Анас Кьышьмариа Казань имҩаԥысуаз аконференциаҿы дықәгылеит
24.06.2025

Анас Кьышьмариа Казань имҩаԥысуаз аконференциаҿы дықәгылеит
Казань ақалақь аҿы Ареспублика Ҭаҭарсҭан аҿы иҟоу Азинмчра змоу аинститут
аԥҵара 25-шықәса ахыҵра иазкыз “Ҳаамҭазтәи ауаҩы изинқәа рыхьчара
атенденциақәа: аԥышәа, “Иактуалтәу апроблемақәеи аперспективақәеи” ҳәа хьӡыс
измоу аконференциаҿы дықәгылеит Аԥсны ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы
Азинмчра змоу Анас Кьышьмариа.
Лықәгылараҿы иазгәалҭеит:
«Урыстәылатәи ҳколлегацәеи ҳареи ҳаиԥыларақәа раан ҳара изныкымкәа иазгәаҳҭеит
ҳзеиԥш зинтә цәаҳәа акониунктуратә нырра аҟынтәи ишеиқәырхоу. Зыӡбахә сымоу,
ацивилизациа злысны иҟоу, азинтә традициақәа ныҟәызго ҳәа зхы зыԥхьаӡо
атәылақәа жәпакы ари атема аполитикатә хықәкқәа рынагӡаразы мыругас рхы
ианадырхәо ауп, убри аан азинтә усура ахаҭа аҵакы еицакуа.  
Ҳара ииашаҵәҟьаны ҳадгылоуп ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхақәиҭреи рыхьчара.
Иахьатәи адунеи аҿы аусеицуреи аиҩызареи иҿыцу аҵакы шаиуа азгәасҭарц сҭахуп,
иаҳҳәап абизнес, аҭҵаарадырреи аҟазареи, ма егьырҭ ахырхарҭақәеи рыла. Амчқәа
реидҵараан ицәырҵуа асинергиа аганқәа ҿыцқәа аанартуеит. Убри аҟнытә, абри
адинамикатә ҭагылазаашьаҿы аиааира ргоит иӷәӷәоу, хара имгакәа аусеицура
абжьаҵара зылшо, иаабац аҳәаақәа рыла иԥкымкәа, ахәыцра ҿыцқәеи ахықәкқәеи
рзы иаарту аҭыԥ.  
Ҳара Ҭаҭарсҭантәи ҳколлегацәеи ҳареи иааигәаны аусеицура ҳазхиоуп. Аԥсны еснагь
асасцәа гәыкала ирыдыркылоит. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа зегьы ҳтәыла иаҭаауа
атуристцәа ирықәшәо ауадаҩрақәа рыӡбаразы иаарласны ацхыраара рыҭара
рҽазыршәоит».


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра