Асида Шьаҟрыл ауаҩы изинқәа Рымш аҽны аԥсуа телехәаԥшрақәа рҿы 2020 шықәсазтәи ажәахә лыманы дықәгылеит
11.12.2021

Ауаҩы изинқәа Рымш аҽны, ԥхынҷкәынмза 10 рзы, Азинмчра змоу Асида Шьаҟрыл аԥсуа телехәаԥшрақәа рҿы 2020 шықәсазтәи аусмҩаԥгара знырԥшыз Аҳасабырбеи азыҳәеи лыманы дықәгылеит.
Асида Шьаҟрыл ауаҩы изинқәа рыхьчара Амш зыдҳәалаз лықәгылара
Ақәгылара ихарҭәаау атекст:
Ҳаҭыр зқәу ҳтәылауаа!
Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу ауаҩы изинқәа рзы Азинмчра змоу аппарат аусзуҩцәеи сареи ауаҩы изинқәа рыхьчара Амш шәыдаҳныҳәалоит! Абри амш аҽны ООН Ассамблеиа Хада ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Адекларациа аднакылеит, уи ҟалеит ауаатәыҩса зегьы рзы аепоха ҿыц алагара алзыршаз усшәҟәны.
Аибашьра ахлымӡаахреи азинқәеи ахақәиҭреи рзы ақәԥара иазку агәалашәара адунеи аиӷьхарахь изыԥсахуа мчны иҟоуп.
Иахьа ҳҭагылазаашьа уадаҩуп апандемиа COVID-19 иахырҟьаны, уи анегативтә нырра анаҭоит Аԥсны уеизгьы имариамкәа иҟоу асоциал-економикатәи, агуманитартәи ҭагылазаашьа, иара убас ауаҩы изинқәа рықәныҟәарагьы реиқәырхарагьы убрахь иналаҵаны.
Агәра ганы сыҟоуп, аҭакԥхықәра ҳаракы, раԥхьаӡа иргыланы аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҟынтә, иара убас Аԥсны тәылауаҩцыԥхьаӡа иҟнытә, ашәарҭареи ацәыӡқәеи рхыԥхьаӡара еиҵанартәыр алшоит иара убас ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи еиқәнархоит.
Ҳаҭыр зқәу ҳтәылауаа, сара иахьа сықәгылоит ауаҩы изинқәа рзы Азинмчра змоу 2020 шықәсазтәи аусмҩаԥгара знырԥшу ажәахә шәыдызгаларц азы. Азакәан инақәыршәаны ажәахә Апарламент аҟны иазыӡырҩызар ауп изаамҭанытәу аилатәараҟны уи ианадгалахо нахыс хәажәкырамза 10, 2021 шықәсазы. Ари акырӡа зҵазкуа ахҭыс азыԥшра аамҭа ақәхарӡхеит 8 мзы, сара сакәзар, Апарламент аҟны ақәгылара иахьа уажәраанӡа алшара сырымҭеит. Ус изыҟалаз аҳәара сцәыуадаҩуп, насгьы еилкааӡам Апарламент Аиҳабы, аҭакԥхықәра ныҟәызго, Азинмчра змоу сықәгыларазы арыцхә ахьазгәеимҭаз.
Смаҵура аныҟәгара напы анасыркы, сыдҵақәа ԥсыцқьарылеи, гәыҩбарадеи, цәгьахәыцрадеи ишынасыгӡо ала ажәа сҳәеит, убри аҟнытә сусураҿы сажәа аилагара сашьҭаӡам. Сыдҵақәа рхыԥхьаӡараҿы имҩаԥызгаз сусура иазкны ажәахә сыманы ақәгылара исхыдҵоуп. Апарламент аҟны ус еиԥш алшара зласмоуз ала, ауаҩы изинқәа рыхьчара амш аҽны ҳажәлар рҿаԥхьа аԥсуа телехәаԥшраҟны сықәгыларц сыӡбеит.
Иазгәаҭатәуп иара убас Азинмчра змоу сажәахә ианаамҭоу Апарламент иазыӡырҩыр заҭаху сажәахә аҟны иазгәаҭоу азинеилагарақәа ианаамҭоу анырра роурц, насгьы урҭ раԥырҟәҟәаразы азнеишьа адкылахарц азы.
Ҳәара аҭахума, сажәахә аҿы иҟоу аилагарақәа зегьы сзаарԥшӡом, 130 даҟьа рҟны иазгәаҳҭаз. Сара ҷыдала иалыскаауеит апроблемақәеи азҵаарақәеи, рымыӡбара ауаҩы зинқәеи ихақәиҭреи хыԥхьаӡара рацәала реилагарахь иназгақәо.
2020 шықәсазтәи Аԥсны иҟоу ауаа рзинқәа ирыдҳәалоу аҭагылазаашьа ҭҵаауа, акоронавирустә ҿкы иахылҵыз апандемиа ауаҩы изинқәа рыхьчара аспектрқәа зегьы акырӡа анырра ӷәӷәа шырзыҟанаҵаз. Иуадаҩу аекономикатә ҭагылазаашьаҿы апандемиа агәабзиарахьчареи, асоциалтә еиқәыршәареи аҵарадырреи иахьрыҵаркуа апроблема дуқәа аанарԥшит иагьацнаҵеит.
Иазгәаҭатәуп, апандемиа аналагоз уи аҿагыларазы Аԥсны иазхаӡомызт амаҭәахәытәи, афинанстәи, атехнологиатәи, ауаатәыҩсатәгьы цхыраара. Атәылаҿы иҟоу аҿкытә хәышәтәырҭа иамазарц ахәҭоу ахыҵхырҭақәа нҵәахьеит, изықәнагоу амедицинатә еиқәыршәагақәа ыҟаӡам, аиндивидуалтә хыхьчаразы ахархәагақәагьы ҟаӡам, аҳақьымцәа-аспециалистцәа ӷәӷәалаҵәҟьа азхаӡом. Урыстәылатәи Афедерациаҟнытә, жәларбжьаратәи ахеидкылақәа рҟнытә, аԥсуа диаспореи, аԥсуа бизнес ахаҭарнакцәеи, аԥсуа икоммерциатәым ахеидкылақәеи, агәыҳалалратә фондқәеи рҟынтә иҳауз ацхыраара иабзоураны ауп жәаҩыла ауаатәыҩса рыԥсҭазаарақәа реиқәырхара шзалыршахаз. Урыстәылеи Аԥсныи ргәабзиарахьчаратә Аминистррақәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны АА ӷәӷәала ичмазаҩыз атәылауаа рыхәышәтәразы Урыстәылаҟа инашьҭхон. Аԥснынтә ачымазацәа ихымԥадатәу ацхыраара рыдгалахон иара убас ақырҭуа медицинатә усбарҭақәа рҟынгьы.
Абраҟа иазгәаҭатәуп иара убасгьы Аԥсны жәларбжьаратәи аилазаарақәа рҟәыгаразы Қырҭтәылатәи анапхгара имҩаԥнагоз аполитика анегативтә лҵшәақәа. Аполитикатә зҵаарақәа агуманитартәқәа реиҳа аԥхьа иргылауа, Қырҭтәыла Аԥсны ишиашоу ацхыраара адгалара иазыхиақәаз, Қырҭтәыла аус иадымгалакәа, ахеидкылақәа аҭагәҭасрақәа рзеиҿнакаауан. Иаҳҳәозар, аладакореиатә икоммерциатәым ахеидкыла Аԥсны агуманитартә цхыраара изаднамгалеит ақырҭуа цҳаражәҳәарҭа ԥырхага ахьазнауз иахҟьаны.
Агәыӷра ҳамоуп жәларбжьаратәи ахеидкылақәа ас еиԥш иҟоу азнеишьақәа мап рцәыркып ҳәа насгьы Аԥсны амадара алзыршо азҵаара адеполитизациазы алшарақәа рыԥшаап ҳәа ареспубликаҿы азинқәа рыхьчара хықәкыс иганы, аиҳарак апандемиа аҭагылазаашьаҿы. Жәларбжьаратәи аԥкреи азхамҵареи, ишыҟоу ҳахәаԥшуазар, Аԥсны адискриминациахь инанагоит насгьы ауаҩы изинқәа еиланагоит.
Угәы унархьуа иҟоуп акыр шықәса Аԥсны иқәынхо ауаа ақырҭуа-аԥсуа еиҿыхара алҵшәақәа изрылымҵуа иахьыҟоу. Изаамҭанытәым ареспублика аекономикатә ԥкра еиуеиԥшым аекономикатә хырхарҭақәа рҿы аҭагылазаашьа уадаҩ иҭанаргылеит, атәылауаа рхашәалақәа реиҵартәрахьы иназгақәаз. Ари иара убас егьырҭ апроблемақәа хыԥхьаӡара рацәала аҭаацәарақәа изҭагылаз ауадаҩрақәа ирымзызхеит.
Имцаз апандемиа иқәнаргылоит азҵаара еиҳа иҷыдоу азҵаарақәа рықәыргыларазы, ауаатәыҩса рзинқәа рыхьчара алзыршақәо – аԥсҭазаареи агәабзиареи рзы азин. Ауаатәыҩса рыбжьара авакцинаҟаҵара шхымԥадатәу иазкны аинформациа-знагаратә усура арӷәӷәара хымԥадатәуп. Уи Аԥсны тәылауаҩцыԥхьаӡа изызхәыцу алхра аҟаҵараҿы ицхраауеит насгьы ауаатәыҩса мчылатәи азнеишьаҟнытә еиқәнархоит, ауаҩы изинқәа реилагарахь инанагар зылшақәо.
Иахәҭам ахашҭра иалагалаз аԥкрақәа шьаҭас ирымоу еилкааны ишыҟазар акәу, ашәарҭара иақәшәо иҟалараны ишыҟоу, насгьы иазымхәыцкәеи адискриминациатәныи иҟамлар ишахәҭоу. Абраҟа хымԥада иазгәаҭатәуп ҳәа исыԥхьаӡоит аҳәынҭқарратә напхгарақәа рнапхгаҩцәеи аԥсуа жәлари ҭакԥхықәра дула ишьақәыргылоу аепидемиаҿагыларатә нормақәа ирықәныҟәозҭгьы, COVID-19 аҿагылара иазырхақәоу, хыԥхьаӡара рацәала ауаа рыԥсҭазаара аиқәырхара ҳалшон, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ҳара ҳҩызцәеи, ҳгәакьацәеи ҳҭынхацәеи.
Анаҩс азакәанԥҵаратә процесс хшыҩзышьҭра аҭатәны исыԥхьаӡоит.
Абри иаԥхьанеиуаз сажәахә аҿы азакәанԥҵара аиӷьтәра иадҳәалоу аусура активизациа шхымԥадатәу ҳалацәажәон. Иҳәатәуп, аҳәынҭқарратә усбарҭақәак иахьа уажәраанӡа русмҩаԥгара хкқәак асоветтә нормақәа рыла ишьақәыргылоуп, насгьы уи иахылҿио аиҿагыларақәа анегативтә лҵшәақәа рахь инанагоит. Сгәы акыр снархьуазаргьы, иазгәасымҭарц сылшом Апарламент 2018-2019 шықәсқәа рзтәи сажәахә аҟны иазгәаҭаз адгаларақәа изықәнагоу хшыҩзышьҭра анамҭаӡеит.
Ахатәы Қәҵара аԥҟара еилаго, аԥхьатәи сажәахә ианазыӡырҩ нахыс иадкылаз, сажәахә аҿы игәылаз адгаларақәа иаламцәажәаӡеит, ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи рыԥҟареилагара ӷәӷәа ахьаныԥшыз. Абраҟа иҳәатәуп атәанчахәытә еиқәыршәареи, аҳәынҭқарратә социалтә политикеи, аҵарадырреи ирызку азакәанԥҵарақәагьы хшыҩзышьҭра рымҭакәа иаанхеит.
Адепутатцәа аборт шьаҭанкыла аҿагыларазы адгаларақәа иара убасҵәҟьа анырра арымҭеит, уи дискриминациатәуп уҳәар алшоит.
Ҳара ҳадгаларақәа даҽазныкгьы хшыҩзышьҭра амҭакәа иаанхеит ауаҩы ашьра иқәҵара. Азакәанԥҵараҿы ауаҩы ашьра иқәҵара еиԥш иҟоу анорма, жәларбжьаратәи астандартқәа ирҿагыло, иара убас аԥсуа жәлар ирҷыдаҟазшьо анормақәа ирҿагыло, аԥсуара акодекс еиԥшу, урҭ инарҷыданы ауаҩы иԥсҭазаара реиҳа хәы змаӡам акәны иԥхьаӡоуп, абри зегьы иҳанаҳәо уи ауп, ҳауаажәлар арҭ апринцип дуқәа ирыламцәажәакәа аиҭахәаԥшра иахрыжьит.
Абарҭқәа зегьы рнаҩс, Азинмчра змоу аппарата еиқәнаршәаз «Аҭаацәара-бзазаратә ргәаҟрақәа рахьтә аиқәырхара иазку» азакәанапроект Апарламент даҽазныкгьы анырра ҳәа акгьы анамҭеит.
Иара убас изықәнагоу хшыҩзышьҭра амҭакәа иаанхеит ҳара имҩаԥааго аусура, Азинмчра змоу апроцессуалтә статус аиӷьтәра иазынархоу, ауаҩы изинқәа еффективрала аиқәырхаразы ихымԥадатәны иҟоу.
Аргәаҟрақәа ирызку апроблема хазы алкаара ахәҭаны исыԥхьаӡоит. Иага аиҿагылара ӷәӷәа знырԥшу аусқәа ыҟазаргьы, аԥсуа жәлар зегьы зырцыхцыхыз, АА Апарламент Ашьауӷатә кодекс «Аргәаҟра» захьӡу аилкаара алагалара иазку адгалара қәнагалатәи анырра анамҭеит зхала иҟоу ацәгьаҟаҵара хкык аҳасаб ала, уи азы ахымԥадатәра шыҟоу еилкаауа. Абраҟа иазгәаҭатәуп, аҭакырҭақәа рҿы ауаа рыргәаҟра иахьа уажәраанӡа аҭыԥ рыманы иаанхоит. Азинхьчаратә усбарҭақәа рҟны аус зуа ауаа ахьдыргәаҟауа азы аҭакԥхықәра рықәҵаразы алшарақәа ԥкуп. Абри инамаданы, иазгәаҭатәуп ҳәа исыԥхьаӡоит АА Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ауадақәа рҿы ацәгьаҟаҵара («Ҭарба иус» ҳәа хьӡыс изауз), амаҵурауаа ашьауӷа рықәымҵакәа иаанхеит, абри аус хацзыркқәаз. Аусӡбарҭа иаднакылаз аӡбамҭа инақәыршәаны, ацәгьаҟаҵара зхарарҵоз А. Б. Аутлев, В. М. Кәылов, Б. В. Џьыкьырба иара убас А. А. Чедиа рыцәгьаҟаҵара рҟәыхын [1]. Анзор Ҭарба дыргәаҟны ишьра иҭҵаамкәа иаахоит.
Аргәаҟрақәа рыҟазаара афақт, аусӡбарадатәи ауаҩшьра, азакәандарақәеи аԥсрақәеи, ААИ (ИВС) иара убас АА ААР АГәҬА (СИЗО) аҟны аҭыԥ зауқәаз, аргәаҟрақәа рҿагыларазы ахәдықәҵарақәа рықәымныҟәара атәы ауп иаадырԥшуаз, аамҭалатәи аҭакырҭақәа рҿы арежим азакәанеилагара дуқәа шыҟаз, иара убас аамҭалатәи аҭакырҭақәеи ахьырхәразы аҭакырҭақәеи рҿы иҭаку рызныҟәара азҵаарақәа рҿы апрокурортә гәаҭарақәа ӷәӷәалатәи рықәымныҟәара.
Иага апрокуратура Хадахьы азыҳәа азырхиазаргьы, А.Гь. Ӡиӡариа ишьра аҭагылазаашьақәеи амзызқәеи рыҭҵаара иахьагьы имҩаԥгаӡам, уи анаҩсгьы иҭакқәаз ас еиԥш иҟаз аҭагылазаашьақәа рымзызқәа иҭҵаамкәа иахьагьы иаанхоит. Уи иалҵшәахоит ахара зду ахара рықәымҵара.
2020 шықәса аҩныҵҟа Азинмчра змоу аппарат нанашьҭит 13 зыҳәа апрокурор Хада А.Н. Агрба ихьӡ ала ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи реилагара, Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара аилагареи иреиҳау амаҵурауаа изакәантәым рхымҩаԥгареи ирызкны анырра аҭазарц азы. Азыҳәақәа 13 ирызкны изықәнагоу анырра амҭакәа иаанхоит. Апрокуратура Хада аҭакқәа аиҳарак рҿы инашьҭыз азыҳәақәа ирызкны ҷыдалатәи аҭак ыҟамызт.
Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа иҟарҵо ӷәӷәалатәи АА азакәанеилагарақәа, ауаҩы ихақәиҭтәреи иргәаҟрақәеи ирызкқәоу, асистематә ҟазшьа аархәоит.
Акыр агәҭынчымра узцәырнагоит аҩныҵҟатәи аусқәа русзуҩцәеи апрокуратура аусзуҩцәеи ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи рықәныҟәара иара убас урҭ рыҭҵаара аеффективра аҟамзаареи рыпринцип ахьынармыгӡо.
Апрокуратура Хадахьы ҳзыҳәарақәа зыдҳәалоу иреиуоуп иара убас азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа рыла изинтәымкәа рымчқәа рхархәареи изакәантәымкәа абџьар хархәара азуреи.
Арҭ афақтқәа иакымкәа излаҟоу ала, урҭ рыҭҵаара хымԥадатәны иҟоуп азакәанԥҵара инақәыршәаны аныррагьы роур ахәҭоуп [2]. Аха, иага ус иҟазаргьы, апрокуратура Хада ҳара ҳазыҳәара ҷыдалатәи ганрацәалатәи аҭҵаара мҩаԥнамгаӡеит.
Хшыҩзышьҭра асҭарц сҭахуп амчра хархәара азура аҭакра ҟазҵро рнапы мацара ианӡам, уи рнапы иануп иара убас урҭ ахықәкқәа рынагӡаразы аӡбамҭа здызкыло амаҵурауаагьы. Абџьар ахархәара афақт аҭҵаара лҵшәас иазыҟалароуп абџьар ахархәаразы ахымԥадатәра злаҟаз ала.
Анырра аҟамзаара аӡбахә ҳәо, апрокуратура Хада инаҳашьҭыз азыҳәа, Ареспубликатә ԥсихиатратә хәышәтәырҭа афинансҟаҵара аанкылара 2019 шықәсазы изықәнагоу аҭҵаара шымҩаԥнамгаз азгәаҭара хымԥадатәны исыԥхьаӡоит.
Аусӡбамҭа иаднакылаз аӡбамҭақәа рынамыгӡара, раԥхьаӡа иргыланы аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыла, хазы агәҭынчымра узцәырнагоит. Азинмчра змоу лаппарат аҟны АА ААР Атәылауаҩратә напхгара (анаҩс - АА ААР АН) изакәантәу амчра зауз аусӡбаратә ӡбамҭа шынагӡамхо иазку адыррақәа рхыԥхьаӡара рацәахо иалагеит.
Аусӡбамҭа иаднакылаз аӡбамҭақәа аамҭа хмырԥакәа инагӡазарц азы, насгьы урҭ рынамыгӡаразы аҭакԥхықәра рыдҵара иазку ашәҟәқәа нашьҭын Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Д.С. Дбар ихьӡ ала, Аиустициа аминистр А.Л. Барцыц ихьӡ ала, иара убас АА Апрокурор Хада А.Н. Агрба ихьӡ ала, аха хыхь еиқәыԥхьаӡо амаҵурауаа ари азҵаара аӡбаразы азнеишьа рыдрымкылеит.
Иааидкыланы ас еиԥш иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы азинмчра аиқәырхара алзыршо аҭагылазаашьа маншәала шзалмыршахо иадырганы иҟалеит.
Азакәанқәа рықәымныҟәареи ауаҩы изинқәа рынамыгӡареи ачынуаа абжьаратәи рыҩаӡараҟны еиԥш, иреиҳау аҳәынҭқарратә напхгара амаҵурауаа рыбжьарагьы иара убас агәҭынчымра ду узцәырнагоит. Амаҵурауаа, аамҭа рацәа аҩныҵҟа аусӡбарҭа аӡбамҭақәа ахьынармыгӡо азы, ауаҩы изинқәа рыхьчараҿы иаадырԥшуа азакәанеилагаразы аҭакԥхықәра рыдҵатәуп, аха апрактикаҿы ус иҟам. Апрокуратура Хада ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи рынамыгӡаразы насгьы азакәанқәа рықәымныҟәаразы агәаҭарақәа мҩаԥнагаӡом, уи иаанарԥшуеит азакәан аҿаԥхьа аҭакԥхықәра аҟамзаара.
Аусӡбарҭа аӡбамҭақәа рынамыгӡара аусӡбарҭатә напхгареи аҳәынҭқарратә напхгареи иааидкыланы рыхьӡ-рыԥша ланарҟәуеит.
Убри адагьы, иазгәаҭазарц ахәҭоуп 2020 шықәсазы COVID-19 иадҳәалаз аԥкрақәа, ААР аусзуҩцәа рзы адукатцәа ззинқәа рыхьчо ауаа рышҟа анеирҭа аиҿымкааразы мзызс иҟалеит, иара Азинмчра змоу аппарат аусзуҩцәа мчылатә аҭакырҭақәа рахь анеира мап ацәкразгьы иара убасҵәҟьа. Аҭакырҭақәа рҭаара ахьыҟамлоз иахҟьаны Азинмчра змоу қәнагала арҭ аҭыԥқәа даҭаартә еиԥш алшара лмоуӡеит.
Иарку аусбарҭақәа рҿы COVID-19 ала ачымазара ашәарҭара шыҳараку атәы еилкаауа, уи аҿагыларазы ихымԥадатәу ауснагӡатәқәа реиқәыршәара хымԥадатәуп ауаҩы изинқәа реилагарада.
Анаҩстәи азҵаара, сыззааҭгыларц исҭаху, Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҿы инхо ауааԥсыра изҭагыло ауадаҩрақәа ирызкуп.
Иахьатәи аамҭазы агәҭынчымра ду узцәырнагоит Галтәи араион аҟны уаҵәтәи аԥеиԥш зеиԥшрахо атәы аилкаара.
Аибашьра еилгеижьҭеи 28 шықәса шҵхьоугьы, Гал араион иадҳәалоу аӡбамҭақәа, ажәлар рыҩныҵҟа аиҿыхара ӷәӷәақәа цәырнагоит насгьы акыр шықәса аҩныҵҟа атәыла анапхгара иазынархоу агәамԥхарақәа аадырԥшуан, зынгьы атәыла аҭышәнымыртәалара иамзызхон. Угәы унархьуазаргьы, аҵыхәтәантәи аамҭазы Гал араион иазку атема акыр аполитикатә ҟазшьа аҭаны иахцәажәоит, Гал араион аҿиара аконцепциа иазку азҵаарақәа рыхцәажәаразы иҭынчу, иазыманшәалоу аҭагылазаашьа ыҟам, аԥсуа ҳәынҭқарреи аԥсуа жәлари ринтересқәа шьаҭас измоу. Ҳара игәаҳҭоит аибашьра анеилгазҵәҟьа Аԥсны анапхгара гәҭакыс иамаз азнеишьа аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иақәымшәо ишыҟалаз. [с1]
1994 шықәсазы, ахҵәацәа рырхынҳәра иазку азҵаарақәа ирызку аҭагылазаашьақәа иага хшыҩзышьҭрада иаанхозаргьы, аԥсуа напхгара В.Г. Арӡынба раԥхьаӡа днаргыланы ирыдыркылеит аӡбамҭа ахҵәацәа рыхәҭак рыҩныҟақәа рахь идырхынҳәырц, ҷыдала Гал араион иқәынхоз ауаа [3]. Ари азнеишьа адкылан Самырзаҟан иралукааша аҭоурыхтә мҩа иахьанысыз иахҟьаны насгьы галтәи араион анхацәа ишьаҭаркыроу ахьраку иахҟьаны. Гал араион иатәу Самырзаҟантәи аԥсуаа ирхылҵшьҭрақәоу, иахьатәи аамҭазы ретникатә хылҵшьҭра аԥсахразы азин рымам насгьы аханатә ирхыз аԥсуа жәлақәа реиҭашьақәыргыларазы алшарагьы рымам, избан акәзар урҭ аԥсуа тәылауаҩра рымазаара азҵаара шьақәырӷәӷәаны иҟам, ртәылауаҩшәҟәқәагьы иҵабыргым ҳәа иԥхьаӡоуп. Гал араион иқәынақәо ауаа рзинеилагарақәа ртәы ҷыдала сазааҭгылаӡом, тәылауаҩшәҟәыда инхақәаз, иага урҭ рахьтә аԥснытәи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аус зуқәоз шыҟазгьы, абжыҭирақәа рҿы иалахәын, аԥсуа армаҵура иахысуан - ус еиԥш аҿырԥштәқәа маҷӡам. Аха урҭ ӡбамкәа, ишьаҭаркыроу азҵаарақәа рперспектива еилкаамкәа рныжьра, Гал араион иқәынхақәо аиҳараҩык ауаа ирызку, аԥсуа ҳәынҭқарра уаҵәтәи аԥеиԥш аҟны ианыԥшуа алҵшәа нрыжьыр алшоит.
Игәаҭамзарц алшом Гал араион аҟны иҟоу аҭагылазаашьа ақырҭуа-аԥсуа еиҿыхара аҭышәнымыртәалара иалҵшәаны ишыҟоу. Ақырҭуа идеструктивтәу апозициа иалҵшәахеит Аԥсны иахьа хыԥхьаӡара рацәала иҟоу апроблемақәа. Убри анаҩсгьы, Қырҭтәыла Аԥсны аибашьразы мап шацәнакуа иазку Аиқәшаҳаҭра анапы аҵанаҩӡом, уи Аԥсны ашәарҭара аҭагыларазы хыҵхырҭаны иҟоуп. Азинтәи аполитикатәи ҭагылазаашьа уадаҩқәа рааизак Гал араион иахьа ишыҟоу ҳнарбоит. Гал араион аҿиара зеиԥшрахо аилымкаара ҳаԥхьаҟа аполитикатә спекулиациеи иазхәыцым ашьаҿақәа рыҟаҵареи рахьтә ахеиқәырхара шзалмыршахо, еиуеиԥшым аполитикатә гәыԥқәа аамҭакьаҿлатәи рхықәкқәа рынагӡара ахеиқәырхара иазырхақәам, Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә интересқәа ирықәымшәақәо, атәыла ашәарҭадара еиҿызымкаауа акәны ишыҟало агәра ганы сыҟоуп.
Ҳтәыла анапхгареи ҳажәлари рҿаԥхьа иқәгылоит имаҷымкәа ауадаҩрақәеи азҵаарақәеи, урҭ рынагӡарахы иаҭахуп акыр изызхәыцуи аҭакԥхықәра ду змоуи азнеишьа.
Ҳара зегьы уснагӡатәык ауп ҳҿаԥхьа иқәгыло, урҭ ҳара иалкааны рыӡбахә ҳҳәозар – ҳҳәынҭқарра ахырхарҭа бзиа азыԥшаазарц азоуп ус изыҟаҳҵо.
Ҳусура зегьы иззырхо – дарбанзаалак ачынуаҩ иарбанзаалак аҩаӡараҿы инапы злаку аусқәа ҭакԥхықәра дулеи ԥсыцқьалеи дазнеиларц ауп.
Ауаҩы инаамҭоу ацхыраара идгалара аҵакы ду еилкаауа, изинқәа рыхьчара шхымԥадатәу дырны, ауаҩы изинқәа рыхьчаразы аппарат иҳадаҳкыло ашшрацыԥхьаӡа хшыҩзышьҭра дула аус адааулон, изықәнагоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәа ҳрыдҵаалон, аҭҵаарақәа мҩаԥаагон, жәларбжьартәи аԥышәа ҭаҳҵаауан, убри алагьы еиқәҳаршәон адгаларақәа, ачынуааи, адепутатцәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа иааидкылани анегативтә ҭагылазаашьаҿы ацхыраара рыҭаразы.
Ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи реилагара иазкны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рганахь ала аныррақәа рыҟамзаара азинмчрақәа реиҭашьақәыргылара иазку Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу аинститут аҟазаара иҵакыданы иҟанаҵо анаҩысгьы АА Аконституциа адоуҳаи азакәантә нбани иаҿагыло иҟанаҵоит.
Агәыӷра аасырԥшуеит ҳтәыла анапхгара зегьы атәыла Ахадеи Апарламент адепутатцәеи раԥхьаӡа инаргыланы, ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи рыхьчара шхымԥадатәу еилкаауа, аиҳарак Аԥсны ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи рыхьчара жәларбжьаратәи амеханизмқәа рахь анеирҭа аҟамзаара аҭагылазаашьаҿы, аамҭа ахмырԥакәа Азинмчра змоу сажәахә аҭҵаареи қәнагалатәи анырра аҟаҵареи рышҟа ишхьаҳәуа.
Иага жәларбжьарати аԥкреи еиуеиԥшым аҩныҵҟатәи адәныҟатәи аҟазшьа змоу аныррақәа ыҟазаргьы, адемократиатә ҳәынҭқарра аргылара аус аҿы иалхтәу амҩа ақәларазы ҳамчқәа зегьы уи иазаҳкроуп. Ахатәы гәаанагара аҳәареи, аӡәы иламыӡҩареи ахатәы бызшәа аиқәырхареи рус азы аԥсуа жәлар ауадаҩра дуқәа иақәшәахьеит, 1930-1940-тәи ашықәсқәа рзы арепрессиа ахҭнагеит, 1992-1993 шықәсқәа рзы аибашьра ахҭысит. Сталин-бериа рхаантәи арепрессиатә аамҭа џьамыӷәа ҳгәаларшәауа, ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи рыхьчараҿы ицәырҵуа азакәанеилагарақәа ҳарҿагылароуп ҳгәы хьаауа иаҳгәалаҳаршәо Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа рахь ҳаиҭазымхынҳәырц. Ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи рҳәаа ԥызкуа иарбанзаалак азнеишьа, аполитикатә партиақәа, атәылауаҩратә позициақәа, амассатә информациатә хархәагақәа русура азинқәеи ахақәиҭреи реилагара раԥхьатәи шьаҿахоит. Ари ауаҩы изинқәа атәылаҿы реилагара адагьы ианыԥшыр алшоит иара убас иааидкыланы аԥсуа ҳәынҭқарра аҿиараҿы насгьы жәларбжьаратәи аилазаара аган аҟнытә аполитикатә зхаҵара аперспективаҟынгьы ианыԥшыр алшоит.
Адунеи иазаарту зхы иақәиҭу аполитикатәи аџьармыкьатәи еицлабра змоу, адемократиатә алхрақәеи, иӷәӷәоу амилаҭтә еилазаареи, ауаҩы ҳаҭырла изнеиреи азин аҵакы дуи алкаауа, ҳаамҭазтәи ҳәынҭқаррак аҳасаб ала ишьақәгылар алшоит, иара амилаҭуаа қәнагалатәи зхаҭабзиара ҳаракуи аԥсҭазаара адгалара алзыршо акәны.