Аԥсны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Асида Шьаҟрыл – атәылаҿы аструктура ҿыц ауснагӡатәқәеи аперспективақәеи ирызкны.
13.08.2018

Аԥсны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Асида Шьаҟрыл – атәылаҿы аструктура ҿыц ауснагӡатәқәеи аперспективақәеи ирызкны.

Аҟәа. Нанҳәамза 13. Аԥсныпресс

Атәылаҿы ҿыц иаԥҵоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу иинститут аҿаԥхьа иқәгылоу ахықәкқәа зеиԥшроу насгьы аусушьа шеиҿкаау иазкны Аԥсныпресс иазеиҭалҳәеит Аԥсны Омбудсмен Асида Шьаҟрыл. Асида Гьаргь-иԥҳа, акыр шықәса Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу иинститут ыҟан атәыла Ахада иҟны, уажәы ахала ишьақәгылоуп. 4 мыз ҵит, Шәара шәалырхит ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу шәакәны. Шәҿаԥхьа иарбан уснагӡатәқәоу иқәшәыргыло? Зегьы раԥхьаӡа иргыланы иазгәасҭарц сҭахуп ҿыц ашьақәгылара мҩа ианылаз зхы иақәиҭу, идемократиатәу ҳҳәынҭқарразы Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу аинститут аԥҵара акырӡа ишаҵанакуа. Ари ашьаҿа иҳанаҳәоит Ҳконституциаҟны, мамзаргьы егьырҭ азакәанқәа рыпринципқәа рҟны ауаҩы изинқәа еиқәзыршәо аҭагылазаашьақәа еиҿызкааша иага иарбазаргьы, аԥсҭазаараҟны урҭ нагӡахартә еиԥш аструктура еиҿкааны иҟазарц ишахәҭо. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ауаҩы изинқәа реилагара лассы иаҳԥыло ҳалагеит, убри аҟнытә Азинмчра змоу аинститут атәылаҿы азинқәа, ахақәиҭра, иара убас азакәанра аиқәырхараҿы ихадароу даҽа механизмк аҳасаб ала иҟалар алшоит. Ихадароу, еилкааны иҟазар ауп, ари аинститут – уажәшьҭа иргылоу акы акәны ишыҟам (ҳгәы ҳнархьратәы иҟазаргьы, ус иҟалоит ҳара Ҳконституциаҟны), уи «инагӡоуп» ҳәа мацараны ишыҟам ауснагӡатәқәа рганахь ала. Уи зҭаху ҳара ҳауп, абри атәыла иқәынхақәо, ауаа еиқәырхарак рымамкәа инымхарц, аԥсҭазаара еиқәырхагатә ҭагылазаашьақәа рыда инымхарц, насгьы егьырҭ алшарақәа рыда, урҭ зегьы хымԥадатәуп ихарҭәаау, изықәнагоу аԥсҭазаара амҩаԥгаразы. Азинмчра змоу аинститут аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рганахь ала ауаҩы изинқәа еиламгахарц хылаԥшра азнауеит. Абри ауп хықәкы хадас иамоу. Аха зегьы ирдыруама ас еиԥш иҟоу аинститут шыҟоу, насгьы ахымԥадатәра ҟалозар иахьадҵаалатәу? Сгәы иаанагоит ирыздырӡом ҳәа. Аус злоу ҳара аофисҵәҟьа макьана иҳамаӡам аҭагылазаашьа ҭынч аҿы ауаа ҳадкыланы уадаҩрақәас ирымоу ҳарзыӡырҩыртә еиԥш. Аамҭала ҭыԥс иалаҳхит Агуманитартә Программақәа Рцентр аҟны ауада, ауаагьы абраҟа рыдкылара еиҿаҳкаахьеит. Аиашазы, ҳара иаҳзалхуп Амилаҭтә библиотекаҟны ауада, аха уи макьана аусуразы ишьақәыргыланы иҟам. Уажәы ҳара ҳԥаратә ҵәахырҭахь аԥаратә хәыԥса ҭалахьеит, аргылаҩцәагьы, ишақәнагоу еиԥш аиҭашьақәыргыларатә усура напы адыркит. Иаҳҭаауа рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа аԥҵатәуп. Аха абраҟа иҵегьы ихадаразар ҟалап, ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу аофис ахь иаҳҭаауа ауаа иарбан проблемақәоу ирыманы иаауа еилырккаларц насгьы урҭ ацхыраара рыдгаларазы ирзыҟаҵатәу арбан? Ҳара ҳҿаԥхьа иқәгылоу ахықәкқәа ируакуп иаҳҭаауа ауаа ирымоу апроблемақәа рҿы рзинқәа реилагара шацу дырбара, иконкреттәу ауаҩы ацхыраара идгалауа, еиуеиԥшым аструктурақәа рҟны аиашамра изықәшәаз дырбара анаҩысгьы, дара рзинқәа шеилагоу атәы деилыркаара, насгьы ари азакәанеилагара ачынуаҩ иҟынтәи ишаауа. Насгьы ачынуаҩ анырра убас иҭатәуп, ари аҭагылазаашьаҟны иара ас еиԥш ахымҩаԥгаразы азин шимам еиликаартә еиԥш. Даҽакала иаҳҳәозар, апарадигма аиҭныԥсахлара убас иҟалароуп – амаҵуратә уалԥшьақәа хьаас амкра ачынуаҩи аусуҩи рыбжьара ауаҩи атәылауаҩи рзинқәа реилагарак аҳасаб ала иахәаԥшызар ҟалоит. Иара убри анаҩс, ауаҩы изинқәа реилагара иадҳәалоу еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа анализ рызуа, урҭ рыҟалара амзыз еилкаатәуп, насгьы ари апроблема асистематә ҟазшьа амазаргьы еилкаатәуп. Ус иҟаҵәҟьазар, иҟалап мзызс иҟоу ибзиамкәа иҩу азакәан акәзар, иҩу азакәан аҟны еиҿагылоу, мамзаргьы аҩышьаҟны аԥара акоррупциа аҟазааразы алшара азҭо ҭыԥқәак ыҟазар. Иҟалап апроблема ахьыҟоу ари азакәан ҳаамҭазтәи анапхгара асистема иақәымшәозаргьы, избанзар ҳтәылаҿы асоветтә аамҭа иатәу аха макьана амч змоу азакәанқәа маҷым, урҭ егьырҭ азакәанқәа ирҿагыло иҟоуп. Мамзаргьы азакәан ахаҭа идискриминациатәуп, иаҳҳәозар, атәылауаҩразы Азакәан еиԥш, уаҟа «изакәантәу» ауаҩы изинқәа реилагара ыҟоуп, избанзар ачынуаа, атәылауаҩразы Азакәан инақәыршәаны, Аԥсны атәылауаа рзинқәа еиларгоит. Ус анакәха, ари Азакәан аилыргара иазхьаԥштәуп ауаа азинтә еилагара рацәыхьчаразы. Иҟалап аилагарақәа азакәан системала анамыгӡара иадҳәалазаргьы, иааидкылангьы, анапхгара асистема аԥсахра ҟалароуп. Убри аҟнытә ҳара ҳусӡбатә хадақәа ируакхеит - иконкреттәу ауаа иконкреттәу рыпроблемақәа анырра рыҭауа, исистематәу апроблемақәа рыԥшаареи апозитивтә ԥсахрақәа рзы ахатәы лагалақәа ралагалареи. Шәызлагазеи насгьы ишәзыҟаҵахьоузеи? Зегьы раԥхьаӡа иргыланы, акоманда хымԥада иаԥҵатәын, иага уи азы ауадеи атехникатә ҭагылазаашьақәеи ыҟамзаргьы. Ҳара иҳалшеит ари аҟаҵара. Азиндырыҩцәа ҳадаҳкылеит, иҳадҵаало атәылауаа ацхыраара рыдгаларазы идуум аштат еиҿаҳкааит. Ҳара ҳзиндырыҩцәа – қәрала иқәыԥшу, зыквалификациа ҳараку, зусура иагәыланахало роуп. Ҳәарада, уи азы аԥышәа ду аҭахуп, аха уи аамҭа иацаауеит. Ҳаԥхьаҟа аппарат аизырҳара, ахырхарҭақәа рыла аихшара насгьы иҵегьы азакәанԥҵара, ашьауӷатәи атәылауаҩратәи зинқәа бзианы издыруа апрофессионалцәа радыԥхьалара хықәкыс иаҳзышьҭоуп. Ари хымԥадатәуп, избанзар азыҳәарақәа реиҳарак аӡбарҭаҿы иҟақәоуи, иҭакқәоуи ахара зыдқәоуи роуп изыдҳәало. Азинмчра змоу иусураҿы ихадароуп анапхгараҿы аимадарақәа раԥҵара еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рҟны – иреиҳау анапхгарақәа, еиуеиԥшым аминистррақәа, аҭыԥантәи анапхгаратә усбарҭақәа рҟны. Апроблемақәа рыӡбараҿы ари ихымԥадатәу ҭагылазаашьаоуп, атәылауаа рҟны ицәырҵқәо. Еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны Азинмчра змоуи арҭ аусбарҭақәеи рыбжьара аимадара ыҟамзар, аусура аанкылахоит. Анагӡаратә мчреи егьырҭ амчрақәа рхырхарҭақәеи ауаҩы изинқәа рзы Азинмчра змоу имадара ишақәнагоу рзеиҿкаам ҳәа шәҳәарц шәҭахума? Сара исызҳәаӡом ас еиԥш аусқәа есымшааира еиҿкааны иҟоуп ҳәа. Ҳәарас иаҭахузеи, ицәырҵуа азҵаарақәа рыӡбараҿы ибзиаӡаны насгьы ԥсыцқьала иадгыло ачынуаа ыҟоуп. Аха иааидкыланы, сара сгәаанагарала, апроблема ду ыҟоуп – Азинмчра змоуи егьырҭ аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи иконструктивтәу аимадара аҟамзаара. Иаҳҳәозар, иӡбам аусқәа змоу ауаа ҳадҵаалоит, аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа, еиуеиԥшым аусбарҭақәа, апрокуратура рыҩаӡарала азҵаара аӡбара зҭахқәо. Ҳара азыҳәақәа ҳаҩуеит, аха аҭак ҳарҭаӡом. Иҟаҵатәузеи ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы? Ари зегьы реиҳа ихадароу зҵаароуп. Азинмчра змоу ииӡбогьы маҷӡам, акыр аҵанакуеит иалихуа азнеишьа. Иҟалап, ииашазар, азакәан ишаҳәо ала аусқәа уӡбозар. Аҳәынҭқарратә усзуҩы Азинмчра змоу инапы зҵаиҩыз азыҳәа даназхьамԥшуа, апрокуратура Хада иадҵаалатәуп, ачынуаҩ азакәан инақәыршәаны дахьырхәызарц азы. Ари аҭагылазаашьаҿы, аӷацәеи, адымгылаҩцәеи, иуҿагыло аоппонентцәеи уусура алагамҭаҿы иурҳауеит. Ас еиԥш иҟоу амҩа уанымҵуа, аизыҟазаашьақәа уруадаҩуеит, ачынуаа рҟынтә иҟалоит зыҟны арҭ аизыҟазаашьақәа уруадаҩуа. Аха апрокуратуреи аӡбарҭеи рҟынӡа аус наумгар ҟалоит. Ихадоу знеишьаны иҟоуп – аҳаҭыреиқәҵаратә еизыҟазаашьақәа раԥҵара, аколлегацәа азеиԥш ус ҳшаҿу ала агәра дыргара, уи азы ихадароуп аусбарҭақәа азыҳәарақәа заа рҭак азыҟарҵарц. Даҽа уадаҩрак сзықәшәо – апрокуратура Хада аҟнытә аҿымҭра аныҟало ауп. Сгәы иаанагоит ари зегьы реиҳа идуу проблемоуп ҳәа. Апрокуратура уснагӡатә хаданы иҟоу – ауаҩы изинқәа рықәныҟәареи атәылаҿы азакәантәреи агәаҭара рзура. Аха апрокуратура азыҳәарақәа ирызхьамԥшуазар, аусшәҟәқәа аҭак рнамҭалозар, иарбанзаалак аинформациа иаднамгалозар, иҟаҵатәузеи усҟан? Апрокуратура хадазы аӡбарҭахь садҵаалароуп аума иаанаго? Ари ииашам ҭагылазаашьоуп. Аҳәынҭқарра азакәанқәеи, адемократиатә принципқәеи ирықәымныҟәозар, аха қәныҟәагас даҽа принципқәак амазар, ишԥаҟаҵатәу ари аҩыза аҭагылазаашьаҿы? Даҽа знеишьак ауаҩы изинқәа рзы Азинмчра змоу илымаӡам. Ари алҵшьа змам уадаҩроуп. Избан убас изыҟало? Иҟалап, ҳчынуаа ауаҩы изинқәа рзы Азинмчра змоу лусура цқьа ирзымдыруазаргьы, избан акәзар ари иҿыцу аинститут ауп. Дара цқьа еилырганы ирымаӡам сара инасышьҭуа азыҳәарақәа рыдҵаалара иаԥсоу иаԥсаму, ирыдҵаалозар, уи шԥарзыҟаҵо? Аха ара иазгәаҭатәуп Азинмчра змоу изку Азакәан инақәыршәаны ачынуаа изакәантәым рхымҩаԥгашьазы аҭак ҟарҵароуп насгьы ауаҩы изинқәа реилагаразы аҭакԥхықәра рхахьы иргароуп. Ииашаҵәҟьаны, Азинмчра змоу аиашамрақәеи азинеилагарақәеи рыԥшааразы азинқәа маҷымкәа имоуп. Иара имоуп алшара аусшәҟәқәа роуразы аҳәара аҟаҵареи урҭ рыдкылареи; аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа, аҭыԥантәи ахалапхгара аусбарҭақәеи амаҵурауааи рҟынтә аҭакҟаҵаратә дыррақәа рыдкылара; ашьауӷатәи атәылауаҩратәи аусқәа реилыргара, зусеилыргара адыркхьоу аусқәа, ашьауӷатә ус ахацыркрагьы мап зызцәыркыз аусшәҟәқәагьы. Ачынуаҩ иарбанзаалак аҩаӡара дызҵанакуазаалакгьы, ауаҩы изинқәа рзы Азинмчра змоу иара иусура иадҳәалоу азҵаарқәа рыла идымкыларазы азин имам. Насгьы, аҵыхәтәан, азакәан аҿы излаҳәо ала, аҳәынҭқарратә мчрақәа русбарҭақәеи амаҵурауааи, Азинмчра змоу иҟынтә алҵшәаус здызкылақәаз, еилагаз азинқәа рганахь ала ирыдыркылаз азнеишьақәа ртәы рымҳәазар, Азинмчра змоу ари аус ала аӡбарҭа дадҵаалар илшоит. Ачынуаа ҳусуразы дгыларак аадмырԥшыр насгьы Закәанла ишьақәырӷәӷәоу азинмчра иаҿагылозар, аӡбарҭа садҵаалар акәхоит. Ари аетап азы усцыԥхьаӡаҿы аилыргарақәа мҩаԥызгалароуп избан ачынуаа рахьтә џьоукы сара сзыҳәарақәа аҭак зазыҟарымҵо, Омбудсмен изинмчрақәа ирызкны ирымам аинформациа иалҵшәахоу, мамзаргьы аҟазшьа ҷыда арбагақәа ируаку. Иарбан проблемақәоу ҳауаажәлар ирымоу урҭ ҳара ианҳадҵаало? Шәара ишәҳәарц шәылшоит шәара шәусура аамҭа иалагӡаны иарбанзаалак аус аҵыхәтәанынӡа анагара шәылшәыршеит ҳәа мамзаргьы иконкреттәу ауаҩы ацхыраара идыжәгалеит ҳәа? Ҳәарада, ааи. Апроблемақәа еиуеиԥшымызт. Аус азакәанԥҵара иаҳәаламзар, атәылауаҩратә шәҟәқәа рызшара ишадҳәалаз еиԥш, усҟан уи даҽа перспективак аиуеит. Ҳара иҳадҵаалоит аус даара ианыцәгьоу, уи аӡбара акыр ианыуадаҩу. Аха, аиҳарак, иҳадҵаало ажәлар атәылауаҩшәҟәқәа рызшара азҵаароуп хадаратәла изызку (Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩы итәылауаҩшәҟәы аԥсахра апроцесс уаанӡа ирыдгалақәаз иҿыцу ала фақтла Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩра ашьақәыргылара апорцесс иаҩызахеит), азинтә гәаҭара қәнагала акыр иуадаҩхеит. Ааскьа, иадкылақәаз ԥсахрақәак иҟаз азҵаарақәа рахьтә ԥыҭк ықәнагеит, аха, уеизгьы урҭ зегьы рықәгара залмыршахеит. Аилагарақәа ирызкны азинхьчаратә усбарҭақәагьы ианрыдҵаало маҷым, иахьҭаку аҭыԥ аҿы ҭагылазаашьақәак рызҵаарала. Ара зыӡбахә ҳәоу, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа рзинмчрақәа шеиҳарартәуа ауп. Иҟоуп ашшрақәа иҭаку рҭакышьа зыдҳәалоугьы, иҭакқәоу ӷәӷәала ианырыԥҟо, изықәнагоу амедицинатә цхыраара ианаамҭоу ианрыдрымгало, урҭ изықәнагам аҭагылазаашьақәа рҿы ианҭаку. Лассы-лассы адукатцәагьы ҳадҵаалалоит. Араҟа иҳәатәуп, ари аганахь алагьы азинхьчаратә усбарҭақәа рахьтә азҵаара рацәа иҳамоу азы ҳзыҳәарақәа рҭак азыҟарҵом. Ас анаҩсгьы иҟалар, ҳара ари азҵаара Апарламент аҿгьы ишьҭаҳхыр акәхоит. Убри еиҳангьы, есышықәсатәи ихымԥадатәу ҳақәгыларақәа рҿы ауаҩы изинқәа рҭагылазаашьа иадҳәалоу аҟны иазгәаҳҭоит адгылара иахьҳарымҭазгьы. Шәара есышықәса ишәкьыԥхьлома ауаҩы изинқәа ирыдҳәалоу ажәахәқәа? Ааи, ҳара азакәан ишаҳәо ала есышықәса Аԥсны ауаҩы изинқәа рҭагылазаашьа иазкны ажәахә азҳархиалароуп. Ажәахә аҟны иалкаахоит апроблемақәеи урҭ ҟаларц ахьрылшо ахыҵхырҭақәеи. Даҽакала иаҳҳәозар, ари – иобстракттәу жәахәӡам, аха азакәанеилагарақәа ахьаныԥшу иконкреттәу жәахәуп. Шәара уажәшьҭа акыр шықәса ҵуеит азинхьчаратә зҵаарақәа шәырҿуижьҭеи. Шәԥышәа аҟнытә иарбан проблемақәоу ауаҩы изинқәа реилагарахь иназго? Ихадоу проблеманы иҟоуп – ачынуаа азинеилагаразы аҭакԥхықәра рхахьы ианырымго. Проблемас иҟоу абжьаратә чынуаҩ имариаӡаны азакәан еилеигоит, избан акәзар аиҳабацәагьы уи ҟарҵоит, уи азы иара аӡәгьы дахьирхәӡом. Иаԥҵахоит залҵшьа уадаҩу аҭагылазаашьа. Асоветтә аамҭазы аҭыԥантәи ачынуаа Москвантәи анырра иҟаларц зылшоз иацәшәон. Ирацәаҩны ргәы иаанагоит русураҟны агәаҭарақәа мҩаԥымсуазар, ауаҩы изинқәеи азакәани реилагара ҟалоит ҳәа насгьы уи азы ахьырхәра иақәшәаӡом ҳәа. Ҳара хыԥхьаӡара рацәала атәылақәа ҳазхарҵазҭгьы, жәларбжьаратәи аконвенциа ҳалахәызҭгы, усҟан аҳәынҭқарра аҭакԥхықәра жәларбжьарала ишьақәырӷәӷәахон ус анакәха агәаҭарагьы ҟалон. Ари аганахь ала ҳчынуаа рнапқәа еиужьуп, иарбанзаалак жәларбжьаратәи гәаҭарак ҳәа акгьы ыҟам. Аха ҳара иаҳхамышҭлароуп Аԥсны аҿаԥхьа аусӡбатә ду шазышьҭоу – ҳаамҭазтәи ҳәынҭқаррак аҳасаб ала ҳшьақәгылараны ҳшыҟоу, уи зынагӡахаӡом ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи ирықәымныҟәозар, атәылаҿы иадкылақәоу азакәанқәа аус рымуазар. Аҭагылазаашьа аԥсахразы иарбан раԥхьатәи шьаҿоу иҟаҵатәу? Зегьы реиҳа ихадароу, атәылаҿы ииашаратәуи ихьыԥшыми аӡбарҭа ыҟазар ауп. Ҳара аӡбарҭақәа рыҩаӡарала изакәантәым азнеишьа ҳадаҳкылозар, ауаҩы азинӡбара агәра имгозар, усҟан акгьы аҽаԥсахӡом. Апрокуратурала, азакәан ҳавсны, азҵаара аӡбара ҳалшозар, атәылаҿы азинеиҿкаашьа зыҟалаӡом. Азинхьчаратә системаҿы ауаҩы изинқәа ирызку адырра ыҟамзар, зыхә ҳараку ак еиԥш, ари ахьырхәратә усбарҭаны ишыҟам аилкаара ыҟамзар, ари асистема излалшоузеи ауаҩи атәылауаҩи рзинқәа рыхьчара? Азинтә ҳәынҭқарра аргыларазы ихадараӡоу аԥсахрақәа алагалатәуп. Даҽа ганкахьала, акырӡа ихадароуп ауаа рхаҭа ауаҩы изинқәа рыхьчара иадҳәалоу аусура закәу еилыркааларц, усҟан шьаҭара змам ашәара акыр имаҷхоит. Ауаҩы изинқәа ииашароу атәылаҿы иҟаларц шалшо еиԥш ишьақәгылар, усҟан ухаҿы иузаамго иҟалоит Аԥсны 40-тәи ашықәсқәа рзы иҟаз ахҭысқәа. Усҟан, уахык ала аԥсуаа зықьҩыла русшәҟәқәа еиқәыршәан, урҭ ишырзымдыруаз рыжәлақәеи рмилаҭреи иақырҭуаны ианырыԥсах. Ҳара ас еиԥш иҟоу ҳҭоурыхтә ҿырԥштәқәа ҳхамышҭыр ауп. Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу лаҳасаб ала, акыр ихадараны исыԥхьаӡоит ауаҩы изинқәа ирызкны ауаа адыррақәа рыларҵәара, аҵарадырра иахьаҵанакуа аԥсахрақәа алагалатәуп. Хыԥхьаӡара рацәала ауаа ашколқәа ирылгоит, атәылауаҩратә дыррақәак ҳәа акгьы рымамкәа, ауаҩы изинқәа ркатегориақәа рыла изхәыцӡом. Атәылауаҩратә рҵара арҵаратә процесс иахәҭакны изыҟалозар, усҟан ауаа ирдырлоит иарбанзаалак ҩаӡарала рзинқәа рыхьчарц шрылшо, адемократиатә форма хархәара азурала. Аха ауаа реиҳарак ргәы иаанагоит дара рыпроблемақәа даҽаӡәы иӡбароуп ҳәа. Абар иҟалеит Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу аинститут, иҟалалоит ауаа иарбанзаалак азҵааразы «дабаҟоу Азинмчра змоу, изақәҿиимҭуазеи?» ҳәа анырҳәо. Макьана иҟам аилкаара Азинмчра змоу, зыклиентцәа ринтересқәа зыхьчо, ауаа рыбжьара аиҿыхарақәа иҟало еилзырго адукат инапынҵақәа шынеимыгӡо. Азинмчра змоу хықәкыс имоу – аҳәынҭқарра қәнагала ауаҩы изинқәа рыхьчараҿы ацхыраара аднагаларц ауп. Убри аҟнытә ҳтәылауаа ԥыҭҩык рахьтә гәынамӡарақәак саҳауеит урҭ, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рганахь ала азинеилагара ахьыҟам риндивидуалтә усқәак реилыргараҿы ацхыраара ахьрыдсымгало. Аинтересқәеи азинқәеи еиԥшымзаарас ирымоузеи? Аинтересқәа иара убасҵәҟьа иҟалар рылшоит ауаҩы изинқәа ирыдҳәалоу аиҿыхарақәа рҿы. Иаҳҳәап, ауаҩы ипроблема иӡбарц иҭаххеит, ишииӡбо акәым иара дзызхәыцуа, аха уи ӡбазарц ишахәҭоу ауп хшыҩзышьҭра зиҭаша. Ари апроблема атәы ҳҳәозар, уи еснагь ауаҩы изинқәа реилагара иадҳәалаӡам. Еицырдыруа ашьауӷатә усқәа рзы иансыдҵаало маҷым. Ҳәарада, Азинмчра змоу ианаамҭоу азакәанеилагаратә хҭысқәа анырра риҭар ауп. Аха уи есымша Азинмчра змоу икомпетенциахь иаҵанакӡом, азинхьчаратә усбарҭақәа, апрокуратуреи аӡбарҭаҵәҟьеи русура дара рцынхәрас иананагӡоит, аха уи азы, даара срыцхаарц сҭахызаргьы, азин сымам. Сара суснагӡатә – урҭ азин иахьынӡақәныҟәо ацклаԥшра ауп. Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу иажәахә иҳаҳарц анбаҳалшо? Ашықәс анҵәамҭазы.



Шьҭахьҟа

Азыҳәа анашьҭра