Анас Кьышьмариа Татиана Москалькова дылԥылеит
27.06.2025

Рашәарамза 24 рзы, Казань ақалақь аҿы Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа рҿы
иҟоу ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчра змоу Акоординациатә Хеилак аилатәара
ашьҭахь, Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчра змоу Анас Кьышьмариа
Урыстәылатәи Афедерациаҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу Татиана
Москалькова дылԥылеит.
Аилацәажәаратә теманы иҟан ауаҩы изинқәа рыхьчара аусхк аҿы ҳазҭагылоу
аусхәаԥштә, уаҟа ҷыдала ахшыҩзышьҭра рыҭан ауаҩы изинқәа рыхьчаратә усбарҭақәа
реимадареи русеицура арӷәӷәареи рызҵаарақәа.
Аиԥылараҿы иалацәажәеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы хаҭала ауаҩы изинқәа
рҭагылазаашьа иадҳәалоу азҵаарақәа, иара убас А.Кьышьмариа дазааҭгылеит
ҳтәылауаа Урыстәылатәи ахәыҷтәы пособиеқәа раиура иадҳәалоу азҵаарақәа.