Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы Азинмчра змоу Анас Кьышьмариа есышықәсатәи ажәахә ҟалҵеит
15.04.2026
Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы Азинмчра змоу Анас Кьышьмариа аҩаша, мшаԥымза 14 рзы Аԥсны жәлар реизара – Апарламент асессиа аилатәараҿы есышықәсатәи ажәахә ҟалҵеит.
Адепутатцәа 2025 ашықәсазтәи аусура аихшьаалақәа аҳасабырба ианазыӡырҩы, азакәан ахәҭаҷ 19 «Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчра змоу изкны» инақәыршәаны рхахьы иааргеит.
Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба ажәахә аҿы ауааԥсыра зыргәамҵуа азҵаарақәа жәпакы ишрылацәажәаз азгәеиҭеит. «Адепутатцәа уажәы излацәажәараны иҟоу азҵаара хадақәа ируакуп аҩнытә ақәымчреи уи иадҳәалоу азакәан апроекти ртема. Иахьа араҟа иҟоуп апрокуратуреи ахада иусбарҭеи рхаҭарнакцәа. Арҭ азҵаарақәа хара имгакәа рылацәажәара ҳгәы иҭоуп, апрофильтә еилакқәа реилатәарақәа азԥаҳҵәахьеит. Дауҭ Хәыҭаба инапхгарала аҳәынҭқарратә-зинтә политиказы аилак хаданы иҟалоит. Иара убас, аусура иадыԥхьалоуп асоциалтә политиказы аилак. Сгәаанагарала, ахцәажәара шәаргьы шәҽалашәырхәуеит, Анас Руслан-иԥҳа, иара убас ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчра змоу леиԥш, Азинмчра змоу аусбарҭақәа рхаҭарнакцәагьы», - иҳәеит Лаша Ашәба. Иара ахәшьара ҳаракы аиҭеит хәажәкырамза 1 азы 10 шықәса зхыҵыз ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчра змоу иинститут аусура. «Ари аинститут анышьақәгыла аҽны инаркны аҳәынҭқарразы аҵак ду шамоу шьақәнарӷәӷәеит, тәылауаақәак, уаажәларратә усзуҩцәақәак иахьагьы гәрамгарала ишазыҟоугьы. Аомбудсмен иусура хымԥадатәиуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит. Ари апарламент аҭакԥхықәра зду усбарҭоуп, иалышәкаауа ахьаа ҭыԥқәа адепутатцәа реиԥш анагӡаратә мчрагьы ақәҿырҭуеит, уи аҵыхәтәаны азакәанԥҵаратә акт ҿыцқәа рыдкылареи аус зуа аԥсахрақәа ралагалареи хра рыманы ирныԥшуеит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Лаша Ашәба.
Аԥсны Апарламент аҿы Аҳәынҭқарра ахада изинмчы змоу ихаҭарнак Дмитри Шамба иазгәеиҭеит ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчра змоу лажәахәқәа еснагь ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхақәиҭреи реилагаразы аинформациа шаадырԥшуа. «Ҳәарада, уи Аԥсны мацара акәым, егьырҭ атәылақәа зегьы ирҟазшьарбагоуп. Акритика еиҳа ишақәшаҳаҭым аадырԥшуеит анагӡаратә мчра аусбарҭақәа. Аха убри азоуп адемократиатә ҳәынҭқарра зеиҿаҳкаауа, Аԥсны абас еиԥш иҟоу аинститутқәа ыҟазарц, наҟ-наҟ ириашатәу, иалдмыршаша агхақәа ҳзырбо. Абасала, ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчра змоу лажәахә азхьаԥшразы ажәалагала ҟаҵоуп. Ҳусура апроцесс аан уи еиҳа инарҭбааны еилаҳкаауеит, иахьынӡаҳалшо ауснагӡатәқәа мҩаԥаагалоит, Анас Руслан-иԥҳа илҳәаз аилагарақәа рырҽеиразы», - иҳәеит Д. Шамба.
А. Кьышьмариа Азинмчра змоу иаппарат 2025 шықәсазтәи аусуразы аҳасабырба адгалара мҩаԥго иазгәалҭеит, мшаԥымза 7 рзы Гәылрыԥшь араион аҿы иҟалаз ахәыҷы изку ахҭыс ганкахьала ауаажәларра шахнарԥсааз, «акыраамҭа аҭаацәара-бзазаратә еизыҟазаашьақәа рыпроблема гәазымҭо, мамзаргьы есыҽнытәи ҳаԥсҭазаара иалызцо». А. Кьышьмариа аус зуа азакәанԥҵара ариашарақәа рылацәажәара адагьы аҭаацәара-бзазаратә еизыҟазаашьақәа рзы азакәан алацәажәара ахәаԥшра аамҭа ааит ҳәа илыԥхьаӡоит. «Сара издыруеит асессиа иҳаҩсыз аилатәараҿы ари азҵаара ишалацәажәаз, изыхәҭоу аилакқәа анапынҵақәа шрыҭаз... Ҳара ҳганахьала ҳазыхиоуп аусура активла аҽалархәра, насгьы хазы игоу ариашарақәа заҳҭаху аилыркаара, хықәкыла, аусураҿы реалла ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зегьы зыӡбо азакәан», - азгәалҭеит А. Кьышьмариа.
Л. Ашәба апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа иахь ахҳәаа ҟаиҵеит. «Апроцессуалтә гәаҭара амҩаԥгара алҵшәақәа рыла ашьаус хацыркуп. Уажәы иҭахаз аӡӷаб хәыҷы дзааӡоз лан лаҳәшьа дҭакуп. Хара имгакәа иӡбахоит ахара лыдҵара азҵаара», - иҳәеит Д. Кәыҵниа. Апрокурор иазгәеиҭеит Ареспублика ашьаустә закәанԥҵараҿы ас еиԥш иҟоу ацәгьоурақәа раан ахархәара змоу ашьаустә ҟазшьа змоу ауснагӡатәқәа ыҟоуп ҳәа. «Ашьаустә закәанеидкыла иашьашәалоу астатиақәа ыҟоуп. Урҭ имчымхоуп ҳәа узыҳәом. Сара сгәаанагарала, аусҭҵаара алҵшәақәа ирызкны, хымԥада асоциалтә хылаԥшра аусбарҭақәа русура ахәшьара аҭахоит. Заанаҵы иҟоуп аинформациа ари аҭагылазаашьа шырдыруа ала. Уи ҳаргьы ишьақәҳаргылоит, ахәшьара аҳҭоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Д. Кәыҵниа. Иара ашьаустә ҭакԥхықәра арӷәӷәара алыршарагьы азгәеиҭеит, аха хыма-ԥсыма аӡбамҭақәа ирцәихьчоит. «Ари даара иуадаҩу зҵаароуп, хшыҩзышьҭрала аҭҵаара аҭахуп. Араҟа хыма – ԥсыма алкаақәа рыҟаҵара ҟалом, иаразнак аӡбамҭақәагьы рыдкылара ҟалом», - иҳәеит Д. Кәыҵниа.
Иара убас, аомбудсмен азинмчы змоу аусбарҭақәа афымцамч атарифқәа рышьҭыхра инадҳәаланы иҟалҵаз ааԥхьара аҭак аҟаҵаразы аиҳабы диазҵааит. «Аҭак аенергетика Аминистрра аҟынтәи иааган, аха рыцҳарас иҟалаз, атәылауаа зыргәамҵуа азҵаарақәа ҭакда иаанхеит. Афымцамч зхы иазырхәо абжьааԥнытәи атәылауаҩ дзыхирҟьо, иарбан тарифу, насгьы шаҟа ишәо изымдыруа даанхоит», – ҳәа азгәалҭеит А.Кьышьмариа.
Л. Ашәба дазааҭгылеит ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчра змоу иаппарат ахь егьырҭ Аҳәынҭқаррақәа ртәылауаагьы рҟынтәи ааԥхьарақәа шаауа. «Шәара иазгәашәҭеит Қырҭтәыла атәылауаагьы рҟынтәи ааԥхьарақәа шыҟаз. Изыдҳәалоузеи урҭ, иарбан зҵаарақәоу изыдҵаало?» - дазҵааит иара. Абри аҩыза азҵаара Азинмчра змоу лахь инаишьҭит адепутат Дауҭ Хәытаба. А. Кьышьмариа аҭак ҟалҵеит ааԥхьарақәа ауаа зегьы рҟынтәи ишрыдыркыло. «Ҳара атәылауаҩ изы иманшәалоу иарбан формазаалак ала ааԥхьарақәа ҳадаҳкылоит: аелектронтә ԥошьҭа абзоурала, ҭелла, мамзаргьы хаҭалатәи аицәажәарала», – лҳәеит лара. Қырҭтәыла атәылауаа иҟарҵо ааԥхьарақәа ртәы ҳҳәозар, урҭ еиҳарак изыдҳәалоу анхаразы азин аҿҳәара анҵәареи адокументациеи роуп. А. Кьышьмариа лажәақәа рыла, ауаа аамҭа-аамҭала адокументациа рзуразы ауадаҩрақәа рызцәырҵуеит, аха урҭ амассатә ҟазшьа амам. «2025 шықәсазы анхаразы азин аиураан ауадаҩрақәа ирызкны асигналқәа ыҟамызт», – ҳәа азгәалҭеит лара. Д. Хәытаба мап ацәикуамызт ас еиԥш иҟоу алҵшәа бзиақәа Аомбудсмени Апарламенти русура акоординациа ишабзоуроу.
Адепутатцәа зызҿлымҳаз даҽа темак-азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа раанкылараан, мамзаргьы абаандаҩцәа рганахьала ақәымчра ахархәара ахҭысқәа роуп. А. Кьышьмариа иҟалҵаз адыррақәа рыла, 2025 шықәсазы аӡбара аԥхьатәи абахҭақәеи аамҭалатәи абахҭақәеи рҿы иҭаку ауаа рыуацәа рҟынтәи еиуеиԥшым асигналқәа шыҟаз. «Арҭ ахырхарақәа инарықәыршәаны, аҭакратә ҭыԥқәа ҳарҭааит, ааха зауз ҳәа иԥхьаӡаз рыҿцәажәара мҩаԥган, аха урҭ асигналқәа шьақәырӷәӷәамызт. Ауацәа баша игәныргоит. Абар аҵыхәтәантәи ахҭыс: аҭаацәа рҟынтәи ахырхара аашьҭын, ауаҩы иаанкылара иабзоураны, аусҭҵааратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуан, иҭынхацәеи иареи рыбжьара аимадара ыҟмамызт. Ҳәарас иаҭахузеи, агәыҭҟьа-ԥсыҭҟьара иалагеит: иҭаку дахьыҟоу, насгьы иарбан аамҭалатә бахҭоу дахьҭаку ахьырзымдыруаз иабзоураны. Ахырхара аус адулан, Анцәа иџьшьаны ишьақәырӷәӷәамхеит, атәылауаҩ иԥсҭазаареи, игәабзиареи рзы ашәарҭара ыҟамызт», – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.
Адепутат Кан Кәарҷиа азҵаара ықәиргылеит Азинмчра змоу иаппарат аофициалтә ҳәамҭақәа рымацара ирықәҿнаҭуама, мамзаргьы иара убас афактқәа ирықәҿнаҭуама ҳәа. А. Кьышьмариа иазгәалҭеит Азинмчра змоу иаппарат ахырхарақәа зегьы рҭак шыҟанаҵо, аха урҭ зегьы ажәлар рылацәажәаратә теманы ишыҟам.» Изакәаным усқәак рымҩаԥгара афактқәа ртәы ҳаҳауазар, ҳара ҳнапхгара аҵаҟа иҟоу аҭагылазаашьақәеи адеталқәеи ҭаҳҵаауеит, аха ажәлар рҿаԥхьа аҳәамҭақәа ҟаҳҵаӡом", - лҳәеит лара.
https://ombudsmanra.org/upload/iblock/2d1/2d19f909979b5339f7fe99d5494f28c4.pdf - 2025 шықәсазы Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчра змоу иусура иазкны Есышықәсатәи Ажәахә.