Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аамҭалатәи аԥхьакырҭаҟны атәылауаҩы Ӡиӡариа А.Г. ишьра инамаданы Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчра змоу ларзаҳал.
06.02.2020

Жәабран 4, 2020 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аамҭалатәи аԥхьакырҭаҟны А.Г. Ӡиӡариа ишьра ҟалеит, атәылауаҩы Озган Д.В. ишьреи, изакәанымкәа абџьар адкылареи рзы аҭакра зқәырҵаз.
Ари ауаҩы ишьра Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аамҭалатәи аԥхьакырҭаҟны аҭакра аҭагылазаашьақәа шеилагоу, насгьы ацәгьаҟаҵаразы агәаҭара иахрыжьуеи ахара здуи аамҭалатәи рыԥхьакырҭаҿы апрокурортә гәаҭара аеффективра шыҟам дырҵабыргуеит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ирылагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аамҭалатәи аԥхьакырҭаҟны акыр ахҭысқәа ҿианы иҟан, аҭакырҭаҿы арежим аилагара, ахаразы аҭакреи уа аҟазаареи рнаҩсгьы, ашьауӷатә ацәгьаҟаҵарақәа рыҿгьы иара убас.
Ҷыдала:
· ԥхынҷкәын 10, 2014 шықәсазы иҭакыз Бачуки Лаҭариа дыбналеит, иара убри амш аҽынгьы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа деиҭаркит.
· ԥхынҷкәын 12, 2015 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аамҭалтәи аԥхьакырҭаҟны иҭакқәаз амассатә еиҿыхарақәа еиҿыркааит (аусбарҭа аусура аиҿкаара аилагара, ажәлар рҟынтә аԥхьакра алзыршо). Аилагарақәа аилажьреи амазара аԥхасҭа азуреи рыла ихыркәшахон.
· жьҭаара 1, 2016 шықәсазы иҭакқәаз Гурами Инаԥшьбеи, Бачуки Лаҭариеи Реваз Угрехелиӡеи еицыбналеит. Ибналақәаз Қырҭтәыла рҽырҵәахит. Абналара афакт зыдҳәалоу Гәылрыԥшьтәи араион апрокуратурала Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аамҭалатәи аԥхьакырҭа амаҵурауаа ршьауӷатә ус хацыркын.
· ажьырныҳәамза18, 2019 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аамҭалатәи аԥхьакырҭа аиҳабыи Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аамҭалатәи аԥхьакырҭа арежим ахьчареи рыҟәша аиҳабыи рмаҵураҭыԥқәа ирымхын ахыжьратә режим иахьықәымныҟәози Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аамҭалатәи аԥхьакырҭа аҩнуҵҟатәи аԥҟарақәа иахьрықәымныҟәози рзы.
· Аԥхын 2019 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аамҭалатәи аԥхьакырҭаҟны иҭакқәаз рыбжьара аиҿыхара ӷәӷәақәа ҟалеит, амассатә информациатә хархәагақәа рҟны аиҿыхарақәа зызкыз аҳәамҭа, насгьы аиҿыхарақәа рылҵшәала ауадаҩрақәа ирықәшәази урҭ рҭынхацәеи рахьтә арзаҳалқәа ыҟаӡамызт. Амассатә еиҿыхарақәа рфакт активла аӡбахә ахьырҳәоз асоциалтә ҳақәа рҿы мацара ауп.
· Ахақәиҭра ацәгаразы ахара здуи ахара зықәҵоуи рҭакра арежим аилагара хыԥхьаӡара рацәала афактқәа иаҳдырбоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра абахҭа ахадара аусзуҩцәа Аамҭалатәи аԥхьакырҭа ахадара, аҩныҵҟатәи аиҿкаашьеи аҭакра аԥҟарақәа рықәымныҟәареи, ацәгьаҟаҵаразы аҭакреи ахьырхәреи ирыдҳәалоу рмаҵуратә уалԥшьақәа рынагӡара шрылымшаз. Ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҟны ахара здырҵоуи изхароуи рзинқәеи рхыдҵақәеи, ахатәы шәарҭадарагьы убрахь иналаҵаны, изрыдгалахаӡом.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан «ацәгьаҟаҵараҿы ахара зыдқәоуи изхарақәоуи аԥхьакырҭаҿы рҭакра иазкны» захьӡу 1 ахәҭа 10 ахәҭаҷ инақәыршәаны, зус рыӡбаз, ариашаратә усбарҭақәа рҟны зхара зхызгақәоуи даҽа закәанеилагарак ала ахара здырҵақәази ариашаратә ҭакырҭак аҟны иҟазар ҟалоит, аха ахара зыдқәоу ирыцҭамккәа. А.Г. Ӡиӡариа иганахь ала Азакәан ахымԥадатәра нагӡамхаӡеит. Абарҭ иреиԥшу ахымԥадатәрақәа апункт “а” 2 ахәҭа 10 ахәҭаҷ аҟны иазгәаҭоу атәылауаҩратәи аполитикатәи зинқәа ирызку Жәларбжьаратәи апакт, уаҟа иазгәаҭоуп: ахара зду, иҷыдоу аҭагылазаашьақәа аныҟам, изхароу ирылганы хазы ирҟәыгахоит иагьрыдгалахоит ирышьашәалоу арежим, ахара зыдҵам астатус иақәнагоу.
Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Драндатәи Аамҭалатәи аԥхьакырҭа данаҭаа нахыс хәажәкырамза 11, 2019 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра анапхгара иазхьалырԥшит Аамҭалатәи аԥхьакырҭа аиҿкаашьа иҭакқәоу рхаҭа рнапы ишану.
Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Р.К. Смыр ишҟа лхы нарханы аҳәара ҟалҵеит Драндатәи Аамҭалатәи аԥхьакырҭаҟны иҟақәоу зегьы изықәнагоу аиҿкаашьеи ишәарҭадоу аҭагылазаашьеи реиқәыршәаразы ихымԥадатәу азнеишьақәа азыиԥшаарц, ахара здуи изхараны иҭакқәоуи еиҟәыганы рыҟазаара азҵаарагьы налаҵаны.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра азхьаҳарԥшует абахҭатә еиҳабыра аҭакра азакәани аԥҟарақәеи рықәныҟәаразы изықәнагоу хылаԥшра арҭарц.
Апункт 2 ахәҭаҷ 31 «Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура иазкны» захьӡу Азакәан инақәыршәаны еилнакаауеит ашьауӷа-анагӡартә система аусбарҭақәа ргәаҭара маҭәарс ишазышьҭоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара излашьақәнарӷәӷәаз ала иҭакқәоу рзинқәеи рхыдҵақәеи рықәныҟәара, аамҭала иҭакқәоуи, иҭаркқәази, мчылатәи аҟазашьа зманы иҭакқәоуи иара убас урҭ рҭакра аиҿкаашьеи аиқәыршәашьеи. Ари Азакәан иашьашәалоу аҭагылазаашьақәа рырҿиаразы Апрокуратура хада еиқәнаршәеит «Ашьауӷатә хьырхәрақәа рынагӡараани аамҭалатәи аԥхьакырҭақәа рҟны ахара здуи изхароуи рҭакраҟны Апрокурортә гәаҭара аиҿкаара иазку» адҵаԥҟа №160 лаҵарамза 5, 2009 шықәса аҟнытә.
Ари адҵаԥҟаҿы ишазгәаҭоу ала, ихымԥадатәуп ахьырхәратә усбарҭақәа рҟны, аамҭалатәи аԥхьакырҭақәа рҟны, агауптвахтқәа рҟны, иара убас адисциплинатә арратә хәҭақәа рҟны ауаҩы иԥсра ҟалацыԥхьаӡа апрокурортә гәаҭарақәа мҩаԥыргаларц апроцессуалтә ӡбамҭақәа рыдкыларала (апункт 1.5.). Аусшәҟәы инақәыршәаны, ахақәиҭра ацәгара аҭыԥқәа ргәаҭареи ашьауӷатә хьырхәра анагӡараани, иара убас аҭакреи рзы Апрокурор хада ицхырааҩ агәаҭареи азакәантәреи насгьы ашьауӷатә хьырхәреи, нас аҭакреи раан системала агәаҭарақәа рымҩаԥгара ихыдҵоуп. Иара убас иара ихыдҵақәа рахь иаҵанакуеит иарбоу аусбарҭақәа ргәаҭара аиҿкаара мызкы аҩныҵҟа знык еиҵамкәа (пункт 3.1.).
Аха, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аамҭалатәи аԥхьакырҭаҟны аҭагылазаашьа ахәшьара аҭо иазгәаҭазарц ахәҭоуп ахара здуи изхароуи иахьҭаку азакәанқәа рықәныҟәара, насгьы изхароуи зус рыӡбахьоуи излақәнагоу ала апрокурортә гәаҭара шыҟам, изхароуи ахара здуи рзинқәа рыхьчара аиқәыршәара, ахатәы шәарҭадарагьы убрахь иналаҵаны.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокуратура Хада азхьаҳарԥшуеит ахара зду А.Г. Ӡиӡариа ишьра аус қәнагала иҭырҵаарц, иара убас иҭакқәоу рҭакра арежим аилагара ахьыҟаз зыӡбахә азгәаҭоуи иара убас егьырҭ аҭагылазаашьақәеи реилыргаразы еффективрала аҭҵаара мҩаԥыргарц. Иаҳуалԥшьаны иҳаԥхьаӡоит шәазхьаҳарԥшырц Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокуратура Хадеи дара рхыдҵақәа инарықәыршәаны, ашьауӷа-анагӡаратә система аусбарҭақәа ргәаҭареи агәаҭара аҭагылазаашьа анализ азуреи шьаҭас иганы, иҭакқәоу рзинқәа реиқәырхара, ахара зду, изхароу насгьы аусбарҭа ахадара аусзуҩцәа рхатәы шәарҭадаразы азингьы налаҵаны, зхырԥара амуа аӡбаратә знеишьақәа рыдыркылар рыхәҭоуп.
Хыхь иазгәаҭоу хырҩа азуа, иконкреттәу азнеишьақәа ҳарзыԥшуп, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи Апрокуратура хадеи ирыдыркылақәаз.
Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчра змоу Асида Шьаҟрыл
06.02 2020 ш.