Азинмчра змоу атәыла Ахада ақырҭуа-аԥсуа ҳәынҭқарратә ҳәааҿы аԥкрақәа ррежим ацҵара ахьынӡақәнагоу азҵаара дазхьалырԥшит
01.03.2021

Азинмчра змоу атәыла Ахада ақырҭуа-аԥсуа ҳәынҭқарратә ҳәааҿы аԥкрақәа ррежим ацҵара ахьынӡақәнагоу азҵаара дазхьалырԥшит

Қырҭтәыла иаԥну аҳәынҭқарратә ҳәаа аркын № 101-рп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада и.н. В.Р. Бганба иқәҵарала хәажәкырамза 14, 2020 ш. рзы Қырҭтәыла иахьаҵанакуа акоронавирустә ҿкы COVID-19 ала ичмазаҩхаз рхыԥхьаӡара ахьацлаз аҟнытә. Иара убри аамҭазы абри азҵаарала иадыркит аԥсуа-аурыс ҳәынҭқарратә ҳәаагьы, уи иадекваттәу асанитар-епидемиологатә знеишьан.   

Усҟан Қырҭтәыла иҟақәаз Аԥсны иқәынхақәо ауааԥсыра рырхынҳәразы агуманитартә коридор аартра хықәкыс иганы, шықәсык аҩныҵҟа аҳәаа 5-нтә иаартын (мышқәак иреиҳамызт аҳәаа аартра). Иара убас жьҭаарамза 15 инаркны ԥхынҷкәын 30 рҟынӡа 2020 шықәсазы Қырҭтәыла атәылауаа рзы, атәанчахәы зауази асоциалтә цхыраара зауази рзы иаартын агуманитартә коридор. Қырҭтәыла иахьаҵанакуа лассаамҭатәи амедицинатә цхыраара аиура зҭахқәаз рзы, хьаҳә-ԥаҳәрада аԥсуа-ақырҭуа ҳәынҭқарратә ҳәаа аартын.

Нанҳәамза 2020 шықәсазы аԥсуа-аурыс Ҳәынҭқарратә ҳәаахыҵырҭа «Ԥсоу» аартразы аӡбамҭа адкылан, аха иара убри аамҭазы Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҿы иқәынхақәо Қырҭтәыла атәылауаа рзы аԥсуа-ақырҭуа ҳәынҭқарратә ҳәаа ахыҵразы азин ыҟамызт.

Ауааԥсыра ргәабзиареи рыԥсҭазаареи реиқәырхара хықәкыс иганы иадгалақәаз аԥкрақәа иҟаҵәҟьоу ашәарҭарақәа рҟынтә аҽацәыхьчаразы зегьы ирзеиԥшны иҟазар ахәҭоуп. Иахьатәи аамҭазы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа акырӡа иахьеиӷьхаз инамаданы, Аԥсны иахьаҵанакуеиԥш, иара убас Қырҭтәылагьы акоронавирустә ҿкы аларҵәара амаҷхара инамаданы аԥкратә знеишьақәа акырӡа имариахеит. Аха иара убри аамҭазы, ақырҭуа-аԥсуа ҳәаа аусура ԥкрала иахьацҵаз инамаданы Аԥсны Галтәи араион иқәынхақәо ауааԥсыра хыԥхьаӡара рацәала рзинқәа ирықәиҭӡам, уи Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҿы иқәынхақәо ақырҭуа милаҭ рхаҭарнакцәа рыла дискриминациак аҳасаб ала ирыдкылахоит.

Иарку аҳәаа ақырҭуа ҵараиурҭақәа ирҭаларц гәҭакыс измоуи уа аҵара зҵақәоуи аҿар рызгьы ауадаҩрақәа цәырҵуеит, избан акәзар урҭ ианаамҭоу Қырҭтәылаҟа изцаӡом. Иара убри адагьы, ишдыру еиԥш, Аԥсны иқәынхо ауааԥсыра (реиҳараҩык – Гал араион иқәынхақәо), есааира аҽыхәашәтәра зҭахқәоу, ақырҭуа амедусбарҭақәа рҿы рҽырхәышәтәуеит. Урҭ рахьтә ирацәаҩуп есаамҭа Қрыҭтәылаҟа цатәыс изауқәо, ихымԥадатәу аҽыхәашәтәразы акурсқәа ирхысраны иҟақәоу. Иара убас Аҳәаахыжьратә ҭыԥ «Егры» иахаҵанакуа иҟоу аԥкрақәа ирымаданы, Гал ақалакь ауааԥсыра, ақырҭуа социалтә цхыраара Қырҭтәыла анҭыҵ, Аԥсны ироурц рылшом, ус анакәха, ацхыраара аиуразы урҭ Қырҭтәылаҟа ицар акәхоит.

Иааидкыланы, шықәсык аҩнуҵҟа аиҭанеиааиразы ахақәиҭра аҟамзаареи, иара убас ихадоу аҭахрақәа рынамыгӡареи ирыхҟьаны ауааԥсыра акыр иуадаҩу аҭагылазаашьаҿы иҟоуп. Арҭ зегьы ирылҵшәахеит Гал араион иахьаҵанакуа ауааԥсыра изакәантәымкәа ҳәынҭқарратә ҳәаа иахысуеит (иазгәаҭоуп ԥшьнызқь рҟынӡа изакәантәым аҳәаахыҵрақәа), убри иахырҟьаны урҭ административтә ԥарахшәаара рыдуп 4800-6000 мааҭ иаҟароу, уи ирымоу афинанстә уадаҩрақәа еиҳагьы иацнаҵоит. Убри адагьы, изакәантәым аҳәаахыҵра Covid-19 иарҿиаз аҭагылазаашьа ацклаԥшраҿы алшара иаԥырхагахоит.

Хыхь иазгәаҭоу хшыҩзышьҭра азуа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Асида Шьаҟрыл атәыла Ахада Аслан Бжьаниа ишҟа лхы нарханы аԥсуа-ақырҭуа аҳәынҭқарратә ҳәааҿы иҟоу аԥкрақәа иахьынӡарыхәҭоу азҵаара дазхьаԥшырц аҳәара ҟалҵеит, 14.03.2020 ш. амчра зауз, ауаҩы изинқәа еиқәзырхо ихымԥадатәу аӡбамҭақәа шьақәирӷәӷәарц, насгьы ауаа акоронавирустә ҿкы рыларҵәара алзмыршо ашәарҭадаратә знеишьақәа зегьы идикыларц.



Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра