Иахьа Аԥсны иналукааша аполитикатә усзуҩ, аҭоурыхдырҩ, ашәҟәыҩҩы, апрофессор, академик Станислав Зосим-иԥа Лакоба иԥсҭазаара далҵит
24.09.2025

Иахьа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит Аԥсны иналукааша аполитикатә усзуҩ, аҭоурыхҭҵааҩ, ашәҟәыҩҩы, апрофессор, академик Станислав Зосим-иԥа Лакоба.
Станислав Лакоба ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылараан хәы змаӡам алагала ҟаиҵеит. Уи Владислав Арӡынба иҩыза бзиа иакәын, ҳтәыла ԥхьаҟатәи алахьынҵа иадҳәалоу ахҭысқәа зегьы дрылахәын.
Станислав Зосим-иԥа Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ахылаԥшрала, насгьы Урыстәыла абжьаҟазараан аԥсуа-қырҭуатә еимакы аҭышәныртәаларазы Женеватәи аиҿцәажәаратә процесс активла далахәын.
Станислав Лакоба ҵарауаҩк иаҳасабала иаанижьыз рацәоуп: иара дравторуп амонографиақәа, арҵага шәҟәқәа, астатиақәа шәкы инареиҳаны. Аԥсны аҭоурыхи, аполитикеи, Кавказ ажәларқәа ркультуреи ирызку аочеркқәеи аессеқәеи, Лакоба еиҳа еицырдыруа ишәҟәқәа, имонографиақәа иреиуоуп – «1905-1997 шықәсқәа раан ареволиуциа аамҭазтәи Аԥсны аибашьцәа», «Амшқәа цон Аҟәа-Кале. Аҭоурых-культуратә очеркқәа», «Аԥсны аполитикатә ҭоурых аочеркқәа», «Қырҭтәылеи Аԥсни шәышықәса зхыҵуаз аибашьра», «Қырҭтәылатәи аҭоурыхҭҵааҩцәа рахь аҭакқәа», иара убас «Аԥсуа архив».
Гәалсра дула срыдышшылоит ҳтәылауаа, иуацәеи иҭынхацәеи, иҩызцәеи, иколлегацәеи, Аԥсны жәлар зегьи. Ҳара даҳгәалашәалоит Станислав Зосим-иԥа Лакоба гәыкала аиашара иазықәԥоз, иԥсҭазаара зегьы зыхҭниҵаз иԥсадгьыл гәыкала бзиа избоз уаҩԥсык иаҳасабала.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра