Асида Шьаҟрыл Гал араион Ахадара аилатәараҿы лҽалалырхәит
18.02.2021

Гал араион Ахадараҿы изаамҭанытәым аилатәара мҩаԥысит, уи зызкыз галтәи араион аҟны адгьыл ахә ацлара акәын, аилатәараҟны рхы аладырхәит Аԥсны Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Асида Шьаҟрыл, иара убас амчратә, агәаҭаратә, насгьы афискалтә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа.
Ишдыру еиԥш, Аԥсны Ахада Азинмчра змоу галаа рзинқәа реилагара зызкыз, адгьыл азы ашәахтәқәа рыхә ацлара зыдҳәалаз лықәгылараҿы иазгәалҭаз ныррада инимыжьит. Атәыла Ахада иусԥҟала ԥхынгәымза 7, 2020 шықәса аҟнытә араионтә Еизара изакәнтәымыз аӡбара аԥыхын, Галтәи араион аҟны адгьыл азы ашәахтәқәа рацлара зыдҳәалаз.
Аилатәара аартуа, Галтәи араион Аиҳабы Константин Ԥлиа араионқәа зегьы Реиҳабацәа Атәыла Ахада иусԥҟа азҵаара зызкыз аҳасабырбақәа идыргаларц аҳәамҭа ҟаиҵеит.
Асида Шьаҟрыл лажәақәа рыла, аилатәараҿы Галтәи араион ауааԥсыра зырҵхоз азҵаарақәа ирылацәажәан, урҭ рахьтә ҩбаны иҟоу ашәахтәқәа рызҵаатәы, Егры аӡиас ала аҳәаа ахыҵра, атәылауаҩшәҟәқәа рызҵаара уҳәа егьырҭ азҵарақәагьы ирылацәажәан.
«Арҭ азҵаарақәа аамҭа ахмырԥакәа иӡбатәны иҟоуп, избан акәзар урҭ ауаа рлахьынҵа зыӡбо акәны иҟоуп. Иага иаҳцәыуадаҩзаргьы, арҭ азҵаарақәа рполитикатәра ҳацәхьаҵроуп, избанзар даҽакала арҭ азҵаарақәа еиҳагьы рыҽдырҭбаалоит», - азгәалҭеит Азинмчра змоу.
Аилатәара иалагӡаны, Асида Шьаҟрыл Гал араион иқәынхақәо атәылауаҩшәҟәқәа рызшара азҵаарала иаарту аилатәара мҩаԥыргартә аинициатива аалырԥшит Ашәарҭадара ахеилаки атәыла Анапхгареи алархәны.
Гал араион Ахада Константин Ԥлиа иара иганахьынтә ақыҭақәа реиҳабацәеи Галтәи араион апрокурори аамҭа ахмырԥакәа араион аҟны иқәынхақәо ауааԥсыра рзинқәа реилагара ахьыҟалаз еилкааны ҷыдала иазнеирц, мамзаргьы ашьауӷатә ус хацдыркырц анапынҵа риҭеит.