Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Анас Кьышьмариа ААТЕ аиубилеи рыдылныҳәалеит
06.11.2023

Ҳаҭыр зқәу Ирина Шьоҭа-иԥҳа, Аԥсуа Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра!

Иахьа, Аԥсуа аҳәынҭқарратә телехәаԥшра 45-шықәса ахыҵра амш аҽны, аенергиа згым, апрофессионалтә коллектив шәиубилеитә мшы гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит!

Аԥсуа телехәаԥшра – ҳреспублика иқәынхо ажәлар ирыхьӡырҳәаганы иҟоуп, уи аԥҵара аҭоурыхи аусуреи ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра иузаҟәымҭхо иадҳәалоу хәҭаны иҟоуп.

Хымԥада иазгәаҭатәуп, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы ателехәаԥшреи арадиои русурақәа мышкы иадамзаргьы иаанкылаӡамызт. Ҳаамҭазтәи ААТЕ аҟны аус зуа ажурналистцәа рҟынтә ирацәаҩны иара анаԥҵаз амш инаркны аус руеит, уи иаанарԥшуеит шәус гәыцқьала азнеира.

Ҳара ҳзы гәахәара дууп аус шәыцура! Акырӡа зҵазкуа ахҭысқәа ҳажәлар иахьрылашәырҵәо ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. Ишәзеиӷьаҳшьоит ԥхьаҟатәи аҿиара, иҿымцәаауа аҟазаратә гәаҳәара, ақәҿиарақәеи агәырӷьарақәеи бзиа ижәбо шәзанааҭ аҿы.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра