Аԥсны-Аинформ
08.11.2018

Аԥсны-Аинформ

Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Асида Шьаҟрыл ахҳәаа ҟаҵо дықәгылеит иазгәалҭеит Апрокуратура Хада иазхьаԥшырц АИХ атәылауаҩы Ҳаџьараҭ Ҭарсман иус иазку амаҵурауаа иҟарҵаз рҳәахьақәа ргәаҭарақәа мҩаԥнагарц АА АУ 288 ахәҭаҷ «Амаҵуратә зинмчрақәа реизырҳара» захьӡу анормақәа реилагара амаҭәар ала насгьы ииашам аинформациа уаанӡа иаладырҵәахьаз аԥырҟәҟәаразы азнеишьақәа разыԥшаара.

Ԥыҭҩык амаҵураҭыԥ дуқәа зманы азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа ируаку, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр – Гарри Аршба, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокурор Хада ицхырааҩ идҵақәа назыгӡо Дар Амҷба дналаҵаны, аӡбарҭа аӡбара аднакылаанӡа адыррақәа ажәлар ирыларҵон, уаҟа АТХ (ДТП) аҟны Ҭарсман Х.З. ихарара азгәаҭара иахыццакит, уи иалҵшәаны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа иԥсҭазаара далҵит.

А. Шьаҟрыл иадлыԥхьалоит анаҩс Ҭарсман Х.З. иус ала ашьауӷатә усӡбара анагӡара, егьырҭ аҭагылазаашьақәа зегьы рҟны еиԥшҵәҟьа, Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵареи жәларбжьара-дкыларатәи нормақәа хымԥада ирышьашәаланы.  

«Апрокуратура аусбарҭақәа ҳхы рзынарханы аҳәара ҟаҳҵоит ахара аҟамзаара апрезумпциа апринципқәа хымԥада ирықәныҟәаларц аӡбаратә усеилыргара мҩаԥыслонаҵы, аха ари ихадараӡоу апринцип иқәымныҟәозар, анырра рыҭатәуп азакәан иашьашәаланы», - иара убас иазгәаҭоуп ауаҩы изинқәа рзы Азинмчра змоу ларзаҳал аҟны.

*** АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АУАҨЫ ИЗИНҚӘА РЗЫ АЗИНМЧРА ЗМОУ ЛАРЗАҲАЛ

«Ауаҩы изигқәа рзы Азинмчра змоу Лофис аҟны изныкымкәа азыҳәақәа адыргалахьан акыр зыӡбахә ажәлар ирылаҵәахьаз амҩа-транспорттә хҭыс. Цәыббрама 8, 2018 ш. амҩаду на «Ԥсоу – Егры» иҟалаз автомашьынақәа реиҿасра, руак амарка ВАЗ-2199 иақәтәаз Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩы Ҭарсман Х.З. иоуп аԥсҟы зкыз, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара Аппарат иатәыз автомашьына амарка Toyota Camry. Ари аиҿасра иалҵшәахеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа иҭахара.

Азинхьчаратә усбарҭақәа рмаҵурауаа аӡбарҭа аусӡбара аднакылаанӡа изаамҭанымкәа Амҩатә машәыр иахыццакуа Ҭарсман Х.З. ихарара ахәшьара арҭеит.

Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу арҭ амаҵурауааи амассатә инафорпмациатә хархәагақәа рхаҭранакцәеи рҳәахьақәа рзы агәҭынчымра аалырԥшит, избан акәзар урҭ ахарара азгәаҭоуп аӡбарҭа аус еиларгаанӡа, иара убас ала ахарамра апрезумпциа апринцип еиларгоит, уи еиқәнаршәоит дарбанзаалак ауаҩы закәанла аӡбаратә усеилыргара изеиҿкаара.

Цәыббрамза 9, ауаҩы иԥсра лҵшәас иззыҟалаз амҩатә машәыр нахыс адырҩаҽны, абрифинг иалагӡаны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Аршба Гарри Анатоли-иԥа иазгәеиҭеит атәылауаҩы Ҭарсман Х.З. аԥыза-министр имашьына дзықәтәаз ала амҩатә машәыр дақәшәеит анаркотикатә маҭәашьар ицәа ишалаз. Иара убри амш аҽны «Спутник Аԥсны» асаит аҟны иркьыԥхьит (Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокурор Хада ицхырааҩ идҵақәа назыгӡо Амҷба Даур Фиодор-иԥа дарбаны), «автомашьына ВАЗ-2199 арныҟәцаҩ Ҭарсман Х.З. анаркотикатә маҭәашьар ицәа иалан» ҳәа. Анаҩс, цәыббрамза 12, 2018 ш. «Амшеикәшара аамҭа» захьӡу ателехәаԥшратә ҭыжьымҭа «Абаза ТВ» аканал аҟны Апрокурор Хада ицхырааҩ идҵақәа назыгӡо Амҷба Д.Ф. аусеилыргара иазку аинтервиу аиҭеит, уаҟа иазгәеиҭеит атәылауаҩы Ҭарсман хәҭаклатәи ихарара. Цәыббрамза 21, 2018 шықәсазы Апрокурор Хада ихаҭыԥуаҩ Ешсоу Иван-иԥа Какалиа Аԥсуа телехәаԥшрахьы аинтервиу анаиҭоз иазгәеиҭеит, аекспертиза имҩаԥыргаз инақәыршәаны, Ҭарсман Х.З. амҩатә машәыр данақәшәа анаркотикатә рҩашьыга ицәа ишаламыз, хыхь иазгәаҭаз аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистри апрокурор Хада ицхырааҩи и.н. рҳәахьақәа фақтла дырҿагыланы.

Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу хшыҩзышьҭра алҭоит цәыббрамза 9, 12 рзы аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа ажәлар ирыларҵаз рҳәахьақәа аилыргара зламзи ахараҵаратә ҵакыи ирыманы ишыҟаз. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа ажәлар ирыларҵаз аинформациа ихарҭәааны аҭҵаареи агәаҭареи агын.  Ас еиԥш иҟоу ахараҵаратә арзаҳалқәа азакәан иаҿагылоит аӡбаратә напхгара ахьӡ-аԥша еиҵартәуеит, атәылаҿы иҟоу изаҵәу аусӡбаратә иашара институтк аҳасаб ала (АА Аконституциа ахәҭаҷ 68). Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа ажәлар ирыларҵаз рҳәахьақәа цәыббрамза 9, 12 рзы АА Аконституциа ахәҭаҷ 22 аԥҟара еиланагоит («Ахра зду ихарам ҳәа иԥхьаӡоуп, ихарара шьақәырӷәӷәахаанӡа насгьы амчра зауз аӡбаратә ӡбамҭала еиқәыршәахаанӡа»), иара убас жәларбжьаратәи астандартқәа ирҿамгылозар, ауаҩы изинқәа рзы Азеиԥш декларациаҟны ишьақәырӷәӷәору (аҟә.1 ахә.11), атәылауаҩратәи апорлитикатәи зинқәа знырԥшу Жәларбжьаратәи апакт аҟны (аҟә.2 ахә.14), ауаҩы изинқәа рыхьчарие ихадароу ахақәиҭреи ирызку Европатәи аконвенциаҟны (аҟә.2 ахә.6).

Хыхь иазгәаҭоу жәларбжьаратәи аусшәҟәқәа напхгара рыҭо, ауаҩы изинқәа рзы Европатәи Акомиссиа иазгәанаҭоит амаҵурауаа ахара зду аӡбарҭа аус еилнаргаанӡа ажәлар рыларҵәара шыҟамло. Ари аҭагылазаашьа аҳәынҭқарратә харадҵаҩцәагьы ирызкызар ҟалоит. Иара убри аамҭазы Акомиссиа иаӡбеит аҳәынҭқарра амаҵурауаа аусеилыргара иазку адырра ажәлар ирыладырҵәароуп ҳәа, ахара зду, ма издызарц зылшо. Аха, ас еиԥш иҟоу адыррақәа ауаа рыладырҵәауа, ахара здырҵо макьана ихарара шеилкаам, аӡбарҭа аус шаднамкылахьо азгәарҭалароуп.

Ҭарсман Х.З. изинқәа реилагара ахьыҟалаз иреиуоуп аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба иара убас Апрокурор Хада ицхырааҩ и.н. Амҷба Д.Ф. ари аҭагылазаашьа рықәымныҟәара. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа 2018 шықәсазы цәыббрамза 9 инаркны 12-нӡа Ҭарсман Х.З. ихарара иазку адырра ажәлар ирыладырҵәаз ганкахьала ахара шиашоу ажәлар агәра днаргоит, даҽа ганкахьала – икомпетенттәу аӡбарҭақәа ауаҩы изинқәа еилаго аӡбарҭатә усеилырагара ииашарылеи ԥсыцқьарылеи анагӡаразы ахәшьара рыԥсахуеит. Амаҵурауаа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аҳәынҭқарреи иааидкыланы аофициалтә позициа азгәаҭауа, рыуаажәларратә қәгыларақәа рҿы ахарамра апрезумпциа аҟнытә рҳәахьа еиқәдыршәароуп изхарарҵо ишихароу ала иқәымгылалароуп аӡбарҭа иара ишихароу ала иҟанаҵаз аӡбамҭа азакәантә мчы аиуаанӡа.

Хыхь иазгәаҭоу хшыҩзышьҭра азуа, ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи реиқәыршәара хықәкыс иганы, Азинмчра змоу апрокуратура Хада иазхьалырԥшуеит атәылауаҩы Ҭарсман Х.З. иус ала ахәҭаҷ 288 АА АУ «Амаҵуратә зинмчрақәа реиҳаратәра» инақәыршәаны АИХ рҿы амаҵурауаа рҳәахьақәа ргәаҭара насгьы хыхь ирҳәахьаз иҵабыргым адыррақәа шиашам ала ажәлар рыларҵәаразы азнеишьақәа азырыԥшаарц.  Азинмчра змоу иазхьалырԥшуеит анаҩс ашьауӷатә усӡбара атәылауаҩы Ҭарсман Х.З. иус ала, егьырҭ аусеилыргарақәа рыҟнеиԥшҵәҟьа, Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵареи жәларбжьарала-иадкылақәоу анормақәеи хымԥада инарықәыршәаны.

Апрокуратура аусбарҭақәа иазхьаҳарԥшуеит ахарамра апрезумпциа апринцип хымԥада иақәныҟәаларц ашьауӷатә усеилыргара апроцесс мҩаԥысланаҵы, ихадараӡоу апринцип еилагахозар, анырра аҭатәуп азакәан аҟны ишьақәгылоу аԥҟарақәа инарықәыршәаны». 


Шьҭахьҟа

Азыҳәа анашьҭра