Аконсултә хәыхшәаарақәа рызҵаара актуалра аанхоит
19.05.2021

Лаҵарамза 19, 2021 Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Асида Шьаҟрыл Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатәи Азинмчра нагӡа змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Двиниани ихьӡ ала ашәҟәы налышьҭит, уаҟа Аԥсын Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа иқәынхақәо ауааԥсыра Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра аҟазаара ма аҟамзаара агәаҭаразы аконсултә хәыхшәаарақәа ззымҩаԥырго насгьы уи шьаҭас иазышьҭахаз леилиркаарц аҳәара ҟалҵеит, аха ара иазгәаҭатәуп Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа иатәу аконсултә ҟәша Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәы адызгалаз усбарҭаны ишыҟоу.
Ари апроблема ӡбамкәа излаанхо ала, насгьы Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра ари азҵаарала Азинмчра змоу излалыдҵаало ала, Азинмчра змоу Ацҳаражәҳәаҩ ашәҟәы даҽа шәҟәыкгьы изылымҩыр ада даҽа ҭагылазаашьак лмоуит, уи ашәҟәаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иқәынхақәо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәы аԥсахразы иадҵаалақәаз рыҿҳәара изахыԥаз амзызқәа зегьы еилырганы иазгәалҭеит.
Азинмчра змоу иазгәалҭеит, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа атәылауаҩшәҟәы аԥсахразы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара №3 акорпус аҟны иҟоу ауада №109 заа ишадҵаалаз абри аҭыӡҭыԥ ала: ақ. Аҟәа, Ажәанба им., аҩн. №9, урыстәылатәи аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәы аԥсахразы ашәҟәқәа рыдкылареи, рыԥсахреи рызҵаарала ацхыраара ахьрыдыргало. Аха, азыҳәаҩцәа аконсултә ҟәша рышәҟәқәа ианаамҭаз ирзаламҵаӡеит абарҭ амзызқәа ирыхҟьаны:
COVID-19 апандемиа иахҟьаны иҟалаз аԥкрақәа инарымаданы, аконсултә ҟәша 2020 шықәсази 2021 шықәсази еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахразы арзаҳалқәа рыдкылара зыдҳәалаз ацхыраара аднагаломызт (2020 шықәсазы иааидкыланы хымз иреиҳан: 26.03.2020 инаркны 12.05.2020 аҟынӡа, 12.10.2020 инаркны 30.11.2020 аҟынӡа, иара убас ажьырныҳәа-жәабран мзақәа 2021 шықәсазгьы). Аконсултә ҟәшаҿы атәылауаа рыдкыларазы аамҭа агдырхеит насгьы аамҭаказтәи ауаа рыдкылара ахыԥхьаӡарагьы еиҵартәит. Угәы еихьнашьыртә иҟоуп Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәы аԥсахразы ашәҟәқәа дистаницала иадыргалартә алшара ахьрымам.
Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа аҳәаанырцәтәи ртәылауаҩшәҟәқәа рыҭаразы (рыԥсахразы) аҳәынҭқарратә хәыхшәаара нагӡахоит аоперациатә кассаҟны акассатә еимадагақәа рҟны акәымкәа № 1090 Аԥсны Аҵәахырҭатә банк аҟны (ОАО), уи аҭыӡҭыԥ: ақ. Аҟәа, Ажәанба имҩ., аҩн. 9. Ахәхшәаара даҽа операциатә кассак аҟны амҩаԥгара залыршахаӡом.
Аԥсны Аҵәахырҭатә банк (ОАО) Ахантәаҩы Р.Н. Агрба ишәҟәы излаҳә ала, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩы итәылауаҩшәҟәы иҭареи (аԥсахреи) рымҩаԥгаразы аҳәынҭқарратә хәыхшәаара аоперациатә касса акассатә еимадагақәа №1090 иахьаҵанамкуа имҩаԥысуан аконсултә ҟәша аусура аамҭа аҽақәыршәаны мацара. Ацҳаражәхәарҭа аофициалтә саит аҟны иазгәаҭаз адырра инақәыршәаны еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аконсултә ҟәша атәылауаа рыдкылара аҟәнахуан аамҭахҵәахақәак рзы COVID-19 апандемиа иахҟаны иҟалаз аҭагылазаашьа уадаҩ иалҵшәахаз, хыхь ишазгәаҭахьаз еиԥш.
Аконсултә ҟәшаҿы атәылауаа рыдкылара иахьаанкылаз иахҟьаны Аԥсны акарантин аамҭа иалагӡаны урыстәылатәи аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәқәа ралаҵарахь агәаранқәа акыр ирацәахо иалагеит, убри инарҷыданы аконсултә ҟәшахьы ианаамҭаз ашәҟәқәа залаҵамхеит. Ишьақәгылаз аҭагылазаашьақәа ирылҵшәаны аконсултә ҟәша ауаа рыдкыларазы аграфик шьақәнаргылеит, Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭа аофициалтә саит аҟны иагьакьыԥхьит.
Аконсултә ҟәшаҿы аконсултә ҟәшахьы ашәҟәқәа ралаҵара аиҿкаашьа иазку адырра арбаӡам, ашәҟәқәа ахьеиқәыршәахо апунктгьы ганхьа иныжьуп, уи ҭыӡҭыԥсгьы иамоуп: Ажәанба имҩ., аҩн. №9, ауада № 109. Ари ауадаҿы уажәшьҭа акыр шықәса ҵуеит урыстәылатәи аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшҟәы аиуразы ашәҟәқәа дырхиоижьҭеи. (Ас еиԥш иҟоу ацхыраара хыкқәа адызгалоз ауаа рашәарамза 2020 шықәса инаркны ЗҲәА «Консультант Ацентр» (анаҩс – ЗҲәА «Консультант Ацентр») аадыртит) ЗҲәА «Консультант Ацентр» атәылауаа рышәҟәқәа еиқәнаршәон анаҩс аталон рыднагалон аконсултә ҟәшахьы ашәҟәқәа ралаҵаразы ианадҵаалаша арыцхә азгәаҭаны уи ашәҟәқәа рыдкыларазы иазышьақәыргылоу аграфик инақәыршәаны.
«Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәы аҩынтәраантәи адгалара аиҿкаашьа инақәыршәаны», аконсултә ҟәша асаит аҟны ишазгәаҭоу иашьашәаланы, ауада №109 аҟны ашәҟәқәа реиқәыршәара ихымԥадатәу аҩбатәи шьаҿаны иҟоуп.
Ауаа ртәылауаҩшәҟәы аҿҳәара ахыԥаанӡа асаит аҟны иазгәаҭоу аконсултә ҟәша ауада иага иадҵаалазаргьы, аконсултә ҟәшахьы ианаамҭоу рышәҟәқәа уеизгьы ирзаламҵеит. ЗҲәА «Консультант Ацентр» атәылауаа ианаамҭоу радҵаалара афакт ари ацентр аҟны џьаргьы иарбаӡамызт, аконсултә ҟәшаҿгьы иара убас џьаргьы иазгәаҭамызт. Иара убри аамҭазгьы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа асаит аҟны иазгәаҭоуп ауада №109 (даҽакала ЗҲәА «Консультант Ацентр») аҟны анкета ахарҭәааразы ашәҟәқәа иҵабаргны ишалаҵахо шьақәзырӷәӷәо ишымҩаԥысуа аконсултә ҟәша адҵаалара амш аҽны. Ус анакәха, атәылауаа ЗҲәА «Консультант Ацентр» ашҟа адҵаалара еилыркаауеит ианаамҭоу атәылауаҩшәҟәы аԥсахразы адҵааларак аҳасаб ала.
Иазгәаҭазар ахәҭоуп, хыхь иазгәаҭоу аинформациеи аконсултә ҟәша ишьақәнаргылаз аграфики, арыцхә ҿыцқәа азгәазҭо акарантинтә ҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны ианаамҭоу ашәҟәқәа ралаҵара злымшақәаз ЗҲәА «Консультант Ацент» ирыднагалаз аталонқәа инарықәыршәаны (аконсултә ҟәшахьы ашәҟәқәа ралаҵара аграфик инақәыршәаны арыцхә азгәаҭарала) ишьақәырӷәӷәахоит иара убри ала аконсултә ҟәшеи ЗҲәА «Консультант Ацентри» шеимадоу.
Хыхь иазгәаҭоу аконсултә ҟәшеи ЗҲәА «Консультант Ацентри» аурыс аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәы адкылареи, аԥсахреи рызҵаарақәа рҿы реимадара хшыҩзышьҭра азуа, арзаҳалҩҩцәа ари ацентр ахь ртәылауаҩшәҟәқәа рыҿҳәара ахыԥаанӡа рыдҵаалара аамҭа ахырԥаны иԥхьаӡаӡам. Ус анакәха, ара хымԥада хшыҩзышьҭра аҭатәуп ЗҲәА «Консультант Центр» ашҟа иадҵаалақәаз, хыхь иазгәаҭоу амзызқәа рхарала ртәылауаҩшәҟәқәа рыҿҳәарақәа ахыԥеит урҭ рыԥсахразы агәаран иахьықәгылаз иахҟьаны.
Ус анакәха, атәылауаҩшәҟәқәа рыҿҳәара атәылауаа рхарада иахьахыԥаз иахҟьаны, аконсултә ҟәша Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра аҟазаара ма аҟамзаара агәаҭаразы аԥара ахшәаара ииашахон аконсултә ҟәша, абри аҳәынҭқарратә цхыраара адызгало, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра аҟазаара ма аҟамзаара агәаҭаразы ажәлар аԥара рымнамхуазҭгьы, акарантин аамҭазы ажәлар ианаамҭоу рыдкылара ззеиҿымкааз.
Раԥхьатәи ашәҟәаҿы ишазгәаҭаз еиԥш, аконсултә хәыхшәаарақәа Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра аҟазаара ма аҟамзаара агәаҭаразы атәылауааԥсыра аиҳарак рзы рымч зқәымхаз акәны иҟалеит аиҳарак апандемиа COVID-19 аамҭазы. Ашшрақәа рыла иадҵаалақәаз рхыԥхьаӡараҟнытә, атәанчахәытә хәыхшәаарақәа раиуразы алшара зцәыӡқәаз рхаҭара шьақәзыргылоз ашәҟәқәа – Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩы итәылауаҩшәҟәы ахьрымамыз иахҟьаны, атәанчаратә қәра иаҵанакқәо рхыԥхьаӡара еиҳа ирацәан. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп атәанчаҩцәа, рышәҟәқәа аларҵеижьҭеи шықәсыбжак еиҳангьы иԥшқәоу, аха иара убри аамҭазы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Арегламент излаҳәо ала, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩы ихаҭара шьақәзыргыло атәыла анҭыҵ иқәынхақәо атәылауаҩшәҟәы аиқәыршәареи адгалареи ирызку аҳәынҭқарратә цхыраара аҭара, Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ишьақәырӷәӷәоу Адҵаԥҟа жәабранмза 12, 2020 ш. аҟнытә №2113 инақәыршәаны, ари ацхыраара адгалара иазыԥҵәоу аамҭа еилыркааны иануп.
Акоронавирустә ҿкы COVID-19 алаҵәара аԥырҟәҟәаразы, ауаа рыԥсҭазаареи ргәабзиареи реиқәырхаразы, насгьы ианаамҭоу ацхыраара рыдгаларазы, Асида Шьаҟрыл Алексеи Двинианин идылгалеит абарҭ аҭагылазаашьақәа дрызхьаԥшырц:
Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩы итәылауаҩшәҟәы аҭаразы (аԥсахразы) аҳәынҭқарратә хәыхшәаара Аԥсны Аҵәахырҭатә банк (ОАО) акассатә еимадагақәа №1090 иахьаҵанамкуа амҩаԥгара, уи аҭыӡҭыԥ: ақ. Аҟәа, Ажәанба имҩ., аҩн. 9, иара убас Аԥсны иатәу араионқәеи ақалақьқәеи Аҵәахырҭатә банк егьырҭ аҟәшақәа рҿгьы;
Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩы аҳәаанырцәтәи итәылауаҩшәҟәы аиуреи аԥсахреи рзы аелектронтә анкета аиқәыршәара;
Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩы аҳәаанырцәтәи итәылауаҩшәҟәы аиуреи аԥсахреи Аԥсны иатәу араионқәеи ақалақьқәеи иахьрыҵаркуа алшара аиқәыршәара.
Иара убас, хыхь иарбоу аконтекст инақәыршәаны, акризистә ҭагылазаашьа иҿиаз хшыҩзышьҭра азуа, Шьаҟрыл Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа иатәу аконсултә ҟәша зыҿҳәара ахыԥахьоу Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩы итәылауаҩшәҟәы иҭара (аԥсахра) азҵааразы иадҵаалақәаз ауаа аконсултә хәыхшәаара шьаҭас иамоу дазааҭгыларц аҳәара ҟалҵеит.
Апандемиа COVID-19 иарҿиаз атәылауаа рсоциал-економикатә ҭагылазаашьа уадаҩ хшыҩзышьҭра азуа, Азинмчра змоу Ацҳаражәҳәаҩ дидҵаалеит Урыстәылатәи Афедералтә Закәан ап. 5 ахәҭ. 36 «Урыстәылатәи Афедерациа Аконсултә ԥҟаԥҵәа» захьӡу ԥхынгәымза 5, 2010 шықәсазтәи № 154-АЗ (аред. 22.12.2020 аҟнытә) «Урыстәылатәи Афедерациа адипломатиатә хаҭарнакра аиҳабы мамзаргьы аконсултә усбарҭа аиҳабы аконсултә хәыхшәаарақәа рыхәԥса насгьы фактлатәи аныхтәқәа раԥыхра, аконсултә усмҩаԥгара ахыркәшара зыдҳәалоу ахәԥса аԥыхаразы имоу азин мамзаргьы ас еиԥш иҟоу ахәхшәаарақәа рҟынтә рхақәиҭтәра…» инақәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны еисымшааира иқәынхақәо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа рзы имҩаԥгахо аконсултә хәыхшәаарақәа рҟынтә рхақәиҭтәра азҵаара азхьаԥшра.
Абарҭқәа зегьы рылҵшәас, Шьаҟрыл, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи рыхьчара иазырхоу аилибакаареи аусеицуреи шацҵахо ала агәыӷра аалырԥшит.