Аҟәа. Хәажәкырамза 21, 2018 ш. Аԥсны-Аинформ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 21, 2018 ш. Аԥсны-Аинформ.

Асида Шьаҟрыл Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу лакәны далхуп.

Адепутатцәа ҩыџьа акандидатцәа рҟынтә аӡәы далырхыр акәын – ауаажәларратә хеидкыла «Агуманитартә программақәа рцентр» аусзуҩы Асида Шьаҟрыли Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аусзуҩы Одиссеи Бигәааи.

Шьаҟрыл лкандидатуразы 23-ҩык адепутатцәа рыбжьы рҭиит, лара илыдгылам хәҩык, ҩ-биуллетенқәак иҵабыргқәам ҳәа иалхын.

Омбудсмен иаҳасаб ала Одиссеи Бигәаа иалхразы ԥшьҩык адепутатцәа рыбжьы рҭиит, иара идгылақәамыз – 24, ҩ-биуллетенқәак иҵабыргқәам ҳәа иалхын.

Асида Шьаҟрыл аҭоуба лыдылкылеит: «Ҭоуба зуеит ауаҩи атәылауаҩи рзини рхақәиҭреи шысыхьчало, гәыцқьарылеи, ԥсыцқьаралеи ламысцқьаралеи схықәкқәа шынасыгӡало, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи азакәанқәеи напхгагас иганы».

Асида Гьаргь-иԥҳа Шьаҟрыл диит жьҭаарамза 11, 1966 ш. Аԥсны Гәыдоуҭатәи араион Лыхны ақыҭан.

1983 шықәсазы Аҟәатәи ашкол-аинтернат далгеит. 1985 шықәсазы дҭалеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет афилологиатә факультет, 1990 шықәсазы қәҿиарала лҵара хлыркәшеит. Иара убри ашықәс азы Аҟәатәи ашкол-аинтернат аҟны аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс аусура далагеит.

1995 шықәса инаркны 1997 шықәсанӡа Аҟәатәи Алицеи-аинтернат аҟны арҵаратә ҟәша еиҳабыс аусура далагеит.

1997 шықәса инаркны икоммерциатәым ахеидкыла «Агуманитартә Программақәа Рцентр» аҟны аусура далагеит, 1999 шықәсанӡа «Ақырҭуа-аԥсуа еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ауаа рыԥшаара» апрограмма напхгара алҭон. Ари аусура лнапы алакнаҵы хабарда ибжьаӡыз аҭаацәарақәа шамахамзар зегьы дырҭааит, аматериал ду еизылгеит, аофициалтә ҟәшақәа рҟны иҟаз хабарда ибжьаӡыз рсиа жәаҩыла ахьӡ ҿыцқәа рыла ихалырҭәааит. Агуманитартә Программақәа Рцентр аҟны лусура раԥхьатәи ашықәс инаркны ауаҩы изинқәа рыхьчареи реиқәырхареи рыпроблема лнапы алакын. Убас, 1999 шықәса инаркны иҭакқәаз ауаа рыпроблема лҽазҵәылхны аус адылулон. АПР (ЦГП) апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Дранда иҟоу абахҭа аԥенџьырқәа рыԥсахра залыршахеит, анаҩс акомпиутертә ҵараиура иазку акурсқәа еиҿкаан, егьырҭ НКО иҭакыз аус рыдуларахь иадыԥхьалан.

2001 шықәса нахыс аԥыза қәыԥшцәа реиҵааӡара апрограмма лнапы алалкит, рҵарадырра хадаратәла изызкыз азинтә дыррақәа рыдгалара акәын. Акыр шықәса лколлегацәа лываргыланы атәылауаа рҵарадырратә ҽазыҟаҵара аус адылулон. Аԥсуа школқәа рҟны аинтерактивтә методикақәа аконсультациақәа анырзыру насгьы агәаҭара ианахрыжь иркьыԥхьит 2006 шықәсазы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵара аминистррала иагьақәыршаҳаҭын абжьаратә школқәа рырҵаҩцәа рзы.

2006 шықәса инаркны 2009 шықәсанӡа «Атәылауаҩратә инициативақәа рыдгылара, ауаатәыҩсатә шәарҭадара арӷәӷәара иазынархоу» апроект координаторс дыҟан, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны ауаҩы зинқәа реиқәырхара иахьаҵанакуа аӡбарҭақәеи егьырҭ аинститутқәеи русура аеффективра аҭҵаараҟны далахәын. Имҩаԥылгоз лусура иалҵшәаны 2008 шықәсазы «Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ахаҭара азини ахақәиҭреи аӡбаратә еиқәырхара: ипроблематәу азҵаарақәа» захьӡу аброшиура ҭыжьын, азиндырыҩцәа хырхарҭала еиуеиԥшым аусумҭа ахәшьара бзиа арҭеит.

2011 шықәса инаркны 2016 шықәсанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә Палата лахәылас дыҟан.

2007 шықәса инаркны АПР (ЦГП) адиректорцәа рхеилак лахәылас дыҟоуп, ауаҩы изинқәа реиқәырхара иахьаҵанакуа аусура напхгара алҭоит. 2009 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа ауаҩы изинқәа рзы хәыда-ԥсада аус зуа ауаажәларратә дкыларҭа аусмҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны азинхьчаратә усура лнапы алакуп.

Азинхьчаратә усура лнапы алакуижьҭеи хыԥхьаӡара рацәала иҷыдоу асеминарқәа рҟны аҵарақәа дырхысхьеит, Аԥсны, Урыстәылатәи Афедерациаҟны иара убас Европа атәылақәа рҟны хыԥхьаӡара рацәала аконференциақәеи афорумқәеи дрылахәхахьеит.



Шьҭахьҟа

Азыҳәа анашьҭра