Асида Шьаҟрыли Аслан Бжьаниеи реиԥылара мҩаԥысит Азинмчра змоу лофис аҟны
19.02.2021

Азинмчра змоу лофис аҟны Асида Шьаҟрыли Аслан Бжьаниеи реиԥылара мҩаԥысит.
Атәыла Ахада иҿцәажәараан Азинмчра змоу иазгәалҭеит: «Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу лаппарат – ари иҿоу институтуп убри аҟнытә ачынуаа ирацәаҩуп уи изамышьцылац. Абри инамаданы ҳара шәыцхыраара ҳҭахуп. Аппарат аусура аамҭа зегьы алагӡаны ауадаҩрақәа рхыԥхьаӡара рацәахеит, урҭ зыдҳәалоу анагӡаратә мчра аусбарҭақәа рҟны ауаҩы изинқәа реилагара ауп. Ари зыдҳәало ачынуаа рахьтә иҟалалоит ауаҩы изинқәа қәнагала иззымдыруа ахьыҟоу, ма уи атәы зынӡаск иззымдыруа. Иара убри азоуп ауаҩы изинқәа реилагараҟны еснагь ачынуаа изырхарам, аха изхароу урҭ рзиндырра ахьылаҟәу ауп. Ихымԥадоу азинтә принципқәа зегьы азакәанқәа шьаҭас ирзышьҭоуп, аха урҭ рынагӡаразы амеханизмқәа ыҟам. Ишәасҳәараны иҟоу атема хадақәа рахьтә – атәылаҿы азакәантәра аиҿкаара ауп. Ара уадаҩрас иҟоу уи ауп, аиҳабыратәи абжьаратәи ачынуаа иаармарианы азакәанқәа еиларгоит, уи азгьы имаҷуп аҭакԥхықәра зхахьы изго. Иарбанзаалак ареформа ақәҿиара заиуӡом, азакәан ахь аҳаҭыр ҟамлозар. Иреиӷьӡоу аконцепциа ҩызар ҟалоит, аха уи аӡәгьы наигӡаӡом азакәан дықәымныҟәозар».
Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит, Ахада иуснагӡатә хадақәа ишыруаку атәылауаа рзинқәа рыхьчара, Аконституциаҟны иазгәаҭоу, насгьы ари ауснагӡатә анапхгара аполитикаҿы иприоритеттәу акәны иҟалоит.