Москва иҟалаз атеракт.
22.03.2024

Хәажәкырамза 22 рзы, Москва иҟалаз атеракт иахҟьаны Аԥсны аҳәынҭқарра иҟоу ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Анас Кишмариеи, Урыстәыла аҳәынҭқарра иҟоу ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Татиана Москалькова лахь адышшыларақәа лышьҭит.  Адокумент аҿы иарбоуп:

Ҳатыр зқу Татиана Николаи-иԥҳа!
Москва инхо ауаа, аурысцәа, насгьы ацивилизациа злоу ауаатәыҩсара зегьы рзы, арҭ иуадаҩу амшқәа рзы, «Крокус Сити Холл» аҿы иҟалаз ашьаарҵәыратә теракт иадҳәаланы, ҳадышшыларақәеи ҳацырхыраареи шәыдышәкылар сҭахын.
Ауаа рҭархаразы атерроризм адкылара зыҟалом. Дарбанзаалак ацивилизациа злоу ауаҩы изы, ари иҿаасҭоу цәгьауроуп-мҽыӷла ауаа рышьра зегьы ргәаҵанӡа инеит. Атәылауаа рҭархара иадҳәаланы ишәыдышәкыл гәаартылатәи ҳадышшыларақәа. Агәра ганы сыҟоуп, атәы здыруа аилазаарақәа ари ацәгьаура рыӡбоит, насгьы изхароу зегьы рықәнага шрырҭо.
Амашәыр иақәшәаз ирзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, ачҳареи амчреи, Урыстәыла ауаажәлар зегьы ари атрагедиа рзыхгаразы.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра