IV Жәларбжьаратәи анаука-практикатә конференциа
13.05.2026

Лаҵарамза 12 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы имҩыԥысит IV Жәларбжьаратәи анаука-практикатә конференциа «Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аиашаӡбара» аартра. Аусмҩаԥгатә лаҵарамза 13 рзы 103 шықәса зхыҵуа атәыла азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа рышьақәыргылара амш иазкуп.

Аконференциа рхы аладырхәит Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиаԥҳаи Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәеи.

Аконференциа раԥхьаӡа акәны еиҿкаан 2023 шықәсазы Аԥсны азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа шәышықәса рхыҵра иазкны. Уи нахыс аусмҩаԥгатә есышықәса имҩаԥысуеит, насгьы аӡбаратә системеи, аҵарадырратә еилазаареи, аус зуа ауааԥсыреи рхаҭарнакцәеи еидызкыло аҵаратә платформа аҳасабала аус ауеит, аиашареи азинтә системеи рыҿиара иадҳәалоу иахьатәи азҵаарақәа рылацәажәаразы.

Аконференциа апрограмма атематикатә секциақәа акымкәа-ҩбамкәа иаҵанакуеит:  

- «Аӡбаратә мчра: ашьақәгылареи аҿиара атенденциақәеи»  

- «Аԥсны Аҳәынҭқарра азинтә система: аконституциатә шьаҭақәеи аҿиара аперспективақәеи»  

- Астол гьежь «аӡбаратә системаҿы аиашаӡбара Ацифраркра, иԥсабаратәым аинтеллект, аинформациатә технологиақәа»  

- «Административтә зинеилагарақәа рзы ашьауӷатә ӡбареиҿкаареи аӡбареиҿкаареи рыпроблемақәа»  

- «Ауаҩы изинқәа рыхьчара, аӡбараҭа ақәҵарақәа рынагӡара»  

- «Атәылауаҩратәи административтәи азини апроцесси русхкытә проблемақәа»


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра