Аҟәа иҟоу аресурстә центр Россотрудничество аҿы агуманитартә проектқәа ирыдҳәалоу акыр зҵазкуа атемақәа ирылацәажәеит
22.08.2025

Аҟәа иҟоу аресурстә центр Россотрудничество аҿы агуманитартә проектқәа ирыдҳәалоу акыр зҵазкуа атемақәа ирылацәажәеит
Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Россотрудничество ҳәа изышьҭоу аресурстә центр аҿы агуманитартә проектқәа ирызку акыр зҵазкуа атемақәа ирылацәажәеит.
"Аусеицура абзазаразы" ҳәа хыс измоу аусмҩаԥгатә лҽалалырхәит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу Анас Кьышьариа.
Аиԥылараҿы алахәылацәа ирылацәажәеит Урыстәылеи Аԥсни агәыҳалалратә еиҿкаарақәа ирзеиԥшу апроектқәа, аҭаацәараҿы ачымазара ӷәӷәа змоу ахәыҷқәаа
ахьыҟоу ацхыраара аиҿкаара, аинвалидцәа ацхыраара рыҭара, уҳәа агуманитартә усеицура аганахьала егьырҭ азҵаарақәа.
Аиԥылара рхы аладырхәит:
Константин Сарваниди – Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Россотрудничество ахаҭарнакра анаԥхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо;
Ольга Демичева – Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Ахеилак алахәыла, жәларбжьаратәи агәыҳалалратә ауаажәларратә еиҿкаара "Аҳақьым Лиза ииашоу ацхыраара"
апрезидент; Семион Галперин – жәларбжьаратәи агәыҳалалратә ауаажәларратә еиҿкаара
“Аҳақьым Лиза ииашоу ацхыраара” Аиҳабыра алахәылаҩ;

Мактина Џьынџьолиа – Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу, акультуратә-гәыҳалалратә фонд «Ашана» анаԥхгаҩы;
Изолда Хагба – ВАК аҵареи асоциалтә усуреи агәабзиарахьчареи рзы Аҟәша аиҳабы.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра