Аконсултә хәыхшәаарақәа ахьымҩаԥгахо инамаданы Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатәи Азинмчра нагӡа змоуи Ацҳаражәҳәаҩ дидҵаалеит
19.03.2021

Аконсултә хәыхшәаарақәа ахьымҩаԥгахо инамаданы Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатәи Азинмчра нагӡа змоуи Ацҳаражәҳәаҩ дидҵаалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Асида Шьаҟрыл Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатәи Азинмчра нагӡа змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин дидҵаалеит Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра агәаҭаразы Аԥсны Аҳәынҭқарра иқәынхо ауааԥсыра рҟынтә хә-нызықь мааҭ иаҟароу аконсултә хәыхшәаарақәа имҩаԥырго шьаҭас иазышьҭо азҵаара ҭиҵаарц, Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаанхыҵтәи атәылауаҩшәҟәы адызгало усбарҭаны Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша акәзар.

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу лаппарат ашҟа Аԥсны иқәынхо атәылауаа ашшрақәа нарышьҭуеит, уаҟа иазгәарҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша атәылауаа зыҿҳәара хыԥахьоу Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаанхыҵтәи атәылауаҩшәҟәқәа реиҭныԥсахлара аконсултә хәыхшәаарақәа мҩаԥымгакәа зыку рарзаҳалқәа шаднамкыло.

Урыстәылатәи Афедерациа Ақәҵара 05.10.2020 ш. аҟнытә №1601 инақәыршәаны аконсултә хәыхшәаарақәа рзы ахәԥса аԥсахрақәа алагалан, насгьы ишьақәырӷәӷәан «Аконсултә усмҩаԥгарақәа рзы амаҵурауаа рҟынтә Аконсултә хәыхшәаарақәа зеиԥшрахо ашьақәырӷәӷәара иазкны» захьӡу, Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ақәҵарала 11.11.2010 ш. аҟнытә №889, амчрагьы аиуит ажьырныҳәамза 1, 2021 шықәсазы.

Иарбоу аамҭа инаркны Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иқәынхақәо Урыстәылатәи Афедерациа иатәылауаау, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра аҟазаара, ма аҟамзаара агәаҭаразы ирымырхуеит 65 доллар США (Урыстәылатәи Афедерациа Ахадара Ақәҵара аҵаҟәшақәа. 3, аҟә.2 05.10.2020ш. аҟнытә №1601 «Аконсултә усмҩаԥгарақәа рзы амаҵурауаа рҟынтә Аконсултә хәыхшәаарақәа рымхра зеиԥшрахо аԥсахрақәа ралагалара иазку»). Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра аҟазаара ашьақәырӷәӷәаразы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша атәылауаа радҵаалара шьаҭас иазышьҭахеит аҳәаанырцәтәи арзаҳал аналарҵоз атәылауаҩшәҟәы аҿҳәара ахыԥара.  

Ишдыру еиԥш, Аԥсны Аҳәынҭқарра аурыс тәылауаҩра хыԥхьаӡара рацәала еиҳа имариоу еиҿкаашьала рыдкылара нагӡан «Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра иазкны» Афедералтә Закәан инақәыршәаны №62, 31.05.2002 ш. аҟнытә, СССР атәылауаҩшәҟәы аамҭа кьаҿ иалагӡаны Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩшәҟәы ала аԥсахра алзыршоз (абри Азакәан иатәу ахәҭаҷ 14). Хыхь иарбоу азакәан инақәыршәаны 2002 шықәса инаркны аԥсуа милаҭуааԥсыра Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩшәҟәы рыдгалара нагӡахон Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа Урыстәылатәи Афедерациа ахаҭаранакраҟны. Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра имариоу еиҿкаашьала адкылара аҟәыхын 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ихьыԥшым зхы иақәиҭу ҳәынҭқарраны ианазханаҵа нахыс.

Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны атәылауаа ирыдгалаз аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәы амчра ахьынӡамоу аҿҳәара хәы-шықәса ахьаку хшыҩзышьҭа азуа, аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәы аԥсахра (Урыстәылатәи Афедерациа анормативтә зинтә актқәа рҟны ишазгәаҭоу иазгәаҭоу аҭагылазаашьақәагьы) 2008 шықәса инаркны хәы-шықәса анҵлак иахьадгылаз аҭыԥ инақәыршәаны, даҽакала Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәшаҟны ирыдгалахон.

Урыстәылатәи Афедерациа Хада Идҵаԥҟа 14.11.2002 N 1325 (аред. 06.10.2020ш.) «Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра азҵаарақәа реилыргара аиҿкаашьа иазку Аҭагылазаашьа ашьақәырӷәӷәара иазкны» захьӡу инақәыршәаны (аԥсахрақәеи адгаларақәеи ацны амчра аиуит 12.10.2020ш.) ауаҩы Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра имазаара ма имамзаара агәаҭара нагӡахоит изықәнагоу аусбарҭақәа рахь азыҳәарақәа рынашьҭрала ауаҩы атәылауаҩшәҟәы иахьидгалаз аҭыԥ инақәыршәаны, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра шимоу зырҵабыргуа, мамзаргьы ауаҩы дахьынхо аҭыԥ инақәыршәаны, иара убас анагӡаратә усбарҭақәеи аӡбарҭеи рахь анашьҭрала.

Атәылауаҩшәҟәы аԥсахразы иадҵаалақәаз ауаа иахьынхо ҭыԥны Аԥсны злаку ала, атәылауаҩшәҟәы рыдызгало усбарҭаны Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша злаку ала, атәылауаҩра агәаҭара апроцедура акырӡа имариахоит.

 

2020 шықәса COVID-19 апандемиа ицәырнагаз ауадаҩрақәа ирыхҟьаны ашықәс зламариамхаз ала, адунеи зегьы аҟнеиԥш, Аԥсынгьы иамҽханакит ари аҭагылазаашьа. Апандемиеи акарантини ирыхҟьаны атәылауаҩшәҟәы аԥсахразы хыԥхьаӡара рацәала ауаа рышәҟәқәа аларҵартә аҭагылазаашьа рмоуит. Уи еиҳангьы, ирацәаҩуп ауаа имариам асоциал-економикатә ҭагылазаашьа иақәшәақәазгьы. Апандемиа алҵшәақәа аиҳарак ибзиамкәа ирныԥшит асоциалтә уадаҩрақәа ирынианы иҟаз ауааԥсыра. Убри инамаданы COVID-19 апандемиа аамҭазы аконсултә хәыхшәаарақәа хә-нызықь мааҭ иаҟароу атәылауааԥсыра реиҳараҩык рзы рымч зқәымхо уадаҩраны иҟалеит.

Урыстәылатәи атәылауаҩра амазаара, Аԥсны аполитикатә ҟазшьа змоу аҭагәҭасрақәа рҿагылашьеи ауаҩы изинқәа рынагӡашьеи рганахь ала иаҳнаҭо алшара зеиԥшраҵәҟьо аҳәара уадаҩуп.

Азинмчра змоу Урыстәылатәи Афедерациа ахаҭарнакцәа урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа рыҿҳәара ацҵара иадҳәалоу азҵаара қәнагалатәи аӡбашьа аиуп ҳәа агәыӷра лымоуп. Иара убас аилибакаареи аусеицуреи шацҵахо азы агәыӷра аалырԥшит, Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхақәиҭреи реиқәырхара ззырхоу.



Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра