Лассы-лассы амассатә информациатә хархәагақәеи асоциалтә ҳақәеи рҟны ахалахақәыӡбара иазку аинформациа цәырҵуеит. Аиҳарак ари аҭагылазаашьа иақәшәо иреиуоуп аҳәса, изыхҟьоугьы урҭ рыуацәа роуп.
18.06.2018

Аинформагентра «Аԥсны-Аинформ» ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Асида Шьаҟрыл ари аҭагылазаашьа дахцәажәарц аҳәара ҟанаҵеит.

Асида Шьаҟрыл: Атәылаҿы иҿиаз акриминалтә ҭагылазаашьа хымԥада иаанкылатәуп. Есышықәса уаҩымрала аҳәса ршьуеит, иҟазҵоугьы рҭынхацәа роуп, рыхьӡ-рыхьымӡӷ иара убри ала еиқәдырхарц, иԥхашьаз, дара ргәы излаанаго ала, аԥсуа культура иашьашәаланы рхымҩаԥгашьа адкылара ззамуа. Иара убри аамҭазы еилкаатәуп, аԥсҭазааратә принципқәеи аԥсҭазаараҟны акыр зҵазкуаны иҟақәоуи рморалтә хәшьара азинтә нырраҿы ишыҟам, убри аҟнытә ари азҵаараҟны хазы игоу ауаа рызҵаара аӡбара азинхьчаратә усбарҭақәа анырра рнамҭароуп.

Иарбанзаалак азакәанеилагаратә усмҩаԥгатәқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан мацароуп ахара зеиԥшроуи уи азы ахьырхәра зеиԥшрахоуи еилызкаауа. Акыр узызхәыцша еиҿцәажәаратә зҵаараны инсыжьуеит ауаҩшьра азҵаара, аҳәса рыргәаҟра, аиҳарак зықәра маҷу ахәыҷқәа ранацәа ракәын урҭ, рыргәаҟра аҭаацәара рыхьӡ-рыԥша аиқәырхара акәын мзызс иамаз, аԥсуа жәлар ретникатә нормақәа иртәу «аметодқәа» ирышьашәалоума, акыр шәышықәсақәа ҳажәлар рыԥсҭазаара ҳәаақәызҵоз «Аԥсуара» апринципқәа ирықәнагоума? Сгәаанагарала, уажәы ҳажәлар рыҩнуҵҟа иҟоу, аԥсуа традициақәа зынӡагьы ирышьашәалаӡом.

Ахалахақәыӡбара афактқәа азинхьчаратә усбарҭақәа иазыҟарҵо анырра агәҭынчымра узцәырнагоит. Аиҳарак, хазы игоу хҭысқәак аламҵакәа, апрокуратура аусбарҭақәа ихымԥадатәу агәаҭаратә усмҩаԥагарақәа еиҿырымкааӡеит ашьауӷатә усқәагьы хацдмыркӡеит. Ашьауӷатә усқәа иага ихацдыркуазаргьы, аӡбарҭа аҟынӡа инаргаӡомызт, ахара здызгьы иаурыжьуан. Арҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟамызт хатәгәаԥхарала азинхьчаратә усбарҭақәа рахь инеиуаз.

Ас еиԥш иҟоу ацәгьаурақәа абиԥара ҿа иара убас ҳажәлар иааидкыланы анегативтә лҵшәақәа роурц шрылшо еилкаауа, насгьы ас еиԥш иҟоу ацәгьаурақәа рхыԥхьаӡара шмаҷымхо хшыҩзышьҭра азуа, сгәы иаанагоит аҵыхәтәантәи ашықәсақәа рзы аӡбарҭа аҟынӡа инарымгаз аусқәа, агәакьацәа рыла аҳәса рышьрақәа иҟаз ирзыхынҳәтәуп, иуаҩымрадоу ахымҩаԥгашьа азинтә хәшьара аҭатәуп ҳәа. Аусеилыргараҿы қәнагалатәи адгылара ҟамлар, ацәгьаура ахьырхәрадарахь иназгаз, усҟан аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәеи апрокуратуреи еиҳау рмаҵурауаа аус иақәыршәатәуп.

Ауаҩшьразы ашьауӷа ақәмыршәара даҽа шьауӷатә уск хацнаркыр алшоит иара убраҟоуп азинхьчаратә усбарҭақәа ишиашоу рҭакԥхықәра ахьыҟоу. Атәылаҿы ахалахақәыӡбара ахыԥхьаӡара аизҳара иҟоу сара издысҳәало иреиуоуп азинхьчаратә усбарҭақәа рфункционалтә хыдҵақәа қәнагала рынамыгӡара, атәыла анапхгареи ажәлари ахаҭарнакцәа ракәзар, ари акриминалтә ҟалара апринципиалтә хәшара арҭом. Ус анакәха, ҳала ишабо азакәандара аҿиара иаҿуп, аӡбарҭадеи аусеилыргарадеи аҳәса рышьра мҩаԥысуеит, уаҩышьҩыс иқәгылоугьы агәакьа иоуп.

Уи иаанаго, анапхгаратә аҩаӡараҟны гендерла амотивациа зызу аргәаҟра аԥыхразы асистема аԥҵатәуп. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа инарыгӡо ароль бзианы ирдыруазар ауп ас еиԥш иҟоу аусқәа рыҿиара ҟамларц азы, русеилырагара аҵакырацәара еилыркаауазар ауп. Ас еиԥш иҟоу ацәгьаурақәа анырра рыҭаразы амеханизм иазку ҷыдалатәи адҵа ҟаҵазароуп, урҭ ииашоу рыквалификациазы насгьы аусеилыргара аҵәахреи иеффективтәым аусеилыргареи рзы ироурц ирылшо ахьырхәразы. Азинхьчаратә усбарҭа анапхгара гендерла иҳәаақәҵоу аргәаҟрақәа аҿагылара аеффективра аизырҳаразы русзуҩцәа арҵара иахрыжьроуп. Ари аусура аӡбара аамҭа иахырԥатәӡам иагьалагатәуп иахьа, зынӡа иацыҵәҟьа ҳаламгазаргьы.

Ас еиԥш иҟоу аусқәа реиҿкаашьа анышәара зынӡагьы иҟалом, избан акәзар, иршьыз лыдагьы, лара лҭаацәа зегьы ари аус иазрыцҳаны иаанхоит, раԥхьаӡа иргыланы аныда инхаз ахәыҷқәа. Иара убри аамҭазы ирыцҳахоит ажәлар зегьы, избанзар аҿымҭра ацәгьаура иахәҭакны иҟанаҵоит, уи ажәлар «рыбзиара» иаԥырхагахоит иалҵуа анегативтә лҵшәақәагьы нацны.



Шьҭахьҟа

Азыҳәа анашьҭра