Асида Шьаҟрыл атәыла Ахада даҽазныкгьы аенергетиказы Акомиссиа аԥиҵарц аҳәара ҟалҵоит
15.03.2023

Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу уажәшьҭа ҩынтәуп атәыла Ахада ихьӡ ала аенергетиказы Акомиссиа аԥиҵарц ашәҟәқәа ҩны изналышьҭуеижьҭеи, урҭ хықәкыс ирымоуп аенергетикатә кризис аӡбаразы азнеишьақәа разыԥшаареи атәыла иқәынхо ауааԥсыра
рзинқәа рыхьчареи. Урҭ атыла Ахада иусбарҭаҟнытә аекономика
аминистрра ашҟа инашьҭын аҭакгьы ааит Аԥыза-министр
ихаҭыԥуаҩ Кристина Озган лҟынтә.
«Аекономика аминистр лҭак аҟны аенергосистемаҿы
имҩаԥыргахьоуи имҩаԥыргараны иҟоуи аусхкқәа рааизак иазку
адырра агәылан, иагьазгәаҭан урҭ рынагӡаразы ишхымԥадатәу
ихарҭәаау афинансҟаҵаразы ахыҵхырҭа аԥшаара. Иазгәаҭатәуп,
аусмҩаԥгатәқәа реиҳарак разхәыцреи рымҩаԥгареи Аԥсны
Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара асоциал-
економикатә усеицуразы амчра змоу Анапхгарабжьаратә
комиссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны ишымҩаԥысуа амилаҭтә
енергосистема аҿиара иазку ахатә ахәаԥшра ыҟамкәа. Ҳара
ҳахәаԥшрала, ари аҭак ҳара ҳазыҳәараҿы иазгәаҭаз аҭак ҟанаҵо
иҟам», - аҳәоит Азинмчра змоу лышәҟәаҟны.
Азинмчра змоу лаппарат еиқәнаршәаз адгалара иамҽханакуаз
аенергетиказы Акомиссиа «аенергетикатә хырхарҭа ахәшьара
аҭара, убри ахырхарҭала имҩаԥгаз аусмҩаԥгарақәагьы налаҵаны,
иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра аенергетикатә хыҵхырҭа аҿиара
аконцепциа еиқәнаршәеит, ишьақәгылаз акризистә ҭагылазаашьа
аҟнытә алҵразы азнеишьақәа разыԥшаареиԥш уажәтәи аамҭа
иалагӡаны ҳазҭагылараны иҟоу аамҭа аперспективагьы азҵаатәы
налаҵаны».
Убри анаҩсгьы, Азинмчра змоу лазыҳәарақәа рҿы иазгәалҭон
«атәылаАхада изинмчрақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны изаамҭанытәым
АУН «Амшынеиқәафымцамч» агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа
еиҿнакаарц, иара убас аенергетика аиҭашьақәыргылара
иадҳәалоу егьырҭ апроектқәа агәаҭара рахыжьра.
«Угәы унархьуазаргьы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр
ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган лҟынтә иҳауз
аҭак хыхь иазгәаҭоу адгаларақәа рҭак аныԥшӡам. Азинмчра змоу
илоуратәы иҟоу егьырҭ адырразы илыдгалақәаз ашәҟәқәа ҭҵаауа,
Аԥсны иҟоу аенергетикатә хыҵхырҭа аиҭашьақәыргыларазы
амилаҭтә концепциа шьақәыргыланы ишыҟам, иага уи
ахырхарҭаҿы иуадаҩӡоу аҭагылазаашьа ҿианы ишыҟоугьы насгьы
ззинқәа еилагоу ауаа ргәынамӡарақәа рхыԥхьаӡарақәа
шеизҳауагьы.
Абри зегьы аԥсуа ҳәынҭқарра ашәарҭадараҿы ианымԥшыр
залшом. Агәыӷра ҳамазарц ҳҭахуп, ауаҩы изинқәа рзы Азинмчра
змоу лҟынтә ашәҟәы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр
ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган лышҟа
анашьҭра анагӡаратә напхгара аенергетикатә ҭагылазаашьа уадаҩ
иполитикатәыми зымхәыцрадеи уи алацәажәаразы разнеира
ишазҳәам», - азгәалҭоит Шьаҟрыл.
Асида Шьаҟрыл аԥыза-министр Аҟәатәи алицеи-интернат аҟны
ахәыҷқәа рзинқәа реилагара аамҭа ахмырԥакәа анырра аиҭарц
аҳәара ҟалҵеит




Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра