Асида Шьаҟрыл АА Ахада идылгалеит афымцамч азы есымшааира аус зуло Акомиссиа аԥҵара
24.11.2022

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу имҩаԥызгаз аусқәа ирызкны есышықәсатәи сажәахә 2021 шықәсазтәи аҿы иазгәасҭахьан Аԥсны афымцамч арцәара иадҳәалаз ауадаҩрақәа. Есышықәса афымцамч арцәара мзызс иҟаз, аиҳарак аӡынтәи аамҭазы, афымцамчратә хыҵхырҭақәа – иажәхьоу афымцамчтә цәаҳәақәеи амаҭәахәқәеи, иџьармыкьатәым атарифқәеи афымцамч азы есышықәсатәи ажәлар руалқәеи. Аҭагылазаашьа анегативтә нырра анаҭоит Аԥсны иахьаҵанакуа иааидкыланы афымцамчратә хыҵхырҭа иазку еилкаау астратегиеи апрограммеи рыҟамзаара.
Угәы унархьуазаргьы, 2022 шықәсазы афымцамчтә хыҵхырҭа иахьаҵанакуа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа уадаҩ иахьа уажәраанӡа азҵаара ӡбашьа амаиуӡеит.
2022 шықәса абҵарамза алагамҭазы ВЛ-220 «Аҽгәара» аҟны иҟалаз аиԥҟьара лҵшәас иазыҟалеит жәанызықьҩыла ауаа даҽазныкгьы алашара, аԥхарра иара убас аӡы иакымкәа амшқәа инеиԥынкыланы ирымамкәа раанхара. Ихымԥадатәу абзазаратә маҭәахәқәа рыҟамзаара, ауаатәыҩсатә хымԥадатәрақәа реиҿкааразы аҭагылазаашьақәа рыҟамзаара атәылауаа рыԥсҭазаареи рыԥсихологиатә ҭагылазаашьеи ӷәӷәала анырра рырҭоит. Атәылауаа фымцамчла реиқәыршәара зыдҳәалоу есымшааиратәи ицәырҵуа ауадаҩрақәа иаадырԥшуеит ишьақәгылаз аҭагылазаашьаҿы аҳәынҭқарра иара инанагӡараны иҟоу апозитивтә хымԥадатәра ауаа инареиҵаӡоу рҭахрақәа реиқәыршәара анагӡара шалымшо.
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны афымцамч ахыҵхырҭақәа иахьрыҵаркуа амилаҭтә концепциеи уи аиҭашьақәыргылареи рыҟамзаараҿы иаадырԥшуеит афымцамч иадҳәалоу ауадаҩра аӡбараҿы хазҷыдалатәии ашьаҿақәа ранализ азура шыҟам. Ауаажәларратә еилацәажәарада иадкылахоит абарҭ реиԥш иҟоу аӡбамҭақәа, иаҳҳәозар, «Афымцамчра иазку» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахь аԥсахрақәа ралагалара, уи инақәыршәаны аизшаратә цәаҳәақәа рхатәтәразы мап ацәкхоит, иара убас аобиектқәа, афымцамчра 5 МВт  еиҳаны амчхара алзыршақәо. Ас еиԥш иҟақәоу аӡбамҭақәа атәылауаа рыҩнуҵҟа агәҭынчымра рызцәырнагоит, избан акәзар урҭ ауаажәларратә еилацәажәарада иадкылахоит, уи иалҵшәаны ажәлар атәыла амилаҭтә шәарҭадаразы ахатәтәра иацу аҭагылазаашьақәеи нас урҭ рылҵшәақәеи ирзымдыркәа иаанхоит.
Ус анакәха, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу иузанымхуа афымцамчтә уадаҩра, иара убас ВЛ-220 «Аҽгәара» иуадаҩӡоу аҭагылазаашьа хшыҩзышьҭра рыҭо, ишәыдаагалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны анагӡаратә мчра аҳәаақәа ирҭагӡаны (иҟалап, АА Ахада иҟны иҟало) афымцамч азы есымшааира аус зуло Акомиссиа аԥҵара, зфункциақәеи ззинымчреи иара аусура иазкны еиқәыршәахо Аҭагылазаашьаҿы иазгәаҭахо. Ари акомиссиа аусура хықәкыс иҟалароуп афымцамчтә хыҵхырҭа, иара убас ари ахырхарҭала инагӡаз аусмҩаԥгатәқәа ахәшьара рыҭара, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра афымцамчтә хыҵхырҭа аҿиара аконцепциа азыҟаҵара, ишьақәгылаз аҭагылазаашьа бааԥс асистемала алҵра алзыршо аамҭа кьаҿк иалагӡани аамҭа рацәа ақәырӡразы алшра аҭареи хымԥада аперспективақәа реиҿкаара. Ҳара ҳахәаԥшрала, Акомиссиа раԥхьаӡа иргыланы ишьақәгылазароуп АУН «Амшынеиқәафымцамч», Апарламент, атәыла Ахада, аполитикатә партиақәа, атәылауаа рхаҭарнакцәеи аекспертцәеи рхаҭарнакцәа рыла, уи иаҳнаҭоит алшара ишьақәгылаз ауадаҩра аполитикатә хықәкқәа рхырхарҭахь анамышьҭра. Насгьы зегь реиҳа ихадароу, ас еиԥш иҟоу Акомиссиа аԥҵара ажәлар рҟны, афымцамчтә уадаҩрақәа рыӡбара зыдҳәалахо иконструктивтәу адиалог аиҿкааразы ашьаҭа анаркуеит. Убри аҟнытә Акомиссиа еффективрала аус аурц азы уи аилазаашьа шьақәырӷәӷәазар ҟалоит еиуеиԥшым аполитикатә мчрақәа рыбжьара аконсенсус аиҿкаара амҩала.
Ишьақәгылаз аҭагылазаашьа Аԥсны афымцамчтә система иацу ауадаҩрақәа аполитикатә ҟазшьа амҭақәа аамҭагьы ақәмырӡкәа алацәажәара ихымԥадатәны иҟанаҵоит. Ас еиԥш иҟоу Акомиссиа аԥҵара ирелевантны иҟоуп, избан акәзар Аԥсны афымцамчтә хыҵхырҭа иацу ауадаҩра атәыла иқәынхо уаҩыцыԥхьаӡа ихькьысуеит насгьы аҳәынҭқарра зегьы аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи ирныԥшуеит.
Игәоумҭарц залшом, акыр иазхәыцу амҩатә хсаала еилкаауи иҷыдоуи астратегиа азышьақәмыргылакәа, шьаҿа-шьаҿалатәи атәыла афымцамчтә система аиқәыршәара залыршахом, Аԥсны аинтересқәа ирықәшәо.
Убри адагьы, Аԥсны ишьақәгылаз афымцамчтә ҭагылазаашьа инамаданы Шәара шәзинмчра аҳәаақәа ирҭагӡаны, абз. 2 ап. 1 ахәҭ. 18 Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә Палата Арегламент инақәыршәаны ихымԥадатәны иҳаԥхьаӡоит Аконтрольтә палата ала изаамҭанытәым аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара АУН «Амшынеиқәафымцамч» аганахь ала, иара убас егьырҭ апроектқәагьы, афымцамчра насгьы егьырҭ аобиектқәа реиҭашьақәыргылара иадҳәалоу.
Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы афымцамчтә системаҿы ишьақәгылаз ауадаҩрақәа рыӡбара ишиашоу зыдҳәалахо аинициатива шынагӡахо ала агәыӷра аасырԥшырц алшара сышәҭ.  




Ҳаҭырла,
АА аҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу                       А.Гь. Шьаҟрыл



Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра