Ҭелла еицәажәеит Анас Кьышьмариеи Иана Лантратови
15.05.2026

Ахәаша, лаҵарамза 15 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчра змоу Анас
Кьышьмариеи Иана Лантратови аҭелла еицәажәеит.

Анас Кьышьмариа Иана Лантратова илыдылныҳәалеит уи аԥхьа, лаҵара 14 рзы имҩаԥысыз амаҵурахьы лалхра,
азинхьчаратә усхк аҟны аҵакы змоу ақәҿиарақәа
лзеиӷьалшьеит. Иана Лантратова Анас Кьышьмариа азеиӷьашьарақәа рзы иҭабуп ҳәа лалҳәеит, аҳәынҭқарратә
зинхьчаратә институтқәа рыбжьара аинырра аҿиара аҵак ду шамоугьы азгәалҭеит. Урыстәылатәи Азинмчра змоу
инаҵшьны иазӷәалҭеит ринститут ашәқәа еснагь аԥсуаа рзы ишаарту.

Аиҿцәажәара иалахәыз Москва реиқәшәаразы еиқәшаҳаҭхеит.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра