Анас Кьышьмариеи Руслан Аџьбеи русуратә еиԥылара
27.06.2025

Рашәарамза 27, 2025 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы
азинмчра змоу лофис аҿы, Анас Кьышьмариеи Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциалтә
еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьбеи русуратә
еиԥылара мҩаԥысит.
Аиԥылараҿы иҷыдоу ахшыҩзышьҭра аҭан ауааԥсыра рсоциалтә хьчара иадҳәалоу
азҵаарақәа, ауааԥсыра ари аусхк аҟны рзинқәа рыхьчара. Аиԥылара атема хаданы
иҟан ҳтәылауаа Урыстәылатәи ахәыҷтәы пособиеқәа раиура иадҳәалоу
аҭагылазаашьеи уи аганахьала ицәырҵуа иманшәалам азинтә лҵшәақәеи
рылацәажәара.
Аганқәа еиқәшаҳаҭхеит иааиԥмырҟьаӡакәа аинформациа аимдара ацҵара, ицәырҵуа
апроблемақәа ирласны рыӡбаразы еицырзеиԥшу аилацәажәарақәа рымҩаԥгара, иара
убас, ааха зауз ҳтәылауаа рзинқәа рыхьчаразы иахәҭоу ацхыраара рыҭара ишазхиоу
рҳәеит.