭагылазаашьақәа ауаҩы данрықәшәо иҟаиҵаз дзеиҭазхәыцуам, раԥхьаӡа иргыланы дзықәшәаз, ихаҭара еилазгар ҟало атагылазаашьақәа дрышьцылар акәхоит, насгьы амаргинализациа, алеишәацәгьара, акриминализациа арӷәӷәаргьы ҟалоит.
Иара убас, Аԥсны аҳәсеи зықәра наӡами раанкыларазы испециалтәу аҭыԥқәа ыҟаӡам. Убри иахҟьаны, ари акатегориа иақәшәо ақ. Аҟәа иҟоу, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы аамҭалатәи аиҟәыҭхагаҿы иаанкылоуп. Дара ахацәа ахьыҟо аетаж аҿы, аҳәса ркамерақәа рҿы иаанкылоуп. Абас еиԥш иҟоу аус, ари акатегориа иақәшәо ауаа рзинқәа ианырруеит, рыриашара иацхраауам, насгьы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аамҭалатәи аиҟәыҭхага аусзуҩцәа рус еиланагоит.

Иара убас иазгәататәуп, Дранда иҟоу Аԥсны аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра абахҭаҿы иҭаку ауаа зегьы џьарак ишыҟоу. Абарҭ атагылазаашьақәа ирыхҟьаны, азакәанԥҵараҿы иарбоуп аҿҳәара армаҷра. Абас еиԥш иҟоу аусқәа инарықәыршәаны, иҭаку зегьы зры иаҭаху аҭагылазаашьақәа заԥҵахом. Аԥсны апенитенциартә системаҿы иҟоу апроблемақәа рыӡбаразы, афинанстә харџь рацәа аҭахуп, ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа ирықәшәо арҿиаразы. Раԥхьаӡа иргыланы амедицинатә маҵзура ашьақәыргылара ахәҭоуп ҳәа иҳаԥхьазоит, асанитартә нормақәа ирықәшәо аҟаҵара, насгьы  ихадоу акрыҿаҵара аиҿкаара.  

2023 ш. алагамҭа инаркны, Урыстәыла авиза аиуразы, араан иқәгыло амигрантцәеи, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭахь иадҵаалаз атәымуааи рхыԥхьаӡара иазҳаит. Убри иахҟьаны, араан дуу ҟалеит, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭа аусурагьы аруадаҩит. Аҿҳәара иахмырԥакәа авиза аиура азыҟамлара иахҟьаны, атәымуаагьы ауадаҩрақәа ирықәшәеит.

лечения, учеба в высших образовательных учреждениях РФ.

2023ш. абҵарамза инаркны Аԥсны аҳәынҭқарра иҟоу ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу аппарат ахь инашьҭын атәымуаа рҟынтәи ахырхарақәа 9, авиза аиура арццакразы аҳәара арбаны. Адкылараан иазгәаҭан, атәымуаа Аԥсны аҳәынтқарраҿы авиза аиуразы раангылара зыруадаҩуа аиндивидуалтә проблемақәа рцәырҵра. Лассы-лассы ицәырҵуа анегативтә факторқәа рахь иаҵанакуеит- Аԥсны аҳәынҭқарраҿы акыраамҭа рыҟазаара иахҟьаны афинанстә ҭагылазаашьақәа, аимгәадура (ахԥатәи атримест), астационартә ахәшәтәра зҭаху ачымазарақәа, Урыстәыла еиҳау аҵараиурҭақәа рҿы аҵара.

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭа ҩ-ганклатәи аусеицура  иалагӡаны, ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу аппарат иаднакылон аҳәарақәа, насгьы атәымуаа рҟынтәи ӡыԥшра ҟамлоу аҳәарақәа аус рыдуларазы. Араан аҿы имыԥшыкәа авиза аиуразы, икритикатәу аҭагылазаашьақәа ахьарбаз иазгәарҭаз аҳәарақәа Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭахь инашьҭын.  Абас ала, аҳәарақәа жәба рҟынтәи, ҩыџьа атәымуаа Урыстәылатәи авиза роуит, араан иқәымгылакәа, имариам рҭагылазаашьақәа инарықәыршәаны.

Атәанчаҩцәа реиҭаҭаҩразы араан.
Есышықәса Аԥсны аҳәынҭқарра иҟоу Урыстәылатәи афонд асоциалтә ҟәша аклиентцәа рмаҵзурала Урыстәылатәи атәанчахәы зауа атәанчаҩцәа реиҭаҭаҩра нагӡахоит. Ауаажәлар ирыло, ииашам аинформациа иахҟьаны Урыстәылатәи атәанчаҩцәа рфонд аҿы, аҭыԥынтәи  Аԥсны аҳәынҭқарра иҟоу Урыстәылатәи афонд асоциалтә ҟәша аклиентцәа рмаҵзураҿы араан еиҿкаахеит. Атәылауаа ргәы иаанагоит, ианаамҭоу аиҭаҭаҩра иахымсыз изы атәанчахәы аушьҭра ҵыхәаԥҵәала иаанкылахар залшо, аха ари аинформациа аҵабыргра аҵам. Аиҭаҭаҩра иахысыз атәанчаҩы аталон иҭахоит, аамҭарба азгәаҭаны, Аԥсны аҳәынҭқарра иҟоу Урыстәылатәи афонд асоциалтә ҟәша аклиентцәа рмаҵзурахьы даҽазнык иаара анахәҭо.

Лассы-лассы хыхь зыӡбахә ҳхәоз адезинформациа иахҟьаны, атәылауаа адҵаалара ҟарҵоит атолон иану аамҭа аанӡа.  Аклиентцәа рмаҵзура аусзуҩцәа атәылауаа заамҭа аахьоуи имааци рыдыркылар акәхоит. Ари аҩыза атенденциа араан ҟанаҵоит, атәанчаҩцәа ргәабзиара ианыԥшуеит, насгьы Урыстәылатәи афонд асоциалтә ҟәша аклиентцәа рмаҵзура аусура аруадаҩуеит. Азгәаҭара ахәҭоуп, ианаамҭоу аиҭаҭаҩра иахымсыз изы атәанчахәы аушьҭра ҵыхәаԥҵәала ишаҟәамҵуа. Иара убас аклиентцәа рмаҵзура аусзуҩцәа ианаамҭоу изахымсыз атәылауаа реиҭаҭаҩра мҩаԥыргоит, рԥарақәа еиҭахыԥхьаӡаланы. Ари аҭагылазаашьа мзызс иамоу атәанчаҩцәа  уи атәы здуруа аорганқәа рахьынтә ихадоу аинформациа ахьырмоуа азоуп.

Аҳәаа «Ԥсоу» аҿы иҟалаз атәылауаа раанкыларақәа.
Амассатә информациақәеи, асоциалтә ҳаи ирылаҵәеит, аҳәаа «Ԥсоу» аҿы Аԥсны атәылауаа раанкылара иадҳәалоу аинформациа, атәылауаҩра агәаҭара иазыԥҵәо аамҭа инацҵаны ишааныркыло атәы. Акыр аҳәамҭақәа ҟаҵан, аҳәаа ахысраан атәылауаа раанкылара хә-минуҭк инаркны сааҭқәак рҟынӡа, аусзуҩцәа рызҵаарақәа, насгьы Урыстәыла Ашьаусԥшааратә еилакы аусзуҩцәа рҟынтәи ихжәоу, ма иаамысҭашәам ахымҩаԥгашьа аарԥшра атәы зҳәо. Убри азын, Аԥсны аҳәынҭқарра иҟоу ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу, Аԥсны аҳәынҭқарра иҟоу Урыстәылатәи азинмча змоу иҷыдалкаатәу ацҳаражәҳәаҩи, Аԥсны аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа рминисти, Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусура ахантәаҩи рахь, иҟалаз ахҭыс аилкааразы аҳәара налышьҭит. Иахьатәи аамҭазы, хыхь зыӡбахә ҳәаз ахылаԥшырҭақәа ҩба рахьынтә аҭак аашьҭӡам.

Аҳәаатә маҵура Урыстәыла Ашьаусԥшааратә еилакы аусзуҩцәа агәаҭараан, атәалауаа раанкылара алшара рымоуп, аҳәаа ахысраан аушьҭратә пунктқәа рҿы аԥҟарақәа реилагара ҟалазар; атәылауаа раанкылара ҟалоит, аҳәаа ахысра аԥҟарақәа реилагара, мамзыргьы аушьҭратә пунктқәа рҿы аилагарақәа атәы рдыруазар. Азгәаҭара ахәҭоуп, Аԥсны аҳәынҭқарра атәылауаа раанкылара шыҟамло, хыхь иазгәаҭаз аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны, аҳәаа ахысра аилагара ашьаҭа ыҟамзар, насгьы аҿахәҿыхра аԥкаанҵа еиҿкаамзар.

Иҟалап, (ахылаԥшырҭақәа аҭак аармышьҭӡеит, иақәшәо аинформациагьы ҳамам) Аԥсны аҳәынҭқарра атәылауаа ҿырҳәала иразҵаан, иацу аинформациа, мамзаргьы адокументқәа ргәаҭараан аинформациа аилкаара. Агәҭынчымра аилымкаара арҿиоит, Аԥсны аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аполитикатә ҭагылазаашьеи, иара убас аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра иаҵанамкуа азҵаарақәеи, ирыхцәажәазар ҟалоит, насгьы аинформациа ироуз аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчаразы ихәарҭахар залшоит.

Аԥсны аҳәынҭқарра иҟоу ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу иҭыԥ аҿы аусура саналага бжьаратәла иццаку, икыраамҭатәу аперспективақәа алхын, абарҭ ирҩызоу ахырхарҭақәа рышьақәыргыларазы, реиҿкаааразы:  
1. Аиҩызаратә тәылақәа рҿы иҟоу ауаҩзинхьчатә институтқәа аусреицура; Аамҭа кьаҿ иалагӡаны, Урыстәылеи Венесуелеи иҟоу ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоуи, ҳареи амеморандум еиҿкааны ҳнапқәа анаҳҵеит, иара убас Никарагуа иҟоу аомбудсмени ҳареи ҳабжьара, аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа ҳабжьаҳҵеит, насгьы аладатәи ауаԥстәи, ахықәантәи ҳколлегацәеи ҳареи ҳусеицура алшара ҳалацәажәеит, иара убас ҳареи Урыстәылатәи арегионқәа рҟынтәи ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоуи. Еиԥмырҟьакәа аонлаин ала ҳколлегацәа рацәажәара мацара адагьы, иара убас ҳхы алаҳархәит еиҵыху ауснагӡатәқәа ҩба – «Аомбудсменцәа ахьалахәу аевразиатә алианси» , 47 тәыла рҟынтәи аомбудсменцәеи адипломатцәеи рхы ахьаладырхәыз «Жәларбжьаратәи апрактикатә конференциеи». Абас еиԥш иҟоу аус, хымԥада иқәыԥшу Аԥсны аҳәынҭқарра иҟоу аомбудсмен институт аизҳара аҵоуп, егьырҭ атәылақәа рԥышәа аиура даараӡа ихәарҭоуп, иара убас Аԥсны ахьӡ ҭыгарагьы.
2. Аинформациатә-арккаратә усура;  
Ҳара амассатә информациақәа реиҿцәажәаразы ҳаартуп, дара рыцырхыраара ҳашьҭоуп, ауаҩы изинхьчаразы амассатә информациақәа иҟарҵаз алагала иалкааны иазгәаҳҭоит. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет иҳаднагалаз  ашҭаҿы, ԥхынҷкәынмза 10рзы, 1984 ш. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаарала Ауаҩы изинхьчаразы еицырзеиԥшу адекларациа адкылара амш аҽны, ҳара имҩаԥаҳгеит раԥхьаӡатәи жәларбжьаратәи анаукатә-практикатә конференциа, уи рҽаладырхәит Аԥсны аҳәынҭқарра адепутатцәа ркорпус, аконституциатә ӡбарҭа ахаҭарнакцәеи, Аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи астудентцәеи  рыдагьы, иара убас авидео конфкренциала рҽаладырхәит Ахықәантәи Амолдавиатәи аҳәынҭқарра, Москва, Ауаԥстәыла, Иарославль аҟынтәи ҳколлегацәа. Иҳаӡбнит, ари аконференциа есышықәса амҩаԥгара, насгьы аилазаара аиҵыхра.
3. Анагӡаратә мчреи, атәылауаҩратә уаажәларреи русеицуреи рдиалоги ашьақәыргылара арӷәӷәараан, салагар сҭахын аус бзиала. Ииашаҵәҟьаны, иахьа ҳара иазгәаҳҭарц алшара ҳамоуп, аусеицура ахаҭабзиаратә ҟазшьа, Аԥсны аҳәынҭкарра жәлар реизара-апарламент иманшәаланы имҩаԥысуа реиҿцәажәара.
Аԥсны аҳәынҭқарра амрагыларахьтәи аган аҟынтәи исистематәны ауаа рзинеилыргара атәы зҳәо ахырхарақәа инарықәыршәаны, Аԥсны аҳәынҭқарра иҟоу ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу азинтә комитет ахатарнакцәеи, амилаҭтә шәарҭадара акомитеты рахь аҳәара ҟалҵеит, Аԥсны аҳәынҭқарраҿы атәымуаа рзинқәа атәы аазырԥшуа азакәан ахәаԥшразы, насгьы аамҭалатәи ахыҵакырҭа азоужьра атәы ахьану ахәҭа ариашарақәа алагалара.
Раԥхьаӡатәи аԥышәа аамҭалатәи ахыҵакырҭа азоужьраан иаҳнарбеит абас еиԥш иҟоу аусеицура аҵакдууреи, аеффектреи шаҵоу. Азгәаҭара ахәҭоуп, аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа - Ихадоу апрокуратуеи, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи аконструктивтә русеицура алҵшәа бзиақәа. Уажәы ҳара иҳауеит, аомбудсмен иреакциа зҭаху атагылазаашьақәа ртәы иҵабыргу аинформациа. Иҟан хҭысқәак, ҿырҳәалатәи аҭакқәа заа ианҳауаз, иҩыз азҵаатәхәқәа наҳашьҭаанӡагьы, ԥымкрада иҭаку ҳрықәшәар азы алшара ҳамоуп, ҳара ҳаҳәарақәа рыла дара амедицианатә гәаҭарақәагьы рзеиҿыркаауеит.
Сара сгәаанагарала, абас еиԥш аусеицура алшара ҟалеит анапхгаҩцәа рҟазшьақәа рыбзоурала, иаартны иазгәарҭеит реиҿкаарақәеи ҳареи ҳусеицура аҵакдура шаҵоу. Ҳәарада ҳара, иаҳҭахуп аҭышәынтәалареи аԥсыҽхареи аелемент алагалара, даҽакала иуҳәозар, ауаҩытәыҩсатә фактор итәы аазырԥшуа.  Ҳгәаанагарала, ари аҭышәынтәалара зны азакәанԥҵараҿы ишьақәгылазар. Апсны аҳәынҭқарра иҟоу ауаҩы изинқәа рзы азакәан аобмудсмен илнаҭоит инеиҵыху азинқәа, аха уи зегьы аҵакы ацәыӡуеит лхырхара аҭак аныҟарымҵо, насгьы лрекомендациақәа рызнеира аҭахымзаара аарԥшраан.

Ари ақәгылара ахыркәшараан, 2024ш. ҳпланқәа азгәасҭарц стахын. Аамҭакьаҿлатәи ҳперспектива иалагӡаны Аԥсны аҳәынҭқарра иҟоу ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу аппарат аҿы еиҿаҳкаауеит еснагь аус зууло адискуссиатә клуб, еиҳарак изыхцәажәатәу, ауаҩы изинқәа рыхьчара ирыдҳәалоу азҵаарақәа рыӡбаразы, амчхара аорган ахаҭарнакцәеи, атәылауаҩратә уаажәларра рхаҭарнакцәеи, аекспертцәеи, апарламент ахатарнакцәеи рыдыԥхьаларала. Сгәаанагарала, алахәылацәа абас еиԥш русеицура аформат, апроблемақәа еиуеиԥшым апозициақәа рыла иазгәаҭахоит, насгьы аҭакқәа рыԥшаареи аус адулареи арманшәалоит. Ҳара ҳақәгәыӷуеит алҵшәа бзиақәа, убри азын, адепутатцәа ркорпус аҟынтәи ари азҵаара аӡбаразы ацхыраара аҭара ҳакәгәыӷуеит.  Еиҳараӡак, ари ашықәс азы, атәылауаа аԥсихиатриатә цхыраара рыҭара апроблема ахшыҩзцара аҳҭар ҳҭахуп. Ари атема актуалра аҵоуп, насгьы 2024ш. жәларбжьаратәи аилазаара иҷыданы иалнакаауеит. Ари азҵаара иалагӡаны, аппарат ахаҭарнакцәа ргәы иҭоуп, Ареспубликатә испециалтәу аԥсихиатриатә хәшәтәырҭа амониторинг амҩаԥгара, аусура аамҭеи апациентцәа ахьыҟоу аҭагылазаашьақәеи реилкааразы.
Иара убас, иаартны ианхоит азҵаара, атәылауаа аԥсихиатриатә цхыраара рыҭаразы аԥҟарақәа ртәы, испециалтәу азакәан аҟамзаара. Атәылауаа ргәабзиарахьчареи рзинхьчареи агарантиа атәы зҳәо иахьалатәи азакәанԥҵараҿы, ари ипроблема ӷәӷәоуп. Ахәыҷтәы ҟәша аҟамзаара, апсихиатриатә еилагарақәа змоу ауаа, аԥсихоневролгиатә интернат амедицинатә цхыраара рыҭара агарантиа рынаҭом.

Кыраамҭатәи ҳперспектива атәы зҳәо ҳапланқәа рахь иаҵанакуеит, ҳара ҳахь аиҩызара аазырԥшуа атәылақәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рырҭбаара, насгьы ҳаимадара арӷәӷәара, жәларбжьаратәи аԥышәа ҳнапы злаку аус алагаларазы. Ари ашықәс иалагӡаны, ҳгәы иҭоуп, ауаҩы изинхьчара ирызку жәларбжьаратәи аконференциақәеи аиԥыларақәеи рырҭаара, иара убас Урыстәылантәи, егьырҭ атәылақәа рҟынтәигьы ҳколлегацәеи ҳареи ҳаиҩызара арӷәӷәара.
Адоклад шәаԥхьар шәылшоит абри азхьарԥш ала:  https://ombudsmanra.org/upload/iblock/c27/c27a7a94400decf746f074ba6660b2da.pdf






Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра