Асида Шьаҟрыл аԥхьакырҭатә ҭыԥқәа рҿы, иахьҭаку COVID-19 аҭагылазаашьа аҽацәыхьчарази уи ахыҵхырҭа аԥыхрази азнеишьақәа азырыԥшаарц иазхьалырԥшуеит
12.02.2021

Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу лофис ахь Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аамҭалатәи аԥхьакырҭаҟнытә иааз адырра, иҭакқәоу рахьтә ичмазаҩцәоу акоронавирустә ҿкы ҷыдала иалкаау асимптомқәа шрымоу атәы знырԥшыз инақәыршәаны, 12.01.2021 ш. Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Асида Шьаҟрыл Дмитри Дбар иаԥшьылгеит Аԥсны Аҳәынҭқарра асанитар-епидемиологиатә маҵзура ашҟа изықәнагоу азыҳәа наишьҭырц Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу Аамҭалатәи аԥхьакырҭаҟны иҭакқәоуи аусзуҩцәеи амассатә тестҟаҵара иахысырц.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аамҭалатәи аԥхьакырҭаҟны иҭакқәоуи аусзуҩцәеи рмассатә тестҟаҵара абри аамҭа зегьы иалагӡаны имҩаԥырымгаӡацт. Иара убри аамҭазы, 04.02.2021 Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аамҭалатәи аԥхьакырҭаҟны COVID-19 ачымазаратә ҿкы зыхьыз ирызку адыррақәа ҟалеит. Ихадоу асанитартә ҳақьым Л.В.Скорик еиқәлыршәаз адыррақәа (иалҵ. №52, 08.02.21ш. аҟнытә) инарықәыршәаны, иҭакқәоу рахьтә ачымазаратә ҿкы COVID-19 здырбалаз рхыԥхьаӡара есааира иацлоит.
Аамҭалатәи аԥхьакырҭа анапхгарала хырԥашьа змам аӡбамҭа адымкылара, ари аҿкы аларҵәара иаҩызоу, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи ауқәа рминистрра Аамҭалатәи аԥхьакырҭаҟны иҭакқәоуи уи аусзуҩцәеи зегьы еилых ҟамҵакәа рыԥсҭазаареи ргәабзиареи ашәарҭара иҭанаргылоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭ. 24 «Ахара здырҵоуи изхароуи рҭакырҭаҿы рыҟазаара иазкын» захьӡу инақәыршәаны, аамҭала рыԥхьакырҭаҿы ахәышәтәра-профилактикатәи асанитар-епидемиологиатәи усурақәа мҩаԥгахоит атәылауаа ргәабзиара аиқәырхара иазку азакәанԥҵара инақәыршәаны.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахәҭ. 13 инақәыршәаны аԥсҭазааразы азин ауаҩы изин хадақәа ируакуп. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахәҭ. 19 инақәыршәаны, уаҩыцыԥхьаӡа амедицинатә цхыраара аиуразы азин имоуп.
Инареиҵоу астандарттә ԥҟарақәа рҟны ишазгәаҭоу ала, иҭакқәоу рызныҟәара иазынарханы урҭ амедико-санитартә цхыраара рыдгалара ахәынҭқарра ҭакԥхықәраны ишыҟоу. Иҭакқәоу, егьырҭ ауааԥсыра реиԥшҵәҟьа амедико-санитартә стандартқәа рзеиқәыршәазароуп, насгьы урҭ ихымԥадатәу амедико-санитартә цхыраара рыдгалазар ахәҭоуп урҭ рзинтә статус зеиԥшразаалакгьы адискриминациа ҳәа акгьы ыҟамкәа.
Ишазгәаҳҭахьоу еиԥш, «иҭаку игәабзиарахьчара қәнагала аиҿкаара алагоит иара дахьҭаку иҭакырҭаҿы даннаргалак инаркны».
Азинмчра змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иабжьылгеит иҭакқәоу амедицинатә цхыраара рыдгаларазы ихарҭәаау аформа ҿыцқәа рыла еиқәыршәоу алшарақәа рыдыргаларц.
Ахымԥадатәра ҟалозар иҭакқәоу амедицинатә цхыраара рыдгалазар ауп астационар аҭагылазаашьақәа инарықәыршәаны амедусбарҭақәа рҟны COVID аҷыдарақәа рышьашәаланы – Аԥсны Аҳәынҭқарра «Агәабзиарахьчара иазкны» захьӡу Азакәан инақәыршәаны.
Азинмчра змоу аҳәара ҟалҵоит анапхгарала иадкылаз азнеишьақәа ирызкны адыррақәа лыдыргаларц, Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа ауаа ахьҭаркыз, аамҭала иахьҭаку COVID -19 акоронавирустә ҿкы аҽацәыхьчарази уи ахыҵхырҭа аԥыхрази.