Дмитри Маршьан диит 1980 ш. (ақ. Аҟәа) Аҟәатәи абжь. школ №4 даушьҭымҭоуп (1997 ш.)

2002 ш. Адыгатәи аҳәынҭқарратә университет ибзиаӡаны далгеит.

Ажьырныҳәамза инаркны ԥхынҷкәынмзаҟынӡа 2003 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа рырхәҭахь дааԥхьан.

2006 ш. инаркны Ростовтәи аҳәынҭқарратә университет аҳәынҭқарратә (конституциатә) зин акафедра иатәу аспирантураҟны иҵара хиркәшеит.

Аконституциатә Ӡбарҭа Аӡбаҩ Н.С. Бондарь ихантәаҩрала, акандидаттә диссертациа қәҿиарала ихьчеит абри атемала: «АА аҟны ауаҩы (ауаатәыҩса) изинқәеи ихақәиҭреи рыхьчара».

2006 шықәса инаркны 2009 шықәсанӡа – Аладатәи афедералтә университет (уаанӡатәи УАУ) азиндырратә факультет арҵаҩы.

2010 шықәса инаркны 2015 шықәсанӡа – Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра нагӡа змоу ицхырааҩыс дыҟоуп.

Абҵарамза инаркны 2016 шықәса жьҭаарамза 2017 шықәсанӡа АА Апарламент далнахит - Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы Актәи азинмчра нагӡа змоу иакәны.

Азиндырратә наукақәа дыркандидатуп. 


Азыҳәа анашьҭра