Нанҳәа 14 – Аџьынџьтәылатәи еибашьра алагара
14.08.2025

Нанҳәа 14 – Аџьынџьтәылатәи еибашьра алагара
Нанҳәа 14, 1992 ш. Қырҭтәыла Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә Совет аибашьцәа аихамҩа ҳахьчоит ҳәа ҽыҵгас иҟаҵаны Аԥсны Аҳәынҭқарра иақәлеит.
Ақырҭуа ир реиҭагара официалтә ҵаҵӷәыс иҟалеит Аҳәынҭхеидкыла иҟанаҵаз ашьақәырӷәӷәараҿы Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роман Гвенцаӡеи
азвиадистцәа иҭаркыз жәаҩаҩык ашасцәеи Аԥсны иҟоуп ҳәа иахьазгәарҭаз иахҟьаны. Қарҭтәи аиҳабыра иара убасгьы иалацәажәеит «адәыӷбамҩа ахьчара»
шахәҭоу, уи иахҟьаны Аԥсны абџьарлатәи агрессиа ҟалеит.
Нанҳәамза 14, 1992 ш. Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет аҿы азиндырратә наукақәа ҭызҵаауа адоктор Тарас Шамба еиқәиршәаз «Аԥсны Аҳәынҭқарреи Қырҭтәылеи
реизыҟазаашьа ашьаҭақәа рзы аиқәшаҳаҭра» апроект алацәажәара азԥхьагәаҭан, аха уи ҟамлаӡеит. Ақырҭуа мчрақәеи Аԥсни реизыҟазаашьа апроблема аӡбаразы
арратә мҩа алхын. Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак аҿы Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә Еизара аусмҩаԥгатәқәа «Асуверентә Аԥсны атерриториа иазыхианы
ампыҵахалара» ҳәа ахәшьара арҭеит.
Аԥсны ампыҵахалара иалахәын ҩнызқьҩык рҟынӡа ақырҭуа «агвардиауаа", 58 абронетехника, иара убасгьы хыԥхьаӡара рацәала артиллериа (Град, Ураган ҳәа
изышьҭоу аракетақәа).
Аԥсны ампыҵахаларазы аплан, акодтә хьӡы «Аса» анагӡара аиуит Қырҭтәыла ООН ианалала ашьҭахь ҩымчыбжь анҵы ашьҭахь. Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу
Ахеилак Ахантәаҩы Владислав Арӡынба телехәаԥшрала ажәлар рахь ихы рханы Аԥсадгьыл ахьчаразы ааԥхьара ҟаиҵеит. Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Ахеилак
Апрезидиум аҿы ирыдыркылеит ақәҵара "Зықәра наӡахьоу ауааԥсыра рмобилизациеи Аԥсны аҩныҵҟатәи архәҭақәа рполк ахь абџьар аиагареи рзы".
Ԥшьышәи хԥа мшы ицоз аибашьра аԥсуа жәлар аиааира рганы ихыркәшахеит.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра