Асида Шьаҟрыли Мактина Џьынџьалԥҳаи ахәыҷы изинқәа рыхьчараҿы аусеицуразы еиқәышаҳаҭхеит
22.06.2021

Асида Шьаҟрыли Мактина Џьынџьалԥҳаи ахәыҷы изинқәа рыхьчараҿы аусеицуразы еиқәышаҳаҭхеит

Аԥсны Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Асида Шьаҟрыли Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәыҷы изинқәа рзы азинмчра змоу Мактина Џьынџьалԥҳаи реиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылараҿы ахәыҷы изинқәа рҿы аус шеицыруло азы еиқәшаҳаҭхеит.

Лколлега дааԥхьауа, Асида Шьаҟрыл иазгәалҭеит: «Раԥхьаӡа иргыланы шәусура ҭыԥ шәаҭара шәыдысныҳәалоит. Иара убри аамҭазгьы еилыскаауеит шәнапынҵа иацу аҭакԥхықәра ду. Ари амаҵураҭыԥ аҟны хаҭала Шәара шәбара акырӡа саргәырӷьоит, избан акәзар афонд «Ашана» аҟны шәусушьа здырыртә аҭагылазаашьа соухьан, уажәы урҭ рылҵшәақәагьы збоит. Ахәыҷы изинқәа рыхьчара иацу апроблемақәа даара ирацәоуп. Урҭ рахьтә имаҷымкәа азҵаарақәа уажәшьҭа иӡбазар ахәҭан. Апроблемақәа иконкреттәу аҭаацәарақәеи иконкреттәу ахәыҷқәеи ианрызку, апроблемақәа рыӡбара еиҳа имариоуп. Аха апроблема асистематә ҟазшьа анаанахәо, усҟан апроблемақәа рҿагылара еиҳа иуадаҩхоит».

Асида Шьаҟрыл Ахәыҷы изинқәа рзы азинмчра змоу аинститут анагӡаратә напхгара асистемаҿы иахьыҟоу излабзиоуи излабзиами аганқәа иалкааны илбоит.

«Излабзиам аганқәа иреиуоуп Ахәыҷы изинқәа рзы изинмчра змоу иусура иахьаҵанакуа еффективрала аусмҩаԥгаразы азинмчра хымԥада еиҳазар ауп уи иазкны Аҭагылазаашьаҿы иазгәаҭоу аасҭа. Сара сахәаԥшрала, Шәара шәадгаларақәа иахьынӡанагӡоу агәаҭаразы азинмчра шәымазар ауп, избанзар атәыла Ахада хаҭала урҭ зегьы ргәаҭарази хылаԥшра рыҭарази еснагь алшара имам.

Ҳаԥхьаҟазы ихадароуп ахәыҷы изинқәа рзы аинститут акы иахьыԥшымкәа иҟаларц, избан акәзар лассы-длассы ачынуаа русура акритика азухоит, аха анагӡаратә мчраҿы иара злаҟоу ала – ас еиԥш аусмҩаԥгара уадаҩуп – азгалҭеит лара. Асида Шьаҟрыл иалкааны иазгәалҭеит, «Азинмчра змоу аҳәынҭқарратә институтқәа ирыду нанагӡаӡом, аха ауаҩы изинқәа ҳаҭыр рықәҵараҿы рнапынҵақәа рынагӡара насгьы реиламгара рыднагалоит, ианеилагагьы аҭакԥхықәра рхахьы ианаргоит».

Шьаҟрыл Џьынџьалԥҳа агәра ллыргеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу ауаҩы изинқәа рзы Азинмчра змоу аинститут ахәыҷы изинқәа рыхьчараҿы ацхыраара шлыднагало.

Мактина лара лган аҟнытә иазгәалҭеит: «Ахәыҷы изинқәа рзы азинмчра змоу Аинститут ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчараҿы ихарҭәаау хәдықәҵараны ишыҟало агәра згоит. Ари аус аҿы аԥышәа ду змоу лаҳасаб ала шәышсыдгыло агәыӷра сымоуп. Актәи аетап аҟны априоритетқәа ииашаны реихшара насгьы ирықәнагоу ахырхарҭа разыԥшаара акырӡа аҵанакуеит. Сара сган аҟнытә Аԥсны иқәыно ахәыҷқәа рхәыҷра гәырӷьарала иҭәны, агәабзиара рыгымкәа, насгьы ашәарҭара иҭамгыло иҟаларатәы исылшо зегьы ҟасҵоит».

 

Аиԥылара ахыркәшамҭаз Шьаҟрыл аԥсышәала UNICEF ацхыраарала иҭыжьыз ахәыҷы изинқәа ахьазгәаҭаз ООН Аконвенциа аброшиурақәа ҳамҭас илылҭеит.



Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра