Иахьа Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аректор Гәарамиа Алеко Алықьса-иԥа ииубилеи азгәеиҭоит
07.09.2025

Иахьа иубилеи азгәеиҭоит иналукааша аматематик, апрофессор, афизика-математикатә наукақәа рдоктор, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аректор

Гәарамиа Алеко Алықьса-иԥа.
Адныҳәаларатә адрес изыналышьҭит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу Анас Кьышьмариа.
Адрес аҿы иануп:
"Ҳаҭыр зқәу Алеко Алексеи-иԥа! Шәиубилеи шәыдысныҳәалоит!
Шәара ҳҳәынҭқарреи, милаҭрацәала еилоу Аԥсны ажәлар зегьы рзы иҿырпшыгоу хаҿуп! Иналукааша аҵарауаҩ, аԥышәа ду змоу, аԥышәа ду змоу анапхгаҩы-
арҿиаҩы, арҵаҩы ҟаза – Шәара ишәылшеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аиқәырхара мацара адагьы, ҳтәыла ахәарҭаразы аҵарадырреи, зхаҭабзиара ҳараку
аихьӡара ҿыцқәеи рыҿиаразы иааиԥмырҟьаӡакәа аҽазышәарақәа аарԥшра. Шәара хамеигӡарак ҟамҵакәа инашәыгӡо шәусура ахә ҳаамҭазы ҳаракны иршьоит, аха уи
ахәшьара ҳаракы аиуеит алшоит Аԥсны аҭоурыхи еиҵагыло абиԥареи рганахьалагьы!

Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит анаука аҿиареи амаҵзуреи азы! Ҳаҭыр зқәу Алеко Алықьса-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭа арҿиараан
иҟашәҵаз шәлагала ду инақәыршәаны ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, аилибакаара,амилаҭтә хаҿра, ҳаԥсадгьыл аҭынчреи ашәҭкакаҷреи».


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра