Анас Кьышьмариа Иан Лантратова Урыстәылатәи Афедерациаҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчра змоу имаҵураҭыԥ иҭара идылныҳәалеит
14.05.2026
Иахьа, лаҵарамза 14 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума апленартә еилатәараҿы иахәаԥшит Урыстәылатәи Афедерациаҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчра змоу имаҵураҭыԥ аҭара азҵаара. Бжьеиҳарала Иана Лантратова лкандидатура иадгылеит, ларa лзы рыбжьқәа рҭиит 301-ҩык адепутатцәа.
Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчра змоу Анас Кьышьмариа ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчра змоу ҿыц Иана Лантратова лмаҵураҭыԥ лыдылныҳәалеит, атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭреи рыхьчаразы аусхк аҟны аусеицура аринахысгьы арӷәӷәара агәра ганы дшыҟоу атәы лҳәеит.
Иҟалҵаз ааԥхьараҿы иазгәалҭеит Урыстәыла Азинмчра змоу ҿыц хымԥада лдырреи луаҩытәыҩсатә ҟазшьа ҳараки, иара убас аҩ-тәылак аомбудсменцәа ринститутқәа рыбжьара аидгыларатә еинырра ацҵареи аизырҳареи аҵак ду шрымоу, инаҵшьны иазгәалҭеит ауаҩы изинқәа рыхьчара азҵаарақәа рзы аусеицура аҵакы шамоу.
Иара убас, А.Кьышьмариа Урыстәылатәи Афедерациаҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы ԥыхьатәи Азинмчра змоу Татиана Москалькова шықәсырацәалатәи лусеицуреи лыцхыраареи рзы иҭабуп ҳәа лаҳәо ажәақәа налышьҭит.
"Урыстәылатәи Афедерациаҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчра змоу имаҵураҭыԥ аҿы шәусура ахамеигӡареи аус ииашаны амаҵзуреи ирҿырԥшыгахеит», — ҳәа арбоуп ааԥхьараҿы.