Азинмчра змоу Асанитартә ҳақьым хада COVID-19 аҭагылазаашьа аҽацәыхьчарази уи ахыҵхырҭа аԥыхрази апенитенциартә усбарҭақәа рҿы азнеишьақәа азылыԥшаарци аҳәара ҟалҵеит
08.02.2021

Азинмчра змоу Асанитартә ҳақьым хада COVID-19 аҭагылазаашьа аҽацәыхьчарази уи ахыҵхырҭа аԥыхрази апенитенциартә усбарҭақәа рҿы азнеишьақәа азылыԥшаарци аҳәара ҟалҵеит

Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу илоуит адырра, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу Аамҭалатәи аԥхьакырҭа «Дранда» иҭакқәоу рахьтә акоронавирустә ҿкы COVID-19 ала руаӡәк дшычмазаҩхаз ала.

Иҭакқәоу изларҳәо ала, акоронавирус аҿкы иазҷыдаҟазшьоу асимптомқәа иага ирымазаргьы, амедицинатә усзуҩцәеи Амҭалатәи аԥхьакырҭа аиҳабыреи рганахь ала хәарҭара рзызуша иадекваттәу цхыраарак шыҟарымҵо.

«Дранда» Аамҭалатәи аԥхьакырҭаҿы акоронавирустә ҿкы аиҭарҿыцра, егьырҭ аамҭалатәи аԥхьакырҭатә ҭыԥқәа рыҟнеиԥш, ишәарҭароу ҭыԥны иҟоуп аҟазааратә ҭыԥ ҭшәақәеи аҳауа цқьа азымхареи ирхырҟьаны. Убри анаҩысгьы, Аамҭалатәи аԥхьакырҭаҿы асанитар-гигиенатә ҭагылазаашьа цәгьақәа хшыҩзышьҭра рызузар, еилкаахоит ари аҿкыла ачымазахаразы ашәарҭара акырӡа шеиҳахо.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан «Атәылауааԥсыра рсанитар-епидемиологиатә еиҿкаара» (анаҩс Азакәан) захьӡу инақәыршәаны, Ихадоу аҳәынҭқарратә санитартә ҳақьым имаҵзуратә хымԥадатәрақәа анынаигӡо, уадаҩрак дақәымшәакәа аҳәынҭқарратә санитартә-епидемиологиатә гәаҭара иахыжьлатәу аобиеқтқәа рҭыԥқәеи руадақәеи гәеиҭароуп, асанитартә закәанԥҵара ахьынӡақәныҟәоуи иазгәаҭоу аобиеқткәа рҟны асанитар-епидемиаҿагыларатә (апрофилактикатә) усмҩаԥгатәқәеи ргәаҭара хықәкыс иганы.

Асанитартә закәанԥҵара аилгара агәаҭараан, иара убас аҿкытә чымазареи амассатә инфекциатәым чымазареи (аԥырхагахара) рыҟаларазы ашәарҭара агәаҭараан, Ихадоу асанитартә ҳақьым ауаатәыҩсатә хаҿқәеи азинхаҿқәеи изықәнагоу аҿҳәара иҭагӡаны анагӡарзы ихымԥадатәны иҟоу абжьгарақәа риҭартә азин имоуп.

Азакәан ап. 6 ахәҭ. 49 инақәыршәаны, Ихадоу аҳәынҭқарратә санитартә ҳақьыми уи ихаҭыԥуааи аҿкытә чымазарақәа рыҟалареи рыҿиареи рзы ашәарҭара шыҟалалак, иааҳакәыршәаны иҟоу рзы ишәарҭахарц зылшо, амотивациа знырԥшу ақәҵара адкыларазы азин рымоуп:

а) агәҭаразы ахәышәтәырҭахь ашьҭаҵара мамзаргьы аҿкытә чымазарақәа змоу ачымазацәа хазы рыԥхьакра, иааҳакәыршаны иҟоу рзы ишәарҭақәоу, иара убас ичмазаҩуп ҳәа агәыҩбара зызцәырҵуа рзы;

б) ихымԥадатәу амедицинатә гәаҭара ахыжьра, ахәышәтәырҭахь ашьҭаҵара мамзаргьы аҿкы змақәаз ауаа рааигәа иҟақәаз атәылауаа рыԥхьакра, иааҳакәыршаны иҟоу ауаа рзы ишәарҭақәоу;

в) аҿкытә чымазара аиагара зылшақәо насгьы аҿкытә чымазара алазырҵәақәо урҭ русура аҷыдаҟазашьақәа ма раалыҵқәа зеиԥшро инарықәыршәаны ауаа аамҭала русура ҭыԥ ахь рынамышьҭра.

Иара убас ахәҭ. 49 инақәыршәаны Ихадоу асанитартә ҳақьым асанитартә закәанԥҵара аилагаразы амотивациа зызу ақәҵарақәа рышьақәыргыларазы азин имоуп административтә ҿаҵарақәеи аштрафқәеи реиқәыршәарала, азинхьчаратә усбарҭақәа рышҟа асанитартә закәанԥҵара шеилагоу атәы зҳәо ашәҟәқәа рынашьҭра ашьауӷатә усқәа рхацыркразы.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аамҭалатәи аԥхьакырҭа «Дранда» аҟны иҭакқәоу иара убас уи аусзуҩцәа рыԥсҭазаареи ргәабзиареи реиқәырхара хықәкыс иганы, Азинмчра змоу Ихадоу асанитартә ҳақьым Лиудмила Скорик дазхьалырԥшит акоронавирустә ҿкы аҟазаара аилкаареи нас уи аԥырҟәҟәареи рзы аамҭа ахмырԥакәа азнеишьақәа азылыԥшаарц Аԥсны иахьаҵанакуа мчыла иахьҭакқәоу рҿы насгьы иадкылаз азнеишьақәа ирызкны Азинмчра змоу лаппарат ахь адыррақәа налышьҭларц.



Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра