• 1 Иарбан усу инаигӡо Азинмчра змоу?

    Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхақәиҭреи рықәныҟәара дырхылаԥшуеит. 

    Аилагарақәа раԥырҟәҟәаразы азнеишьақәа идикылоит, иара убасгьы Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхақәиҭреи реиҭашьақәыргылараҿы ацхыраара адгалара дадгылоит. 

    Ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхыдҵақәеи ирызку Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи жәларбжьаратәи азин апринципқәеи анормақәеи иашьашәало аҟаҵара дацхраауеит. 

    Ауаҩы адискриминациа изырур иарбанзаалак афомақәа рҽазышәареи раԥырҟәҟәареи ирыдҳәалоу азнеишьақәа идикылоит. 

    Ауаатәыҩса ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи ирыдҳәалоу азинтә дыррақәа рыларҵәараҟны далахәуп. 

    Ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхақәиҭреи рыхьчараҿы аусеицура ирҿиоит.

  • 2 Дарбан насгьы иарбан ҭагылазаашьақәоу рҿы Азинмчра змоу ианидҵаало?

    Ахатәы зинқәа рыхьчаразы Азинмчра змоу идҵаалар рылшоит Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа, атәым тәылауааи атәылауаҩра замами ауаа, иара убас атәылауаа ргәыԥ.

  • 3 Идырзар ахәҭоуп

    Азинмчра змоу ашшрақәа шәыманы шәидҵаалаанӡа, ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи реилагара аҭыԥ шамоу гәашәҭар шәыхәҭоуп. Убри аҟнытә ауаҩы изинқәа рзы ауаажәларратә дкыларҭақәеи адукатцәеи рҟны аконсультациа шәахысыр шәыхәҭоуп. 

    Азинмчра змоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, аҭыԥантәи ахаланапхгареи амаҵурауааи иҟарҵаз (иҟарымҵаз) аныррақәа ирызкны ашшрақәа ҭиҵаауеит, арзаҳалҩҩы иҟаҵаз (иҟаҵамы) аныррақәа аусӡбаратә еиҿкаарала дырзашшызар, аха уи ашшрала иадкылаз аӡбамҭа дақәшаҳаҭымзар. 

    Азинмчра змоу арзаҳалқәа ма ашшрақәа уаанӡа урҭ рыла аӡбамҭақәа идикылахьазар рыҭҵааразы идимкылар илшоит, уи азы хазы аҭагылазаашьа ҿыцқәа аԥҵамхазар. 

    Азинмчра змоу анагӡаратә усбарҭа деиуаӡам, анапхгаратә мчра имам насгьы егьырҭ аусбарҭақәеи ахеидкылақәеи рыӡбамҭақәа иԥасахӡом, уи иӡбамҭақәа аԥшьгаратә ҟазшьа рымоуп.

  • 4 Иҟаиҵозеи Азинмчра змоу атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭреи реилагара ыҟазар?

    Азинмчра змоу аҳәынҭқарратә усбарҭа, аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭа мамзаргьы амаҵурауаҩ рыҟәша ихатәы лкаа рзынаишьҭуеит иҟарҵаз (иҟарымҵаз) анырра азҵаарала, еилагаз азинқәеи ахақәиҭреи рыхьчаразы ихымԥадатәу азнеишьақәа знырԥшу адгаларақәа ахьазгәаҭоу.

  • 5 Аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи амаҵурауааи Азинмчра змоу иҟнытә аусшәҟәқәа ианаамҭоу анырра арымҭозар иҟаиҵозеи усҟан иара?

    Аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, аҭыԥантәи ахаланапхгареи ма урҭ рмаҵурауааи Азинмчра змоу иҟнытә алкаа зауқәаз, арзаҳалҩҩы еилагахаз изинқәеи ихақәиҭреи реиҭашьақәыргылара иазкны ирыдыркылаз азнеишьақәа рдыррақәа ианаамҭоу инармышьҭзар, иара убас егьырҭ аҭагылазаашьақәа рҿы Азинмчра змоу азин имоуп:
    1) аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, аҭыԥантәи ахаланапхгареи амаҵурауааи иҟарҵаз (иҟарымҵаз) анырра иахҟьаны еилагаз азинқәеи ахақәиҭреи рыхьчаразы аусӡбарҭахь анеира, насгьы аусӡбарҭатә процесс аҽалархәра закәанла ишьақәырӷәӷәоу аформала;
    2) икомпетенттәу аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аҭыԥантәи ахаланапхгареи адисциплинатәи административтәи вба аҟаҵаразы зыҳәарала рызнеира мамзаргьы амаҵурауаҩ иганахь ала ашьауӷатә ус ахацыркра, уи иҟаиҵаз (иҟаимҵаз) анырра аганахь ала ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхақәиҭреи реилагара ахьаарԥшыз;
    3) азакәантә мчы заухьоу аӡбамҭеи, аусӡбарҭа аӡбамҭеи, аусӡбарҭа ақәҵареи ма аусӡбаҩ иқәҵареи агәаҭаразы апрокуратура адҵаалара.
    Аҳәынҭқарратә усбарҭа, аҭыԥантәи ахаланапхгара мамзаргьы амаҵурауаа, Азинмчра змоу иҟнытә ақәҵара здызкылақәаз, 10 мыш ирҭагӡаны уи ҭырҵаар рыхәҭоуп убри анаҩсгьы рыҭҵаара алҵшәақәа Азинмчра змоу изынарышьҭыр рыхәҭоуп ҩралатәи аформала, Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵарала даҽа ҭагылазаашьак азгәаҭамзар.

  • 6 Азинмчра змоу азин имоуп:

    Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, аҭыԥантәи ахаланапхгарақәа ԥкрак ыҟамкәа рҭааара, урҭ рколлегиатә еилатәарақәа рылатәара, иара убас ԥықәсларада анаплакқәа, аусбарҭақәа рҭаара урҭ реиҿкаара-зинтә формеи рхаҭаратә формеи зеиԥшразаалакгьы, арратә хәҭақәа;

     Аҳәынҭқарратә напхгара икомпетенттәу аусбарҭақәа, аҭыԥантәи ахаланапхгара мамзаргьы амаҵурауаа арзаҳал зҩыз иашшраҿы иазгәаҭоу афақт агәаҭаразы адгаларақәа разыхиара; ашшрақәа рыҭҵааразы ихымԥадатәу адыррақәа, аусшәҟәқәа, аматериалқәа насгьы аҭакҳәара аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи амаҵурауааи рҟынтә разыҳәареи иара убас рыдкылареи; 

    ашьауӷатәи атәылауаҩратәи усқәа рдырра, административтә еилагарақәа русқәа, аусӡбарҭатә актқәа, амчра заухьоу, иара убас зеилыргара аҟәырххьоу аусқәеи аматериалқәеи, зызҵаарала ашьауӷатә ус ахацыркра аҟәырхыз анаҩс ахкьыԥхьлаагьы зызхырхыз;

    иарбанзаалак аамҭазы иҭакқәоу, иҭакқәоу ахьырхәразы иахьҭаку аусбарҭақәеи насгьы мчылатәи аҭакырҭақәеи аиҭааӡареи русбарҭақәеи, аԥсихиатриатә хәышәтәырҭеи рҭаара. 

    Уа иҟоу иҭақәоу ауаа хаҭала рыҿцәажәара, уа рыҟазаара аҭагылазаашьа агәаҭара насгьы урҭ уа рыҟазаара азакәантәра шьақәзырӷәӷәо аусшәҟәқәа ргәаҭара; 

    Аконституциатә усӡбарҭа зыҳәарыла адҵаалара Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанқәеи егьырҭ азинтә актқәеи иконституциатәым ракәны разхаҵарала, ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхақәиҭреи рызҵаатәы иадҳәалақәоу. 

    *Азинмчра змоу иара иусмҩаԥгарала имоуп азин аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аҭыԥантәи ахаланапхгарақәеи рыла аамҭа ахмырԥакәа амаҵурауаа рыдкылара.

Азыҳәа анашьҭра