«Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу изку» Азакәан, анагӡаратә мчра иахьыԥшым аҳәынҭқарратә зинхьчаратә усбарҭа ашьаҭа азышьҭазҵаз, Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент аднакылеит жәабранмза 24, 2016 шықәсазы.

Ихьыԥшым аинститут 2016 шықәсазы ишаԥҵазгьы, азинхьчаратә ҳәынҭқарратә усбарҭақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны ҩ-жәашықәсак рыҩнуҵҟа урҭ рфункциақәа нарыгӡон.

Раԥхьатәи комиссиахеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иаԥҵахаз Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы акомиссиа, уи аԥҵан ахада Иусԥҟала № УП-23 хәажәкырамза 21, 1997 шықәсазы. Акомиссиа ахантәаҩы даҭахон ахада иӡбара инақәыршәаны. 1997 шықәсазы акомиссиа хантәаҩыс далхын Ҳагба В.Ш.

Лаҵарамза 22, 1997 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада даҽа иусԥҟак инақәыршәаны (№ УП-28) Акомиссиа ахьӡ ԥсахын Ауаҩы изинқәа рзы амилаҭтә комиссиа (АИАК). Аусԥҟаҿы иазгәаҭан ЕАР изықәнагоу арезолиуциахь уназгаша ассылкақәа, ЕАР 48/134 ԥхынҷкәынмза 20, 1993 шықәсазы Ассамблеиа Хада Арезолиуциагьы налаҵаны.  АИАК ахантәаҩы даҭахон атәыла Ахада ила, АИАК ахаҭарнакцәа реилазаашьа иара убасҵәҟьа ахантәаҩы иадгаларала атәыла Ахада ила ишьақәырӷәӷәахон.

АИАК азакәанқәеи азакәанапроектқәеи Жәларбжьаратәи абилль иашьашәаланы иҟаларц азы аԥсахрақәа аларгаларц азин амоуп. Аусбарҭа акомпетенциахь иаҵанакуан азакәанапроект ҿыц адкылара мамзаргьы иҟоу аԥсахрақәа ралагалара. АИАК иазку аҭагылазаашьа акомиссиа иарбанзаалак ауаҩы изинқәа реилагара ҭнаҵаартә алшара анаҭон, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгара ауаҩы изинқәа шеилагахаз днарбон ас еиԥш иҟоу аилагарақәа аԥыхразы изықәнагоу азнеишьақәа дырбарала. Ахеидкыла аусура апрактикаҿы Аԥсны иҟоу ауаҩы изинқәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу иазкны анагӡаратә напхгара адырра азынашьҭра акәын.

Лаҵарамза 15, 2007 шықәсазы АИАК ацынхәрас атәыла Ахада Иусбарҭаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу захьӡу амаҵура ҿыц аԥҵахеит. Азинмчра змоу изку Аҭагылазаашьа 3 ахәҭаҷ аҟны иаҳәон атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭреи рыхьчаразы иҟоу азнеишьақәа ирыцхыраагӡаны иҟоуп ҳәа, еилагоу азинқәеи ахақәиҭреи еиқәзыршәо иагьеиҭашьақәзыргыло аҳәынҭқарратә усбарҭақәа ркомпетенциахь иаҵанакуа аҟәнахӡом насгьы аиҭахәаԥшрахь инанагаӡом.

Ари Аҭагылазаашьа инақәыршәаны Азинмчра змоу иусураҭыԥ даҭахоит дагьамххоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ила. Хәажәкырамза 3, 2007 шықәса инаркны лаҵарамза 4, 2016 шықәсанӡа (ари апозициа аԥыххаанӡа) Азинмчра змоу имаҵура ааникылон Оҭырба Гь.А.

Азинмчра змоу иусура Аҭагылазаашьа инақәыршәаны ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхақәиҭреи рыхьчара иахьаҵанакуа аполитика аҳәынҭқарратә напхгара уи анагӡараҿы ацхыраара рыҭара ауп иззырхаз, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ауаҩи атәылауааи рзинқәеи рхыдҵақәеи рыхьчараҿы хәдықәҵаҩыс дахьыҟало иконституциатә зинмчрақәа рынагӡаразы аҭагылазаашьақәа изаԥҵара.

Азинмчра змоу ауаҩы изинқәа рыхьчаразы амеханизмқәа реиӷьтәра ахьынӡауа иазку адгаларақәа иманы дықәгыларацы Аҭагылазаашьа ус еиԥш алшара инаҭомызт. Уи Азинмчра змоу ас еиԥш иҟоу адгаларақәа атәыла Ахада идигаларц мацара азин инаҭон. Иага ус иҟазаргьы, хазы игоу ашшрақәа рыҭҵаара иахьаҵанакуа аинститут инанагӡоз афункциатәра маҷ аҽарҭбааит уаанӡа иҟаз Аҭагылазаашьа иаҿырԥшзар. Азинмчра змоу атәылауаа мацара рыдагьы, аҳәаанхыҵынтә иаази атәылауаҩра змам ауааԥсыреи рашшрақәа ҭиҵаар илшон. Адисциплинатәи административтәи ус мамзаргьы ашьаус амаҵурауаҩ изкны икомпетенттәу аусбарҭақәа дрыдҵаалар илшон, зыӡбамҭақәеи иҟаиҵаз (иҟаимҵаз) аныррақәеи рҟны ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхыдҵақәеи рҟны аилагарақәа ҟалазар.

Аха Азинмчра змоу ауаҩы изинқәа реилагара анырра аҭараҿы Аҭагылазаашьа ихарҭәаау азнеишьақәа рааизак инаҭомызт.  Амаҵурауаа Азинмчра змоу лзыҳәарақәа рызхьамԥшразы административтәи ашьауӷатәи закәанԥҵарала аҭакԥхықәра роуамызт. Азинмчра змоу анапхгара аусбарҭақәа иҟарҵаз (иҟарымҵаз) аныррақәа рзы ауаа рзинқәеи рхақәиҭреи рыхьчара зызкыз арзаҳал ҩны алаҵараҿы илшарақәа ԥкын.

Азинмчра змоу иҳәаарку икомпетенциа насгьы ари аинститут анагӡаратә мчра разыҟазаашьа аанарԥшуан атәыла анапхгара аҳәынҭқарратә зинхьчаратә усмҩаԥгара ихарҭәаау аинституционализациа негативла ишазнеиуа, аҳәынҭқарратә напхгара аусбарҭақәа анырра аҭара зылшоз, ауаҩы изинқәа рыстандартқәа ҷыдарас иганы. Ауаҩы изинқәа реилагара лассы-лассы иеффективтәым насгьы азинхьчаратә стандартқәа ирышьамшәало, аструктура анагӡаратә мчра алаҵара лҵшәас ишазыҟало хшыҩзышьҭа аҭауа, аинститут анагӡаратә мчра алаҵара аҳәынҭқарратә напхгара уи анырра аминималрахь анагара иацхраауан. Иара абри афақтор Азинмчра змоу иинститути ауаажәлари реиҟәыҭхаганы иҟалон, атәылауаҩратә зинхьчаратә хеидкылақәагьы налаҵаны. 

Иазгәаҭазар ахәҭоуп, Азинмчра змоу ихьыԥшыҵәҟьам иинститут аԥҵара цхыраагӡас иамаз азинхьчаратә тәылауаҩратә хаҭарнакцәа рҟынтә насгьы АА Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа русмҩаԥгара шакәыз. Еицырдыруа азиндырыҩ, АА Апарламент депутатс иҟаз Зураб Ачба, атәылауаа рзинқәа зыхьчоз, депутатсгьы иҟаз, ЕАР амиссиаҟны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы акомиссиаҟны аус уа, ихьыԥшым Аомбудсмен иинститут аԥҵаразы ацхыраара адигалон.  Ауаҩы изинқәа рықәныҟәара аиқәыршәаразы аус дуқәа мҩаԥыргахьан уаанӡа депутатцәас иҟақәаз Наҭелла Акабеи Баҭал Кобахьиеи, Емма Гамсаниаԥҳа, АА Апарламент аҿы еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ауаҩы изинқәа рзы акомиссиа напхгара азҭақәоз. Аҵыхәтәаны, ауаҩы изинқәа рыхьчаразы аус зуа амеханизмқәа еиҿкаахеит инапхгаратәым ахеидкылақәеи атәылауаатә еилазаарақәа рактивистцәеи рыла. Убас, ауаҩы изинқәа рзы ауаажәларратә дкыларҭақәа акыр шықәса рыҩнуҵҟа рфункциақәа нарыгӡон абарҭ ахеидкылақәа рҿы, «Атәылауаҩратә инициативеи ҳаԥхьаҟатәи Ауаҩи» Афонд еиԥш иҟоу, Агуманитартә цхырааразы Ацентр, Нужная газета захьӡу, Аԥсны Аҳәса Рхеидкыла, Инва-Содействие захьӡу Ахеидкыла. Ари азакәанԥҵара, Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу изинтә статус шьақәзырӷәӷәо аҳәынҭқарратә усбарҭақәа ирхьыԥшым институтк аҳасаб ала иҿиоу акомпетенциа змоу аус адулара иалагеит 2012 шықәсазы. Азакәан апроект аус адулан Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҟны хьӡысгьы иаман «Апарламент иатәу ауаҩы изинқәа ирызку». Ари аусшәҟәы аԥыжәара аман амчра змоу азакәан иаҿырԥшзар, избан акәзар Азинмчра змоу иалхраҿы уи еиҳа идемократиатәу апроцедура амҽханакуеит – уи икандидатура алхразы адгаларақәа аларгалар ҟалон Апарламент ахь ауаажәларратә еидгылақәа. Иалырхуаз изинмчра аҿҳәара иҵегьы еиҳан - ԥкрада фышықәса инеиԥынкыланы алхыҩцәа рхыԥхьаӡарала. Уи иамҽханакуан иԥку ауснагӡатәқәа рыхәҭак насгьы ашшрақәа рыҭҵаараан Азинмчрақәа змоу изинқәагьы.

Азакәанапроект ихарҭәааны аус адулараҿы рлагала акырӡа ирацәахеит Агуманитартә Программақәа Рцентр аекспертцәа, иаздырхиеит адгаларақәа, урҭ рыхәҭак адкылан. «Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу изку» Азакәан адкылараҿы аус ду аднаулеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟаз Аппарат насгьы Г.А. Оҭырба хаҭалагьы. «Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу изку» Азакәан аҵыхәтәантәи аредакциа адкылан жәабранмза 24, 2016 шықәсазы. Азакәан инақәыршәаны Азинмчра змоу имаҵурахьы далххоит АА Жәлар Реизара - Апарламент ала Апарламент азеиԥш хыԥхьаӡара аҟнытә иреиҳау абжьқәа рыла имаӡоу абжьыҭирала 5 шықәса ҿҳәарас иаҭаны. Азинмчра змоу ԥырхага иқәым иара изинмчра ыҟанаҵы. Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу ари азакәан икомпетенциа акырӡа еиҳаранатәит ашшрақәа анырра рыҭараҿы насгьы еилагаз азинқәа реиҭашьақәыргылараҿы. Азинмчра змоу астатус ҿыц иҭаз анапхгара аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа рҟынтә иҟалар зылшоз аԥҟареилагарқәа иҟаҵаз иҵегьы еффективрала анырра аҭараҿы изинмчра акырӡа еиҳахеит. Раԥхьаӡа акәны Азинмчра змоу ашьауӷатәи атәылауаҩратәи усқәа, административтә зинеилагарақәа русқәа, амчра зауз аусӡбаратә актқәа, иара убас зыҭҵаара аҟәырхыз аусқәеи аматериалқәеи, зызҵаарала ашьауӷатә усқәа арку закәанрала рыҭҵааразы азин иоуит. Мчылатәи аҭакырҭаҿы иҟоу ауаа рзинқәа рыхьчаратә компонентқәа акырӡа еиҳахеит – Азинмчра змоу иарбанзаалак аамҭазы иҭакқәоу, зус агәаҭара иахрыжьуа, рҭыԥқәа ирҭаар рылшоит, иҭакқәоу ахьырхәразы иахьҭаку аусбарҭақәеи насгьы мчылатәи аҭакырҭақәеи аиҭааӡареи русбарҭақәеи, аԥсихиатриатә хәышәтәырҭақәа, уа иҭакқәоу ауаа хаҭала рыҿцәажәара, уа рҭакра аҭагылазаашьа иазку аинформациа адкылара иара убас урҭ иазгәаҭоу аусбарҭақәа рҟны рҭакра азакәантәра агәаҭара алзыршо аусшәҟәқәа ргәаҭара. Азинмчра змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара аԥсахрақәа алеигалар илшоит, ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхақәиҭреи ирыдҳәалақәоу, АА Аконституциатә ӡбарҭа адҵааларала. Еилагоу азинқәа реиҭашьақәыргыларазы имҩаԥгоу азнеишьақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, Азинмчра змоу анапхгаратә усбарҭақәеи урҭ рмаҵурауааи рҟынтә дара рнапы зҵарыҩхьаз адгаларақәа нарыгӡартә дахылаԥшырц азин имоуп, урҭ рхыдҵақәа нармыгӡозар, аусӡбаратә еилыргара мҩаԥыргарц, насгьы ахара зду ауаа рганахь ала административтәи адисциплинатәи ус еиқәдыршәарц дазыҳәоит. Азинмчра змоу апрокуратура дадҵаалар илшоит азакәантә мчы зауз аӡбамҭа, аусӡбарҭа аӡбара, аилыркаара мамзаргьы аусӡабрҭа иаднакылаз аӡбамҭа ма аусӡбарҭа ақәҵара ма аусӡбаҩ иқәҵара азҵаарала.

Абҵарамза 22, 2016 ш. Ауаҩы изинқәа азинмчра змоу иакәны дҟалеит Дмитри Маршьан. Аха Азинмчра змоу иусура аццакра ацәмаҷын, избан акәзар аҳәынҭқарра ианаамҭоу амаҭәахә-техникатә цхыраара шамахаӡак акәымзар иҟанаҵомыз, уи хымԥадатәын аинститут ихарҭәааны афункциақәа нанагӡаларц азы. Усҟантәи аамҭазы Азинмчра змоу иаппарат ахатәы офис амамызт. Азинмчра змоу иусураҿы афинанстәи, амазаратәи, акадртәи зҵаарала иахьеиқәыршәамыз иахҟьаны ауаа рыдкылареи арзаҳалыҩҩцәа рыҩралатәи ашшрақәа қәнагала рыдкылареи рзы алшара ыҟамызт. Жьҭаарамза 16, 2017 шықәсазы Д.З. Маршьан имаҵураҭыԥ ааникылеит ихатәы қәшаҳаҭрала.

Хәажәкырамза 21, 2018 ш. Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу имаҵурахьы АА Апарламент далнахит Асида Шьаҟрылԥҳа, Агуманитартә Программақәа Рцентр аҟны Ауаажәларратә дкыларҭа аусура напхгара азызуаз. Ԥхынҷкәынмза 11, 2018 ш. И.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека ауадақәа иреиуаз руак аҟны иаартын АА аҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу иофис. 

Мшаԥымза 19, 2023 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу имаҵурахьы АА Апарламент далнахит Кьышьмариа Анас Руслан-иԥҳа. 


Азыҳәа анашьҭра