Урыстәыла Ахада Иҟны иҟоу ауаҩы изинқәа Рыхьчаразы Ахеилак алахәыла Александр Ионов ииҳәаз инамаданы Анас Кьышьмариа иҟалҵаз ахҳәаа
13.02.2026
Жәабранмза 12, 2026 шықәсаазы, АРР алахәыла Александр Ионов, агазеҭ «ВЗГЛЯД» ириҭаз аинтервиу аҿы, Шәачатәи аӡбарҭаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа бжьҩык рганахьала аԥырҟәҟәаагатә усмҩаԥгатәқәа рыдкыларазы аӡбара далацәажәо иазгәеиҭеит, “Аԥсны ацәгьаурақәа рыҟаҵаразы агәҩара змоу, мамзаргьы ахара здырҵо ауаа рыҭаразы аҭакԥхықәра ахахьы иагароуп”.
Убри инамаданы, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа Аконституциа ахәҭаҷ 27 инақәыршәаны, иара убас аус зуа ашьаус-процессуалтә закәанԥҵареи аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқарра аҭара аҟынтәи аиммунитет шрымоу агәаларшәара хымԥадатәиуп ҳәа иԥхьаӡоут. Ас еиԥш анормақәеи апринципқәеи, иара убас егьырҭ атәылақәа, Урыстәылатәи Афедерациагьы уахь иналаҵаны, рзакәанԥҵарақәа ирҟазшьарбагоуп.
Иарбоу аинтервиу аҿы, Александр Ионов иара убас иҳәеит: «Аԥсны Амаҵзура Ҷыдақәа ируалԥшьоуп арҭ ауаа раанкылареи рҭакреи рзы ирылшо зегьы ахархәара».
Абри инақәыршәаны иазгәаҭатәуп, Аԥсны Аҳәынҭқарра азинхьчаратә усбарҭақәа, официалла икьыԥхьу аинформациа инақәыршәаны, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа И.Ревеи, П. Тимофееви, Д. Будыкини ааха роуит ҳәа иахьыԥхьаӡаз ахҭысқәа рзы иахәҭоу аусура шымҩаԥырго.
Хыхь иааго инамаданы, иахәҭаны исыԥхьаӡоит ацәгьаура аҟаҵаразы агәҩара змоу, мамзаргьы ахара здырҵо ауааԥсыра рхара иадҳәаланы заа алкаақәа рыҟаҵара иацхраауа, иара убасгьы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинхьчаратә усбарҭақәа русура апроцессуалтә хьыԥшымра апринцип иҽеимкәа ианыруа аҳәамҭақәа рҽырцәыхьчара акырӡа аҵанакуеит.