АИАХә (Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатортә хәышәтәырҭа) апациентцәа амедицинатә цхыраара рыдгалара мап ацәкра аԥыхра иазку ауаҩы изинқәа рзы Азинмчра змоу Ларзаҳал.
05.11.2020

АИАХә (Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатортә хәышәтәырҭа) апациентцәа амедицинатә цхыраара рыдгалара мап ацәкра аԥыхра иазку ауаҩы изинқәа рзы Азинмчра змоу Ларзаҳал.

Жәабран 05, 2020 ш. Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчра змоу Аппарат ашҟа адырра нашьҭхеит Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәышәтәырҭа (анаҩс – АИАХә) аҳақьымцәа апсихикатә уадаҩрақәа змоу, ирзааигәоу рыуацәа ишрыдҵаалаз, астационартә хәышәтәраҿы иҟақәоу, аамҭала аҿҳәара азгәамҭакәа аҩныҟа иргартә аҳәара ахьаадырԥшыз, уи зыдҳәалаз аҵыхәтәантәи хымз ирҭагӡаны афинанстә хәыхшәаара ахьыҟамыз ауп. АИАХә аҳақьым хада - Кәартаа Г.И. аҵыхәтәантәи хымз рыҩныҵҟа афинанстә хәыхшәаара шыҟамыз адырра шьақәирӷәӷәеит, аха иара убри аамҭазы АИАХә аҟны зҽызхәашәтәуа рбаразы алшарақәа ахьыҟамыз иахҟьаны рыуацәа рышҟа аҳақьымцәа рыҩныҟақәа рахь иргартә аҳәара шыҟарҵаз иазку адырра шьақәимырӷәӷәаӡеит. Апсихиатриатә хәышәтәырҭа. 2019 шықәсазы хәымз инеиԥынкыланы аҳәынҭқарра ахәышәтәырҭа афинанстә цхыраара аднагалаӡомызт, ачымазацәа ари аҭагылазаашьа иахырҟьаны рыхәышәтәразы ихымԥадатәны иҟоу ахәшәқәа рыла еиқәыршәамызт. Апсихикатә чымазара змоу ахәышәтәырҭаҿы рыҟазаара аҭагылазаашьақәеи аҷыдарақәеи рыҭҵаара хықәкыс иганы Азинмчра змоу ари аҭагылазаашьа лдырит 03.10.2019 шықәсазы ахәышәтәырҭа данаҭаа. Ари аамҭазы ахәышәтәырҭа афинансҟаҵара еиҭарҿыцын. Иҭышәынтәалам афинансҟаҵара аарԥшхеит ҷыдалатәи ахәшәқәа рыҟамзаараҿеиԥш, ачымазацәа иааидкыланы рбара ахаҭабзиараҿы, рыкрыфарагьы иара убас.

Апсихикатә уадаҩрақәа змоу ауаа, реиҳа иуашәшәыроу акатегориахь иаҵанакуеит, избан акәзар дара рҭахрақәа рынагӡараҿы еснагь иақәиҭӡам. Убри аҟнытә, амедицинатә усбарҭа, ас еиԥш иҟоу ачымазацәа рыхәышәтәра изнапынҵоу, зхаҭабзиара ҳараку апсихикатә цхыраара адгалараҿы реиҳа иҷыдоу аҭакԥхықәра рыдуп. Убри инамаданы, апсихиатриатә усбарҭа ихадоу аресурсқәа зегьы рыла еиқәыршәазарц ахәҭоуп, ҷыдала: а) адиагностикатәи атерапевттәи еиқәыршәагақәа, б) есымшааиратәи акомплекстә хәышәтәра алзыршо ахәшәқәа; в) зыквалификациа ҳараку амедицинатә персонал рыбзоурала ачымазацәа изықәнагоу ацхыраара рыдгалара.

Ихымԥадатәу адиагностикатәи атерапевттәи еиқәыршәагақәа рыҟамзаара иара убас ахәышәтәырҭа ахәшәтә еиқәыршәара аамҭа ахырԥара иахҟьаны ачымазацәа ргәабзиара ауашәшәырара аҭаргылара аҟәыхтәуп.

Уалԥшьа дуны ҳахәаԥшуеит атәылауаа, апсихикатә уадаҩрақәа змоу, зхаҭабзиара ҳараку ахәышәтәра аиураҿы рзинқәа реилагара, лассы-лассы ишиашоу апсихиатриатә хәышәтәырҭа афинансҟаҵара аҟамзаара иадҳәалоуп. Абри инамаданы, амедицинатә усбарҭа абиуџьет аиқәыршәара насгьы ианаамҭоу афинансҟаҵара иара ихарҭәаау аусура ишиашоу изыдҳәало иреиуоуп ачымазацәа изықәнагоу амедицинатә цхыраара рыдгалара. Уи азы ихымԥадатәны иҟоу апсихиатриатә хәышәтәырҭа аусзуҩцәа рџьа ахә ахшәаара иазԥхьагәаҭазар ахәҭоуп, урҭ инарыгӡо аусқәа амҽхаки ауадаҩреи ирышьашәало, рџьа иадҳәалоу ачымазацәа, иуадаҩу апсихотиптә еилагарақәа зызцәырҵуа рыхәышәтәраан иҟалар зылшо аморалтә уадаҩрақәа хырҩа азутәуп.

Апсихиатриатә хәышәтәырҭа аусбарҭа жәлар рзы ирежимтәуи знеирҭа ԥкуи усбарҭаны иҟоуп, насгьы уа иҟоу ачымазацәа аҳәынҭқарра аган аҟнытә иҷыдоу хылаԥшра рыҭазар ахәҭоуп урҭ рзинқәа адискриминиациа азура ҟамларазы.

Аҳәынҭқарра, ауаҩра апринципқәа рзааигәатәра, ауаҩы ихаҭара, апациентцәа, апсихиатриатә хәышәтәырҭаҿы иҟақәоу, рҭагылазаашьеи реиқәыршәашьеи ирыдҳәалоу аҳаҭырқәҵара аарԥшуа, аҳәынҭқарра аԥсҭазаара бзиа роура иацклаԥшыр ахәҭоуп, аиҳарак ачымазацәа ахәышәтәырҭаҿы мызкы, мамзаргьы еиҳаны ианаанхо. Апсихиатриатә хәышәтәырҭа ачымазацәа рыстационартә хәышәтәра афинанстә уадаҩрақәа ирхырҟьаны раҟәыхра зынӡагьы иауӡом.

Хыхь иарбоу хырҩа азуа, Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәышәтәырҭа аусушьа ганрацәалатәи ахәшьара аҭара, алшарақәа ранализгьы налаҵаны, ахәышәтәырҭа аҭахрақәа, афинансҟаҵара, аштаттә еихшанҵа, аусура арежим амҩаԥгара ихымԥадатәны иҳаԥхьаӡоит, АИАХә аҟны аҭагылазаашьа уадаҩқәа рцәырҵра амзыз аилкаара хықәкыс иганы, ачымазацәа ргәабзиара иаԥырхагахарц зылшақәо, иара убас аԥхьаҟагьы ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа раԥырҟәҟәаразы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр изықәнагоу азнеишьақәа азииԥшаарц, насгьы апсихиатриатә хәышәтәырҭаҿы иҟақәоу ачымазацәа рзинқәа рыхьчара ззырхоу АИАХә еффективрала аусқәа мҩаԥнагаларц азы аҳәара ҟаҳҵоит.

 

Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчра змоу

Асида Шьаҟрыл

06.02.2020 ш.



Шьҭахьҟа

Азыҳәа анашьҭра