Асида Шьаҟрыл Аԥыза-министри АА ЖәРА рахь лхы нарханы ИКН иазку аобиектқәа ирызкы иарбанзаалак азнеишьақәа рзы аморатори аларгаларц рыдылгалеит урҭ рыхьчаразы амеханизмқәа ахьыҟам иахҟьаны
21.10.2022

Азинмчра змоу Аминистрацәа Реилазаареи Апарламенти рышҟа ашәҟәы ҩны ирзыналышьҭит, уаҟа инлакааны иазгәалҭеит ИКН абаҟақәа рыхьчаразы иҟоу асистема апозициа насгьы иазгәалҭеит аус зыдулатәны иҟоу иара убри азҵаарала.

Зегьы шьаҭас иаиуит жьҭаарамза 3 аҽны Азинмчра змоу лышҟа А.К. лҟынтә иҩыз ашәҟәы, уи лшәҟәаҟны ИКН еиқәырхазарц аҳәара ҟалҵеит. Зыӡбахә ҳәоу ақ. Аҟәа, Аиааира амҩаду аҟны иҟоу ахыбра аҩн.100 ауп. А.К. зыӡбахә ҳәоу ахыбраҿы ауадақәа лымоуп Г.В. атәылауаҩи еиланы, иара убри иоуп уи арбгара уажәы гәҭакыс измоу.

АА Акультура аминистрра еиқәнаршәаз ашәҟәы мшаԥымза 13, 2022 шықәсазтәи излашьақәнарӷәӷәо ала, иазгәаҭоу аобиект Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых-культуратә ҭынха ҿыц иацҵоу Асиаҟны иазгәаҭоу иреиуоуп.

Аха, атәылауаҩы Г.В. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭахь ашәҟәы иҩит АА Акультура аминистрра зыӡбахә ҳәоу аобиект абри асиа иахьаланагалаз иахҟьаны. Ишәҟәы зеиқәиршәаз атәы еилырго иазгәеиҭеит аобиект изыхәҭоу аекспертиза мҩаԥымгақәа асиа ахьаларгалаз, Аинструкциа «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа ргәаҭара, реиқәыршәара, рыхьчара, хылаԥшра рзура, рхархәара насгьы реиҭашьақәыргылара иазкны» захьӡу инақәыршәаны.

Абраҟа иазгәаҭатәуп АА Акультура аминистрра аҭак инақәыршәаны, атәылауаҩы А.К. лзыҳәа агәаҭаразы аҳәынҭқарратә експертиза мҩаԥгаӡамызт обиектк иазкынгьы, АА ИКН Аҳәынҭқарратә сиа иҭагалоу реиԥш, АА ИКН ҿыц иалкаахаз аобиектқәагьы, АА азакәанԥҵараҟны уи амҩаԥгаразы арегламент ахьыҟам иахҟьаны.

«Ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ҟалашьа змам акәны ҳахәаԥшуеит АА Акульутура аминистрра аҭоурыхтәи, Аԥсны анаукатәи, асахьаркыратәи хәыԥса змоу аобиектқәа рыхьчара хаҭалатәи акомпетенциахь иаҵанакуа, ажәашықәсақәа шҵхьоугьы абарҭ азҵаарақәа зыӡбо анорматив-зинтә усшәҟәқәа рыла иахьеиқәыршәам иахҟьаны», - азгәаҭоуп Азинмчра змоу лышәҟәаҟны.

Асида Шьаҟрыл лгәаанагарала, ари иара убас аԥсуа жәлар ирымоу аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы рзин аилагароуп иаанаго, «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара иазкны» захьӡу Азакәан ахәҭ. 4 инақәыршәаны, уаҟагьы иаҳәоит «Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыра иахьаҵанакуа аҭоурых-культуратә ҭынха аҳәынҭқарра ахьчара анапы аҵаҟа иҟоуп ахаҭара аформа зеиԥшразаалакгьы, уи аиқәырахашьеи ахархәашьеи зеиԥшразаалакгьы».

«Ҳгәы ҳнархьуазаргьы, ИКН аобиектқәа хыԥхьаӡара рацәала ԥырхага рзуреи рықәгареи рфакт аҭыԥ шрымаз иагьшыҭҵаамыз, насгьы уи азы ахара здыз аӡәгьы аҭакԥхықәра шныҟәрымгаз, иара убас ИКН акыр зҵазкуа аус зыдулам азакәани азакәанқәа рыхәҭақәеи ахьыҟоу рзгьы, насгьы ачынуаа ари Азакәан ԥсыцқьала иахьныҟәрымгоз гәаҳамҭар ҳалшом. «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара иазку» Азакәан анадкылаз аамҭа инаркны 24 шықәса шҵхьоугьы, аҳәынҭқарраҟны иахьа уажәраанӡа анормативтә актқәа ыҟаӡам, ахьчаратә ҭыԥқәа азгәазҭо, аргыламҭақәа рзы аҭыԥ алызхуа, аԥсабаратә рԥшӡагақәа рҭыԥқәа алызкаауа, ИКН аобиектқәа реиқәырхара еиҿызкаауа», - аҳәоит ашәҟәаҟны.

АА Аминистрцәа Реилазаара анормативқәа (арегламентқәа) шьақәнарӷәӷәаӡом, 2003 шықәсазы иадкылаз Аинструкциаҟны иагәылагалоу анормақәеи амеханизмқәеи рынагӡара анормақәа еиҿызкаауа. Убри инеиҳангьы, АА Аминистрцәа Реилазаара абри Аинструкциа акырӡа зҵазкуа аԥсахрақәа аланамгалаӡеит, 2016 шықәсазы Акультура аминистррала иадгалақәаз.

«2017 шықәсазы АА Апарламент АА «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара иазку» Азакәан актәи аԥхьараҿы иҭнаҵааит иагьаднакылеит, аха уи аахыс иадкылаӡам аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы. Абри инамаданы ихымԥадатәны иҳаԥхьаӡоит абри азакәан аҭҵаарахьы аиҭазыхынҳәра анаҩс уи ахарҭәаарақәа ралагалара насгьы аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы ариашарақәа ралагалара абаҟақәа еффективрала рыхьчара хықәкыс иганы», ҳәа азгәаҭоуп ашәҟәаҟны.

Акультуреи аҭоурыхи рбаҟақәа рырбгара, раԥыхра иадҳәалоу ашәарҭара еиҳахоит Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵараҟны асистематә ҟазшьа змоу анормативтә актқәа – ақалақьргыларатә кодекс ахьыҟам иахҟьаны, ақалақьтә ргылараҟны аргыларатә ԥҟарақәеи егьырҭ аспектқәеи хылаԥшра рыҭаразы ихымԥадатәу, аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара аиқәырхарагьы зымҽхазкуа. Ари акодекс анормақәа ИКН аобиектқәа иахьрыҵанакуа азакәанԥҵара хадырҭәаауеит иагьышьақәдыргылоит.

АА Жәлар Реихара – Апарламент, АА Аминистрцәа Реилазаара иазырхоу адгаларақәа:

•    Иазгәаҭоу аконтекст аҿы АА Жәлар Реизара – Апарламент раԥхьаӡа игылоу усӡбатәны иҳаԥхьаӡоит: 1) «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара иазку» АА Азакәан ихымԥадатәу аԥсахрақәеи ахарҭәаарақәеи ралагалара, акультуреи аҭоурыхи рбаҟақәа ган рацәалатәи рыхьчара алзыршо; 2) ақалақьргыларатә кодек адкылара.

•    АА Аминистрцәа Реилазаара анорматив-зинтә актқәа Азакәан иашьашәало аиҿкаара аамҭа ахмырԥакәа, аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара иахьаҵанакуа аусмҩаԥгара еиҿызкаауа.

•   АА Аминистрцәа Реилазаара, хаҭала, АА Акультура аминистрра гәыцқьарылатәи азакәанԥҵара анагӡара аиҿкаара, Аԥсны аҭоурыхи акультуреи рбаҟақәа ачынуаа рыла рыхьчара иадҳәалақәоу аҩаӡарақәа зегьы рыла.

•    Анорматив-зинтә база адкылахаанӡа, аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара ган рацәала аиҿкаара алзыршо, аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара иадҳәалоу иарбанзаалак аусмҩаԥгаразы аморатори ақәыршәара, урҭ реиқәырхара иазырхо атәы аламҵакәа.

Ашәҟәы ихарҭәаау атекст ыҟоуп иацырку аусшәҟәаҟны.



Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра