Аинформациатә еиужьраҿы ауаҩы изинқәа рыхьчара.
04.04.2024

Аԥсны аҳәынҭқарра иҟоу ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу аппарат аусзуҩцәа рхы аладырхәуеит, мшаԥымза 17, 2024 ш., авидео аконференциала имҩаԥгахо, ауаҩы изинқәа ирызку аҵарадырратә семинар, Анаукатә-ҵарадырратә центр О. Е. Кутафин ихьӡ зху МААУ аҿы, атема «Аинформациатә еиужьраҿы ауаҩы изинқәа рыхьчара». Аԥснытәи азинхьчаратә институт ари аиԥылара аҽалархәра алыршахеит, Аԥсны аҳәынҭқарра иҟоу ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу аппарати, Урыстәыла иҟоу ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу аппарати русеицура иабзоураны. Урыстәыла иҟоу ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Татиана Москалькова, Аԥсны аҳәынҭқарра иҟоу ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Анас Кишмариа лахьӡала иаалышьҭит ааԥхьара.
Анас Кишмариа Татиана Москалькова иҭабуп ҳәа лалҳәеит асеменир ахь лааԥхьаразы, - «Ҳара даара ҳаигәырӷьоит абри аҩыза алшара. Аԥсны аҳәынҭқарра иҟоу ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу аппарат аусзуҩцәа рквалификациа ашьҭыхра алшара ҟалеит, 2023ш. Москва ҳнапынҵақәа ахьаҵаҳҩыз аиқәшаҳаҭра иабзоураны. Ҳәарада, ҳԥышәеи ҳдыррақәеи, ҳаппаратқәа рхеибарҭәаара, ҳаиҩызаареи ҳусуреи рышьақәыргылара, Аԥсны аҳәынҭкарреи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа арӷәӷәаразы ихадароуп ҳәа агәраганы сыҟоуп».


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра