Анас Кьышьмариа аиуристтә ҵарадырра иазкыз аконференциа асессиаҿы ажәахә ҟалҵеит
24.06.2025

Анас Кьышьмариа аиуристтә ҵарадырра иазкыз аконференциа асессиаҿы ажәахә  ҟалҵеит
Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы Азинмчра змоу Анас
Кьышьмариа аконференциа аилатәараҿы аҳасабырба ҟалҵеит: "Атәылауаа рзинтә
хдырра аизырҳареи ауаажәларра рыхдырра аҩаӡара аизырҳареи рзы аинструменттә
ҵарадырра активтә формақәа".  
Азинмчра змоу лықәгылараҿы далацәажәеит  имҩаԥылго аусқәеи, Аԥсны
Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Азинмчра змоу иусбарҭа атәылауаа рзинтә ҵарадырра
аганахьала имҩаԥнаго аусурақәеи. Иара убас аилатәара рхы аладырхәит амассатә
коммуникациақәеи акультуреи рзы Ареспубликатә маҵзура «Татмедиа» анапхгаҩы
Салимгараев Аидар, Ареспублика Ҭаҭарсҭан Аҿар рзы аминистр Садыков Ринат,
Ареспублика Ҭаҭарсҭан аиустициа аминистр Рустем Загидуллин, Урыстәылатәи
Афедерациа асубиектқәа рҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы аҭакԥхықәра зду,
ауаажәларратә еиҿкаарақәа,
Асессиа амодераторс дамоуп Ареспублика Ҭаҭарсҭан аҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы
Азинмчра змоу Сариа Сабурскаиа.
Аконференциа Ареспублика Ҭаҭарсҭан аҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчра змоу
иинститут аԥҵара 25-шықәса ахыҵра иазкуп.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра