Аҳәынҭқарратә тәанчахәытә еиқәыршәара иазку азакәан адкылара раԥхьа игылоу ауснагӡатәқәа ируакуп
26.04.2021

Аҳәынҭқарратә тәанчахәытә еиқәыршәара иазку азакәан адкылара раԥхьа игылоу ауснагӡатәқәа ируакуп

Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчра змоу лаппарат иадҵаалоит ауаа рыԥсҭазаара қәнагала аиҿымкаара зыдҳәалоу рзинқәа ахьеиларгаз.

Аԥсны Аҳәынҭқарра «Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы хазы игоу акатегориақәа ирыҵаркуа атәанчаҩцәа ртәанчахәы ацҵара иазку» Азакәан ахәҭ. 1 инақәыршәаны атәанчаҩцәа рықәра зеиԥшроу иаҿыԥшны мызкы аҩнуҵҟа 500 мааҭ иаҟароу атәанчахәы роуеит. Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵарала № 1 27.01.2020 ш. аҟнытә «Даҽа ҳәынҭқаррак атәанчахәыи егьырҭ асоциалтә цхыраарақәеи змауа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа хазы игоу атәанчаҩцәа ркатегориақәа есымзатәи ртәанчахәы ацҵара зеиԥшрахо ашьақәырӷәӷәара иазкны» инақәыршәаны хыхь иарбоу ахәԥсахьы ацҵа 2000 мааҭ иаҟароу азышьақәыргылоуп. Ус анакәха, атәанчаҩцәа есымза аҳәынҭқарра аҟнытә 2500 мааҭ роуеит.

Атәанчахәыла аиқәыршәара 2500 мааҭ иаҟароу ихымԥадатәӡоу атауарқәа раахәаразы иазхаӡом, аԥсҭазааразы ихымԥадатәу ахәшәқәагьы налаҵаны, иара убас акоммуналтә хәыхшәаарақәеи егьырҭ ашәахтәқәеи рзы, ихадараӡаны аԥсҭазаараҿы иаҭахуп ҳәа иԥхьаӡақәоу. Игәаумҭарц залшом, атәанчаҩцәа 2500 мааҭ иаҟароу тәанчахәыла рыԥсҭазаара ахгара шырцәыуадаҩу.

2500 мааҭ иаҟараны атәанчаҩцәа рхыԥхьаӡара иахьаҵанакуа Аԥсны Аҳәынҭқарра ақәратә ҷыдарала аџьатә тәанчахәы ацҵа рыманы изауа, шьақәнаргылоит 3951-ҩык ауаа. Хыхь иарбоу есымзатәи атәанчахәы ацҵа ацны 33,78 % иахьаҟароу, 2021 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра астатистиказы Аҳәынҭқарратә еилакы анхаразы имаҷӡоу ахәԥса ишьақәнаргылаз 7416,7 мааҭ хшыҩзышьҭра азуа, ари акатегориа иатәу атәанчаҩцәа есымшааира изҭагыло ауадаҩра аҟнытә реиқәырхашьа атәы аҳәара уадаҩуп.

Аҳәынҭқарра ишьақәнаргылаз анхаразы имаҷӡоу ахәԥса аасҭа атәанчахәы хынтә еиҵазар, уи ҟалашьа амам.

Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа ртәанчахәытә еиқәыршәара аҩаӡара зықәра наӡахьоу ауаа рхы аланыҟәыргартә алшара рнаҭаӡом, уи иаанагоит ауаҩы изинқәа убри ала ӷәӷәала еиларгоит ҳәа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахәҭ. 11, ауаҩы изинқәа рзы Азеиԥш Декларациаҟны (ВДПЧ), аекономикатәи, асоциалтәи, акультуратәи зинқәа Рпактқәа, атәылауаҩратәи аполитикатәи зинқәа, егьырҭ еицеизхаҵоу жәларбжьара-зинтә актқәеи рҟны ишьақәырӷәӷәоу инақәыршәаны, азинқәеи ахақәиҭреи азханаҵоит уи аҭакԥхықәрагьы ахахьы иагоит. Ахәҭаҷ 25 ВДПЧ уаҩыцыԥхьаӡа изкны иазгәанаҭоит азин «абас еиԥш иҟоу аԥсҭазааратә ҩаӡара, афатә, амаҭәа, анхарҭа, амедицинатә цхыраара насгьы ихымԥадатәу асоциалтә еиқәыршәара, ауаҩы игәабзиареи иеиҿкаашьеи рҟны ихымԥадоу ахьыҟоу».

ООН Апринципқәа 12 ахәҭаҷ аҟны зықәра наӡахьоу ауаа рганахь ала (анаҩс – Апринципқәа) иазгәаҭоуп зықәра наӡахьоу ауаа асоциалтәи азинтә цхыраарақәа рыдгалазар ахәҭоуп урҭ рхьыԥшымра аизырҳара, реиқәырхареи раагарҭеи рырӷәӷәара хықәкыс иганы.

Ари акатегориа иатәу атәанчаҩцәа зҭадыргылаз аҭагылазаашьа, зхала иҟоу зықәра наӡахьоу ауаагьы налаҵаны, даара иуадаҩуп. Убри аҟнытә зықәра наӡахьоу ауаа (атәанчаҩцәа), аԥсуа тәанчахәы мацара зауа, рзинқәа рыхьчаразы хырԥашьа змам азнеишьақәа азыԥшаатәуп.

Аҳәынҭқарра дарбанзаалак изықәнагоу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа бзиа аиҿкааразы аҭакԥхықәра шаду хшыҩзышьҭра азуа, ауаҩы изинқәа рзы Азинмчра змоу Асида Шьаҟрыл аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аамҭа хмырԥакәа атәанчаҩцәа рыԥсҭазаара аҭагылазаашьа аиӷьтәразы азнеишьақәа азииԥшаарц дидҵаалеит.

Шьаҟрыл лгәаанагарала, аҳәынҭқарратә тәанчахәытә еиқәыршәаразы азакәан адкылара раԥхьаӡа игылоу уснагӡатәыс иҟоуп.

Аџьеи, аилахареи асоциалтә еиқәыршәареи рзы Аминистрра еиҿкаам азнеишьа иаҳнарбо хшыҩзышьҭра азуа, Азинмчра змоу аамҭа ахмырԥакәа абарҭ адгаларақәа азлырхиеит:

1. Иҟоу асоциалтә политика, ауаа арыцҳара иалзмырго, аиҭахәаԥшра.

2. Зықәра наӡахьоу ауаа, даҽа аагарҭак ахныҟәгаразы измақәам, аиҳарак зхала иҟақәоу, арыцҳара еиҳагьы иҭанаргыло рганахь ала, асоциалтә еиқәыршәара / асоциалтә еиқәырхара асистема аԥҵара. 3. Зықәра наӡахьоу ауаа аиҟарареи адискриминациа аҿагылареи рыпринципқәа ирышьашәаланы аеффективра злоу апрограммақәеи астратегиеи аԥҵара. Иара убас зықәра наӡахьоу ауаа рганахь ала иакымкәа азакәантә актқәеи, ақәҵарақәеи астратегиақәеи, асоциалтә еиқәыршәареи, агәабзиарахьчареи егьырҭ аԥсҭазааратә аспектқәеи ирзынархақәоу рыдкылара.

4. Аԥаратә хәыԥсақәа рыԥшаара, анаҩсгьы аҳәынҭқарратә биуџьет аҟны азгәаҭара – даҽа ҳәынҭқаррак аҟнытә атәанчахәы змауа атәылауаа рзы есымзатәи «атәанчахәы ацҵара».

5. Агәабзиарахьчара аминистрра иабзоураны абри акатегориа иаҵанакуа ауааԥсыра хәыда-ԥсадатәи амедицинатә цхыраара адгаларазы, хәшәыла аиқәыршәаразы аплан шьақәыргылатәуп, акоронавирустә ҿкы COVID-19 апандемиа аамҭазы уи еиҳараӡак ихадароуп.

Азинмчра змоу иазгәалҭеит аҳәынҭқарра аполитика ихадароу ахырхарҭақәа зҭагылазаашьа уадаҩу ауааԥсыра, иара убас зықәра наӡахьоу ауаа ацхыраара рыдгалара иазкызарц ишахәҭоу, зықәра наӡахьоу ауаа рзинқәа рыхьчара иахьрыҵаркуа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи жәларбжьаратәи астандартқәеи рҿы ишазгәаҭоу инақәыршәаны.



Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра