Асида Шьаҟрыл атәыла Ахада ашәҟәы изылҩит: Азинмчра змоу АШәМ ауаа «аиҿцәажәаразы» рааԥхьара анырра рыҭара аҳасаб ала ахәшьара алҭоит атәылаҿы ажәа ахақәиҭраҿы аԥкрақәа рыҟалара хықәкыс измоу знеишьак аҳасаб ала
11.04.2022

Асида Шьаҟрыл атәыла Ахада ашәҟәы изылҩит: Азинмчра змоу АШәМ ауаа «аиҿцәажәаразы» рааԥхьара анырра рыҭара аҳасаб ала ахәшьара алҭоит атәылаҿы ажәа ахақәиҭраҿы аԥкрақәа рыҟалара хықәкыс измоу знеишьак аҳасаб ала

Асида Шьаҟрыл атәыла Ахада ашәҟәы изылҩит: Азинмчра змоу АШәМ ауаа «аиҿцәажәаразы» рааԥхьара анырра рыҭара аҳасаб ала ахәшьара алҭоит атәылаҿы ажәа ахақәиҭраҿы аԥкрақәа рыҟалара хықәкыс измоу знеишьак аҳасаб ала

Иаҳкьыԥхьуеит ашәҟәы атекст харҭәааны:         

Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа!

Аҵыхәтәантәи аамҭазы атәылауаа рхыԥхьаӡараҟнытә АА АШәМ, ус иаҳзахьӡҵозар, «аиҿцәажәарахь» рааԥхьарақәа рхыԥхьаӡара ацлеит. Агәҭынчымра узцәырызго иреиуоуп ауаа ажәлар ирылагыланы еиуеиԥшым азҵаарақәа ирызкны ргәаанагарақәа анырҳәалак нахыс иахьрызҿырҭуа, аха уи азгьы мацара акәӡам. Ас еиԥш иҟоу аиҿцәажәарақәа рахь ирызҿырҭуеит еиуеиԥшым ахеидкылақәа рхаҭарнакцәа. АШәМ аусзуҩцәа ирызцәырҵуа амзызқәа, иҟалап, еиуеиԥшымзаргьы, аха иара убри аамҭазгьы урҭ есагь еилкааны иҟаӡам. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы изызҿырҭуа иреиуоуп Украина имҩаԥысуа ишьаарҵәыроу аиҿыхарақәа аҟәырхырц азы ауааԥсыра разыҳәара знапы аҵазыҩқәаз.

Азакәан иадгылоу ауаа ус еиԥш иаҳзахьӡҵозар «аиҿцәажәарахь» рааԥхьара сара хаҭала ахәшьара асҭоит ҳауаажәлар анырра рыҭаразы азнеишьақәа ракәны насгьы Аԥсны ажәа аҳәаразы азини егьырҭ азинқәеи рҟны аԥкрақәа раҳасаб ала.

Аԥсуа жәлар ибзианы иргәалашәоит Сталини Бериеи рнапхгарала атоталитартә система раԥхьаӡа иара иагәамԥхоз ауаа шықәнахуаз, анаҩс уи амаҵ азызуазгьы шаҭара шазырымуаз иазку аҭоурых. Аԥсны иҟаз Сталинтәи атеррор иззырхаз иреиуан, раԥхьаӡа иргыланы, аԥсуаа рҟны аҵара змақәаз, аԥсуа интеллигенциа, уи зегьы иааидкыланы ҳмилаҭԥшшәы аԥыхра иалҵшәахеит. Арепрессиақәа ашықәсқәа анҵы ирышьҭагылеит аиҭашьақәыргыларақәа, аха уи аамҭазы арепрессиа иахысқәаз хыԥхьаӡара рацәаҩыла рыԥсҭазаара иалҵхьан, мамзаргьы иҟан хнырҳәышьа змам злахьынҵақәа ҿаԥҽызгьы.

Ҳтоурых ҳхамышҭлароуп, иҭархагоу аиашара зҵаӡами изакәантәыми аҭоурыхтә ӡыблара иаҳнаҭаз аԥышәа аиҭаҟалара алмыршаразы.

АА АШәМ аҟны изызҿырҭуа иреиуоуп зыԥсҭазаара ажәлар рҿаԥхьа имҩасуа; Аԥсны аибашьра ҟалаанӡатәи, аибашьра аамҭазтәи, аибашьра нахыстәи аамҭақәа рзы ианакәзаалак ҳауаажәлар ринтересқәа зыхьчақәоз насгьы иахьагьы ҳҳәынҭқарра аҿиараҟны злагала рацәоу. Убри ианамаданы ицәырҵуеит азҵаара: иарбан ҟазшьоу иаанарԥшуа ҳҳәынҭқарра, АШәМ ашҟа абарҭ реиԥш иҟоу ауаа ирызҿыҭуа, ҳҳәынҭқарра ашәарҭадара аиқәыршәараҿы абри апрактика аҵакы иабанӡаҵаулоу?

Амилаҭуааԥсыраҟнытә ауаа аиҿцәаразы ишаарту изныкымкәа ирҳәахьеит насгьы дара рахәаԥшра шьаҭас иазышьҭоу аилыркаарагьы иазыхиоуп иарбанзаалак азҵааразы аиҿцәажәараҭаҭыԥ зеиԥшразаалакгьы, иарку ма иаарту аиҿцәажәарҭаҟны, иара убас АШәМ аусзуҩцәагьы адыԥхьаланы. АШәМ ауаа «аиҿцәажәарахь» рааԥхьаразы разхиара атәылаҿы ажәа аҳәаразы азин аԥкра ада даҽакала ахәаԥшышьа залшом. Ус узахьӡҵозар АШәМ аҟны аиҿцәажәарақәа Сталин ихаан ААЖәР (НКВД) аусура аметодқәа угәаладмыршәар ауӡом. Абарҭқәа зегьы адемократиа анорма хадаӡақәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ашьаҭақәа рҿы иазгәаҭоу рахьтә иахымыццаакуа ацәхьаҵра агәҭынчымратә дыргоуп.

Хыхь иазгәаҭоу хшыҩзышьҭра аҭо ихымԥадатәны исыԥхьаӡоит АА АШәМ амаҵурауаа русмҩаԥгараҿы азакәантәра ахьынӡақәныҟәоу амаҵуратә гәаҭарақәа рымҩаԥгара, адемократиатә ҳәынҭқарразы ҟалашьа змам азакәан иқәныҟәақәо ауаа фақтлатәи азҵаараҟаҵарала ргәаҭара, иара убас ауаа рзинеилагареи ауаҩы ихақәиҭреи рызҵаатәы, агәаанагарақәа рыҟаларази урҭ рҳәарази азинқәа, АА Аконституциаҟни жәларбжьаратәи аусшәҟәқәеи рҟны ишьақәырӷәӷәақәоу. Хымԥада еилкаатәуп ас еиԥш иҟоу аамҭаԥсахрақәа аинициаторцәа мотивс ирымаз, ҳтәылаҿы агәреибамгара ацәыргалара алзыршақәаз.

АА атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭреи рҟны аԥкрақәа АА АШәМ аусзуҩцәа рганахьынтә рыҟалара афақт иадекваттәу анырра роуп, АА Аконституциа инақәыршәаны, насгьы ахара зду рхарара ныҟәыргап ҳәа агәыӷра аасырԥшырц алшара сышәҭ.

 

Ҳаҭырла, ​​​​​​                          А. Гь. Шьаҟрыл



Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра