Диит цәыббрамза 19, 1987 шықәсазы Бзыԥ аҳабла Гагра араион Аԥснытәи АССР.

1993 шықәсазы дҭалеит Гагратәи абжьаратә школ №4.

2003 шықәсазы Аҟәатәи абжьаратә школ №2 аҟны лҵара хлыркәшеит.

2003 шықәсазы дҭалеит Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Санкт-Петербургтәи Аҳәынҭқарратә Университет (СПбГУ) аԥсихологиа афакультет ақалақь Санкт-Петербург.

2008 шықәсазы СПбГУ лҵара хлыркәшеит аԥсихологиатә факультет аполитикатә ԥсихологиа акафедраҟны.

2008 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет (ААУ) аҟны апедагогикатә факультет апедагогикеи аԥсихологиеи ркафедраҟны астудентцәа аҵара длырҵоит.

2017 шықәса инаркны 2019 шықәсанӡа АА Ахада иҟны иҟоу Астратегиатә Ҭҵаарақәа Рцентр аспециалист (АҬР).

Мшаԥымза 19, 2023 шықәсазы АА аҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу лакәны далхуп.

Back to the list


Азыҳәа анашьҭра