Татиана Москалькова Анас Кьышьмариа лымшира лыдылныҳәалеит
19.09.2025

Урыстәылатәи Афедерациа ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу Татиана Москалькова Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу Анас Кьышьмариа лымшира лыдылныҳәалеит!

Аҭелтә еицәажәараан Татиана Москалькова иазгәалҭеит Анас Кьышьмариа хаҭала ауаҩы изинқәа рыхьчаразы аҩ-ҳәынҭқарратә усбарҭак рыбжьара инарҭбаау аидгылареи аусеицуреи рышьақәыргыларазы иҟалҵаз алагала, иара убасгьы агәраганы дыҟоуп ари аизыҟазаашьа аринахысгьы ишыҿиало. Татиана Москалькова Анас Кьышьмариа ааԥхьара лылҭеит Жьҭаарамза 21 инаркны 25 рҟынӡа Москва ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу Евразиатәи Аомбудсменцәа Ральианс аилатәареи ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә-практикатә конференциеи лхы алалырхәырц.

Татиана Москалькова лколлега ақәҿиарақәа лзеиӷьалшьеит, азанааҭтәи аиҩызаратәи адгылара шлылҭо агәра ллыргеит.
Ахәҭакахьала, Анас Кьышьмариа Урыстәылатәи аомбудсман Татиана Москалькова Аԥсны азҿлымҳареи адгылареи азы ҭабуп ҳәа лалҳәеит, иара убас, ҵыхәаԥҵәарада аусуратәи аиҩызаратәи аизыҟазаашьақәа рырҿиара дшадгыло азгәалҭеит.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра