Аҟәа официалла иаартын ауаҩы изинқәа рзы Азинмчра змоу иофис
01.11.2018

Аофис напхгара алҭоит Асида Шьаҟрыл, уи ауаҩы изинқәа рзы Азинмчра змоу лакәны далхын лаҵарамза 2018 шықәсазы. Аофис аппарат аҟны хәҩык ауаа аус руеит.
Аофис аартра ацеремониаҟны иалахәын апарламент ахантәаҩы Валери Кәарҷиа, Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа, апарламент адепутатцәа, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, атәыла амилаҭтәи жәларбжьараттәи ахеидкылақәеи рхаҭарнакцәа, Аԥсны иахьаҵанакуа аус зуқәо.
Жәабран 24, 2016 ш. «Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу ауаҩы изинқәа рзы Азинмчра змоу изку» захьӡу азакәан адкылан. Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчра змоу иакәны абҵарамза 2016 шықәсазы раԥхьаӡа иалхыз дреиуан азиндырҩы Дмитри Маршьан. (Азинмчра змоу имаҵураҭыԥ ахь далнахуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент адепутатцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟнытә иреиҳау абжьқәа рыла имаӡоу бжьыҭирала). Даналхха нахыс аппарат аусура аиҿкаара иҽазишәеит, аха, иага ус гәҭакыс имазаргьы, 2017 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет аҟны ахашәала зыҟамлеит Азинмра змоуи уи Иаппарати реиқәыршәаразы.
Аԥсны иахьаҵанакуа ауаҩы изинқәа рзы Азинмчра змоу изку азакәан адкылахаанӡа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны ауаҩы изинқәа рзы Азинмчра змоу изанааҭ ыҟан. Хәажәкырамза 2007 шықәса инаркны уи амаҵураҭыԥ здыз аҭоурыхтә наукақәа рдоқтор Гьаргь Оҭырба иакәын.
«Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчра змоу иофис аартра – макьаназы иқәыԥшу Аԥснытәи аҳәынҭқарразы акырӡа зҵазкуа хҭысны иҟоуп. Уи аусзуҩцәа ирзеиӷьасшьоит ақәҿиара дуқәа, насгьы агәыӷра аасырԥшуеит русура қәҿиарала ишымҩаԥысло», - иҳәеит апарламент ахантәаҩы Валери Кәарҷиа.
«Апроблемақәа рацәоуп. Шәара ишәзыԥшуп акыр аҭакԥхықәра зду аус рацәа. Ара шәара шәзы ихамԥадатәны иҟалоит атәыла анапхгара еиԥш, амилаҭтә уааԥсыра рҟнытә ацхыраара. Атәыла анапхгареи амилаҭтә уааԥсыреи рыбжьара иконструктивтәу адиалг шьақәыргылатәуп», - лҳәеит Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Наҭелла Акаба.
Лара лықәгылараҿы иазгәалҭеит раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ауаҩы изинқәа ирызку апроблематика иҷыдоу аҭыԥ шазалихуаз. Иара инициативала апарламент актәи ааԥхьараҟны (1991 – 1996 гг.) ауаҩы изинқәа рзы акомиссиа аԥҵан, уи напхгара аиҭон Иури Николаи-иԥа Воронов. Воронов аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс даныҟала ауаҩы изинқәа рзы апарламенттә комиссиа хантәаҩыс дҟалеит Наҭелла Акаба.
«Угәы унархьратә иҟоуп ҳаамҭазтәи апарламент аилазаараҿы ауаҩы изинқәа рзы ахеилак, ма акомиссиа ҳәа акгьы аԥҵаны иахьыҟам», - иазгәалҭеит Н. Акаба.
Гьаргь Оҭырба иазгәеиҭеит ауаҩы изинқәа иахьрыҵарука жәларбжьаратәи аинститутқәа аус рыцура акырӡа ишаҵанакуа.
Ажурналист Надежда Венедиктова ирыдылгалеит ауаҩы изинқәа рзы Азинмчра змоу лҟны Жәлар рхеилак аԥҵара, уи иадыԥхьалазарр ҟалон Аконтитуциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа, апрокуратура аусзуҩцәа, ажурналистцәа. «Омбудсмен иаппарати ауаажәлари ишиашоу аимадара ыҟазар ахәҭоуп», - азгәалҭеит лара.
Архимандрит Дорофеи (Дбар) иара убас иазгәеиҭеит омбудсмен иинститут аҵакы арацәара. «Ҳара Аԥсуа аҳра аиҭарҿиара хықәкыс иҳамаӡам. Ҳара иҳаргылоит идемократиатәу, изинтәу Аԥсуа ҳәынҭқарра, уи азы ихадараӡоу иреиуоуп омбудсмен иинститут. Азинтә ҳәынҭқарра азакәанқәа ирықәымныҟәакәа, азакәан аҿаԥхьа зегьы реиҟаратәра аԥсҭазаара аҟынӡа анагарада изыҟалаӡом. Азакәантәра, аартра, атранспаренттәра – ҳҳәынҭқарра аргылара аус аҿыи уи арӷәӷәараҿыи акырӡа аҵанакуеит, уи жәларбжьаратәи азхаҵараҿы … Ҳатрадициақәа ҳрықәныҟәаны ашьауси ахала ахақәыӡбареи ҟаҳаҵароуп», - иҳәеит иара.
«Омбудсмен иофис аартра ҳҳәынҭқарразы акырӡа зҵазккуа хҭысны иҟалеит. Аԥсны ауаҩы изинқәа реиқәырхара ахьынӡашәылшо, шаҟа еффетиврала аусушьа шәақәшәо аҟара, убриаҟара ҳтәыла иатәу ари аинститут аусушьа аԥхьаҟатәи аԥеиԥш еиӷьхоит», - ҳәа агәалҭеит Агуманитартә Цхыраара Ацентр аусзуҩы Лиана Кәарҷелиа. Лара иргәалалыршәеит АЦА имҩаԥнагаз Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчара шрыдыркыло иазку аҭҵаара.
"Ари аҭҵаара иаҳнарбеит апринципқәеи аԥсҭазаараҿы акырӡа зҵазкуеи ирыбжьоу аиҟәыҭхара, ҳ-Конституциаҿы иазгәаҭақәоуи, ҳаԥҭазаараҟны иҟаҵәҟьоуи, ауаа рхы ишазыҟоу, рзинқәа ишырзыҟоу, азинхьчаратә усбарҭақәа ишырзыҟоу. Ирацәаҩуп азинхьчаратә убарҭақәа арепрессивтәқәа иреиԥшны издызкыло. Ауаҩы изинқәа адискриминиациа азуразы аҳәынҭқарратә политика ҳамаӡам, Аха дарбанзаалак азакәан аҿаԥхьа аиҟарара апринцип дықәымныҟәозар, насгьы апроблемақәа рыӡбаразы адырцәа адрыԥхьалозар ма уи азы аԥара ахыршәаауазар, ус еиԥш адырцәа змақәами аԥара ахшәаара злымшоуи ауаа рзинқәа хьчахаӡом, адискриминациа рзухоит», - лҳәеит лара.
Лиана Кәарҷелиа иара убас хшыҩзышьҭра алҭоит ауаҩы изинқәа рзы адыррақәа реизырҳара.
АЦА анагӡаартә диреқтор Арда Инал-Иԥа иалканы иазгәалҭеит Аԥсны ауаҩы изинқәа ирызку апроблематика иҳацәтәыму, тәымк аҳасаб ала ихзааз акы иеԥш ҳшахәаԥшуа. «Ари ус баша иҟамлаӡеит. Аполитикатә ҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны, ҳара ҳхьыԥшымра азхамҵара иахҟьаны абар 20 шықәса ҳауаажәлар ракәымкәа жәларбжьаратәи аилазаара ахҵәацәа, ақырҭцәа рзинқәа рызҵаара ауп хшыҩзышьҭра зырҭоз. Ари ииашоуп ҳәа ззуҳәаша акәмызт зынӡагьы. Ауаа гәаанагарас ишьҭырхит жәларбжьаратәи акультуреи аидеологиеи иааидкыланы аԥсуа жәлар ирыхәарҭахашам ҳәа. Аха, Аԥсны аганахьа ала, ареспубликаҿы азинхьчаратә проблематика хырҩа азуп. Аԥсуа политикатә елита, аԥсуа ҳәынҭқарра ахахьы аҭакԥхықәра агеит иашьашәалоу азакәан аднакылеит, омбудсмен иинститут аԥнаҵеит, иаанартит аофис. Ари зегьы иаҳәо уи ауп, ҳара иҳамоуп ҩнуҵҟалатәи азыҳәара аҳәынҭқарра ҿыц аргыларазы агәаҳәара аазырԥшуа, досу анхара изыманшәалахартә еиԥш, досу деиқәырханы дҟаларатәеиԥш», - азгәалҭеит А. Инал-Иԥа.
Аконституциат ӡбарҭа аӡбаҩ Лиуудмила Хоџьашьвили ауаҩы изинқәа рзы Азинмчра змоу иофис аусураҿы аманшәалара азиеӷьалшьеит иагьақәгылгәыӷит конструктивла русеицура шацҵахо.
«Жәларбжьаратәи аилазаара ҳазханаҵома, мамзаргьы ус иҟаму, ауаҩы изинқәа рыхьчара – ҳҳәынҭқарратәи ҳмилаҭтәи усӡбатәны иҟоуп. Ауаҩы изинқәа рыхьчара – аҳәынҭқарра ахала аҟазааразы аиндексқәа ируакуп. Ҳара иҵабыргны мҽхакыла иҭбаау жәларбжьаратәи азхаҵара ҳҭахыҵәҟьазар, ауаҩы изинқәа, ҳмилаҭуаа рзинқәа рыхьчара еиқәҳаршәароуп», - лҳәеит Асида Шьаҟрыл.
Апрезентациахь иааз зегьы ҭабуп ҳәа ралҳәеит насгьы анапхгара аусбарҭақәеи амилаҭуааԥсыреи зылҵшәа рацәахо аусеицура шыҟало ала агәыӷра аалырԥшит.
Азакәан инақәыршәаны, ауаҩы изинқәа рзы Азинмчра змоу иусӡбатә хаданы иқәгылоуп:
1) аԥҟарақәа реилагара аԥырҟәҟәара, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхақәиҭреи реиҭашьақәыргылареи ацхыраара рыдгалареи;
2) Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхыдҵақәеи ирызку Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа иашьашәаланы реиқәыршәара; 3) ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхыдҵақәеи, урҭ реиқәырхара аформеи аметодқәеи рызҵаарақәа рыла ауааԥсыра азинтә дыррарҳараҿы ацхыраара рыдгалара;
4) ауаҩы идискриминациа еиуеиԥшым аформақәа рыла разыҟаҵареи раԥыхреи ирзынархоу аусқәа рынагӡара;
5) икоммерциатәым ахеидкылақәа ацхыраара рыдгалара, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхыдҵақәеи иахьрыҵаркуа зусқәа назыгӡақәо;
6) ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхыдҵақәеи иахьрыҵаркуа жәларбжьаратәи аусеицура арҿиара.
Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчра змоу икомпетенциахь иаҵанакуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рышшрақәа азхьаԥшра анаҩсгьы, атәыла иахьаҵанакуа иқәынхақәо атәым милаҭуаа рхаҭарнакцәеи амилаҭра змам ауаԥсыреи иара убас разхьаԥшра.
Азакәан инақәыршәаны, Азинмчра змоу иҭиҵааует аҳәынҭқарратә напхгара, аҭыԥантәи ахаланапхгареи амаҵурауааи рҟнытә иҟало ашшрақәа рыӡбаразы мамзаргьы анырра рыҭаразы (рымҭаразы), уаанӡа арзаҳал зҩыз арҭ аӡбамҭақәа ма анырра рыҭара (рыҭамра) иазкны дырхашшаахьазар аӡбаратә ма административтә еиҿкаашьала, аха аӡбамҭақәа дрықәшаҳаҭымзар, иара иахашшаарала ирыдыркылақәаз.
Ауаҩы изинқәа ишрықәныҟәам ала афакт арҵабырграан, Азинмчра змоу аҳәынҭқарратә напхгара аусбарҭахь, аҭыԥантәи ахаланапхгарахь инаишьҭроуп аӡбамҭақәа ма анырра рыҭара (рыҭамра) ирыдҳәалоу рҟны ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи рықәымныҟәара ахьаарԥшу, ахатә хҳәаа адгаларақәа ахьазгәаҭоу ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи реилагара ҟамларазы иҟаҵатәу ахьаарԥшу. Амаҵурауаа, Азинмчра змоу ихҳәаа зауқәаз, 10-мыш ирҭагӡаны еилдыргароуп урҭ рылҵшәақәагьы Азинмчра змоу изынарышьҭроуп.
Ачынуаа, Азинмчра змоу иҟынтә ахҳәаа, ианаамҭоу ирыдыркылаз азнеишьа иазкны адырра нармышьҭыр, омбудсмен апрокурор, аӡбаҩ ма егьырҭ икомпетенттәу аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аҭыԥантәи ахаланапхгареи ирыдҵааларц азин рымоуп.