Асида Шьаҟрыл Аԥсны Апарламент адепутатцәа рҿаԥхьа есышықәсатәи аҳасабырба лыманы дықәгылеит
27.03.2023
Ҳаҭыр зқәу Апарламент аиҳабы, ҳаҭыр зқәу Жәлар Реизара адепутатцәа!
Исымоу алшара схы иархәауа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу 2022 шықәсазтәи сусмҩаԥгара знырԥшу ажәахә сыманы сықәгылоит.
2022 шықәсазтәи ажәахә аҩра ҳҽазаҳкуа, ауаҩы изинқәа системала реилагара азгәаҭара иаҭыԥымкәа иҳаԥхьаӡеит, урҭ иаҳхысыз ашықәсқәа рзы ААЗ ажәахәқәа рҟны иазгәаҳҭахьан (2018–2019, 2020 насгьы 2021 шш. рзы). Зыӡбахә ҳәоу аилагарақәа, иага урҭ ирызкны Азинмчра змоу сҟынтә адгаларақәа иага ыҟазаргьы, урҭ азҵаарақәа знапы иану аусбарҭақәа анагӡаратәи азакәанԥҵаратәи, иага урҭ рактуалтәра ыҟазаргьы, иҭҵаамкәа иаанхон. Сҽазысшәоит уаанӡа ААЗ иазнархиахьаз адгаларақәа рыла аҭакзыԥхықәу аусбарҭақәа урҭ рыҭҵаара напы адыркырц, уаҟа ҷыдала иазгәаҭоуп ауаҩы изинқәа реилагара ахьыҟалази насгьы урҭ раԥыхразы адгаларақәас иҟаларц зылшоуи.
Ари ажәахә аҟны иалкаау алҵшәақәа азгәаҭахоит насгьы Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Лаппарат имҩаԥнагаз аусқәа рылҵшәақәа ахәшьара рыҭахоит.
Егьырҭ ажәахәқәа рҟны ишазгәаҭаз еиԥш, угәы унархьыртә иҟазаргьы, иазгәаҭамзарц алшом аҳәынҭқарратә институтқәа, АА Жәлар Реизара – Апарламентгьы налаҵаны, ажәахәқәа рҿы иазгәаҭаз аҳәынҭқарра аҿаԥхьа даара имариамыз ауадаҩрақәа рыӡбаразы ицәырҵуаз азҵаарақәа конструктивла рылацәажәара рышҽазырымкыз. Шәыхшыҩзышьҭра азхьасырԥшырц сҭахуп ААЗ аусмҩаԥгара иалҵшәаны иаарԥшыз аилагарақәа ирызкны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рганахьынтә анырра аҟамзаара асистематә ҟазшьа аазхәаз проблемахеит. Угәы унархьуазаргьы, даара ламысдарада еиҿкаау апрактикаҿы аус ҳамоуп, ачынуаа азакәанеилагара баны рыбжьы анақәдмыргауа русзуҩцәа аламырхәӡакәа, уи аҭакԥхықәраҟнытә ацәхьаҵразы ирыцхраауеит. Араҟа иаҳҳәар ҟалоит Азинмчра змоу сажәахә аҟны иазгәаҭоу ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи реилагара, асистематә ҟазшьа аазхәахьоу насгьы азакәанԥҵараҟны аԥсахрақәа ралагалара зҭахқәази мамзаргьы азинхархәаратә практикаҟынӡа анагара зықәнагоуи, аҳәынҭқарратә хылаԥшрада иаанхеит. Ахәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа ауаҩы изинқәа реилагара аганахь ала ачҳара аадырԥшуеит; убри инареиҳангьы, урҭ рахьтә лассы-лассы азакәан еилазгоугьы ыҟоуп, иара убри ала АА азакәанԥҵара аилагара шзауа егьырҭ аҿырԥшы рырҭоит, иара убри аамҭазгьы иаадырԥшуа ахымҩаԥгаразы аҭакԥхықәра ныҟәыргом. Ҳапрактика хшыҩзышьҭра аҭо, абраҟа иазгәаҳҭар ҳалшоит, ачынуаа рыла азинқәеи азакәани реилагаразы анаҩс анырра арҭарц ҳзызнеиуаз аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхадацәа анырра ҳәа акгьы арҭомызт уимоу изықәнагоу азнеишьақәагьы азырыԥшаауамызт (хазы игоу ҭагылазаашьақәак рыӡбахә ҳамҳәозар). Апрокуратура хадахьы ААЗ иазку ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи ачынуаа рганаҟнытә реилагара иазку инашьҭыз 59 зыҳәақәа рахьтә ԥшь-уск мацара роуп апрокуратура аганахь ала азнеишьақәа ахьадкылаз – 3 дгалараки гәҽанызаараки (2,3% усқәа). Апрокуратура хада еиқәнаршәаз ҩажәижәаба ҭак (50%) азыҳәа иқәнаргылоз азҵаара иашьашәаломызт. Апрокуратура хада аиҳарак азинеилагара аҟазшьарбагақәа абаӡом. Абраҟа хымԥада иазгәаҭатәуп ҳәа исыԥхьаӡоит Азинмчра змоу еилагаз азинқәа реиҭашьақәыргыларазы даҽа ҭагылазаашьак шамам, аусӡбарҭеи апрокуратуреи рыҟәша ашәҟәҩыра ада. АА Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу изку азакәан аус зыдулатәу ахәҭақәа зламоу ала насгьы Азинмчра змоу аусӡбарҭахь адҵааларазы аԥкрақәа злаҟоу ала, ҷыдала апрокуратура Азинмчра змоу иҟаиҵо азыҳәара инақәыршәаны анырра ҟаиҵалароуп ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи иара убас азакәантәреи ирзынарханы аилагарақәа ыҟазар. Ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи реиқәыршәара азҵаараҿы Апрокуратура аеффективра ахьаанамырԥшуа иахҟьаны иреиҳауи абжьаратәи ачынуаа азакәан ҳаҭыр ақәырҵом насгьы ачынуаа рус аҟны рхы иақәиҭуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит. Абри атәы аҳәоит Азинмчра змоу еиқәсыршәаз сажәахәқәа зегьы рҟны, аха, иага ус иҟазаргьы, Апрокуратура хадаҟны аҭагылазаашьа аҽаԥсахӡом.
Ишьақәгылаз анапхгара аҭаразы апрактика ачынуаа рхақәиҭра ацнаҵоит, азинтә ҳәынҭқарра шьаҭас иазышьҭоу хзырбгало. АА Аконституциаҟны иазгәаҭоу апринципқәеи анормақәеи рықәымныҟәаразы аҭакԥхықәра, анапхгара мацара ракәым изду, раԥхьаӡа иргыланы аусӡбаратә напхгара ауп изду, иара убас азакәанԥҵаратә мчраҿы, убри аҟнытә атәыла анапхгарахь иҟасҵаз азыҳәа акырӡа иаҭыԥны исыԥхьаӡоит абри азҵаара ҭакԥхықәрала азнеира шаҭаху ахьазгәасҭо насгьы иарбоу апроблемақәа рыӡбарахьы ишиастәу ахьалыскаауа.
Аусӡбарҭақәа рҟны апроблемақәа. Азинмчра змоу аппарат аусзуҩцәа аусӡбарҭатә процессқәа рҟны ралахәра (арзаҳалыҩҩцәа радыԥхьалара азнеишьалеи аусӡбарҭатә процесс амониторинг азуреи рыла) иара убас аусӡбарҭатә усқәа анализ рзыҟаҵареи арзаҳалыҩҩцәа алархәны, Азинмчра змоу аппарати ауаҩы изинқәа рзы ауаажәларратә дкыларҭақәеи радҵааларала иузцәырыргоит агәаанагара аусӡбаратә ӡбамҭақәа рыдкылараҿы аусӡбаҩцәа аполитикатә зыҟазаашьа рымоуп ҳәа убри анаҩсгьы изинтәым афақторқәа анырра ҟарҵоит ҳәа. Ас еиԥш иҟоу алҵшәа шьаҭас иазышьҭоу иреиуоуп, иаҳҳәозар аусӡбаратә практикаҿы хыԥхьаӡара рацәала аусқәа, административтә ҟазшьа змоугьы налаҵаны, атәылауаа атәылауаҩшәҟәқәа рыдгараҿы атәылауаҩратә напхгарақәа мап ахьырцәыркуаз иахҟьаны иҟарҵоз ашшрақәа, убарҭ азҵаарақәа рыла иадкылаз аӡбамҭақәа, азин аганахь ала аиҿагыларатә ҟазшьа аазхәоз. Еиԥшу аусқәа рыла аусӡбарҭақәа еиуеиԥшым аӡбамҭақәа ахьрыдыркылоз аусқәа рыҟазаара иаку аиԥшзаара абри азҵаарала ишыҟам атәы ҳнарбоит – АА Иреиҳау аусӡбарҭагьы уахь иаҵанакуеит, убарҭ зегьы иааидкыланы аусӡбаратә ӡбамҭақәа рзакәантәреи рышьаҭареи иахьрыҵаркуа агәыҩбара узцәырыргоит.
Аусӡбарҭақәа рҟны ицәырҵуа апроблемақәа иреиуоуп жәаба-жәабала аусӡбарҭақәа рҟны еиқәыршәахо аусӡбаратә ӡбамҭақәа анаҩс инамыгӡахо. Аусӡбаратә ӡбамҭақәа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыла рынамыгӡара иадҳәалоу ишьақәгылаз апрактика асистематә ҟазшьа аанахәеит. Абраҟа иазгәаҭатәуп, аусӡбаратә қәҵарақәа рҟны, угәы унархьуазаргьы, азакәантә мчы зауқәаз аусӡбаратә ӡбамҭақәа рынамыгӡаразы аиҳарак анырра ыҟам, ҷыдала иуҳәозар, атәылауааи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рыбжьара ишьақәгыло ажәеиқәымшәарақәа ирызкуп. Ҳара ҳахәаԥшрала, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыла аусӡбарҭа иаднакылаз аӡбамҭа аамҭа рацәа иҭагӡаны анамыгӡара амзызқәа иреиуоуп аусӡбарҭақәа рыла аҳәынҭусбарҭақәа ахәшьара рымҭара иара убри алагьы аҵыхәтәантәиқәа рыла аусӡбарҭақәа рыӡбарақәа рынамыгӡаразы асистематә ҟазшьа аҭаразы алшара рыҭара. Ас еиԥш иҟоу апрактика азинхьчара ахьӡ-аԥша хәыданатәуеит, ус анакәха азинхьчара хықәкыс иҟоу – иарбоу аусбарҭақәа рыла ихадоу азинқәеи ахақәиҭреи рықәныҟәаразы аҭагылазаашьақәа реиқәыршәара ауп. Азинхьчрахьы анеиразы азин нагӡоуп ҳәа иԥхьаӡоуп азакәантә мчы зауз аусӡбаратә ӡбамҭақәа анынагӡаха инаркны. Угәы унархьуазаргьы, иазгәаҳамҭар ауам, аусӡбаратә нагӡаҩцәа рмаҵура ламысцқьарыла ахыдҵақәа шынамыгӡо аусӡбаратә актқәа мчылатәи рынагӡара иазку рнапынҵақәа рызҵаарала. Аиҳарак аҳәынҭусбарҭақәа рганахь ала акырӡа имаҷны мчылатәи азнеишьақәа хархәара рзыруеит, иаҳҳәозар апрокуратуреи аусӡбарҭеи рахь ирыдҵаалом.
Иуадаҩу проблеманы иҟоуп атәылаҿы хыԥхьаӡара рацәала азакәанқәа рыҟамзаара, урҭ зегьы ауаҩы изинқәа иахьрыҵаркуа негативла ирнымԥшыр залшом. Уаҿагыларатәгьы иҟам уи иашьашәало азакәанқәа ыҟамкәа ауаажәларратә еизыҟазаашьақәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла закәанла рыдгылара аиҿкаара залыршахом. Абраҟа иҳәатәуп еиқәҳаршәо ажәахәқәа рҿы аԥсҭазаараҿы зда ԥсыхәа ыҟам азакәанқәа рышьақәыргылара шхымԥадатәу азгәаҳҭоит, иаҳҳәозар аҳәынҭқарратә маҵзура, аҵарадырра, аҭаацәара-бзазаратә ргәаҟрақәа рҟынтә аиқәырхара, аԥсихиатриатә цхыраара адгалара, атәанчахәытә еиқәыршәара, ахәыҷқәа рыхьчара, зықәра намӡац иҷыдоу рзинхьчара аиқәыршәара ирызку реиԥш иҟоу.
Азакәанқәа ахьыҟам иахырҟьаны мамзаргьы заамҭа ахыԥахьоу азакәанқәа ирыхҟьаны акритикатә ҭагылазаашьа аԥҵахеит, избан акәзар еиуеиԥшым ахырхарҭақәа закәантә напхгарадарада иаанхоит. Акыр шықәса ирылагӡаны ихадароу аԥсҭазааратә хырхарҭақәа ҭышәнзыртәало азакәанқәа рыдкыламкәа иахьаанхо, аҳәынҭқарра иара ахымԥадатәрақәа шынанамыгӡо атәы иаанарԥшуеит.
Иазгәаҭамзарц залшом абарҭ азакәанқәа рыда аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҟны зхаҭабзиара ҳараку аԥсахрақәа рыҟалара шзалмыршахо насгьы амаҵурауаа аҳәынҭқарразы ихәарҭоу афункциақәа шынармыгӡало. Азакәанқәа рыда, насгьы урҭ рықәныҟәарада азинтә ҳәынҭқарра аҟалара залыршахаӡом, уаҟа изеиқәыршәахаӡом ауаҩы изинқәа рықәныҟәареи ҳаҭыр рықәҵареи.
Уаанӡатәи ажәахәқәа рҿы иазгәаҳҭеит еиуеиԥшым азакәанқәа аамҭа ахмырԥакәа аԥсахрақәеи адгаларақәеи разырхиара шхымԥадатәу азгәаҳҭахьан ауаҩы изинқәа реилагара ӷәгәала аҭыԥ ахьамаз иахырҟьаны. Ҷыдала дара ирызкуп ауаҩы иргәаҟрақәеи ауаҩы ихаҭара аларҟәреи раԥыхра; мчылатә аҭакырҭақәа рҿы иҟоу ауаа рзинқәа рықәныҟәара; азинхьчаратә усбарҭақәа рыла изакәантәымкәа абџьар ахархәара мап ацәкра; абортқәа зынӡа мап рыцәкра азҵаара аиҭахәаԥшра; АА АЗ аҟны ауаҩшьра алагалара мап ацәкра; азинхьчарахь анеирҭа аиҿкааразы азинеиқәыршәара; Аԥсны иқәынхо ауаа рыжәлаҵәҟьақәа рырхынҳәреи етникала изҵанакуа аиҭашьақәыргылареи.
Аенергетикатә кризис. Анапхгара ахьӡ ала ишьақәгылаз аенергетикатә кризис иазкны изныкымкәа ажәлар хыԥхьаӡара рацәала арзаҳалқәеи азыҳәарақәеи иага ирыҩхьазаргьы, анапхгара ажәлар рыҩнуҵҟа аилацәажәарақәа мҩаԥырымгаӡеит, иара убри аамҭазы ирзеиҿымкааит ҷыдалатәи адгаларақәа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа алҵшьазы алшара ҳазҭо, аенергосистема еффективрала инагӡахаларц азы.
Атәылауаа есымшааира фымцала реиқәыршәара иадҳәалоу есымшааиратәи апроблемақәа иаҳдырбоит ишьақәгылаз аҭагылазаашьаҿы аҳәынҭқарра аҿаԥхьа ишьҭоу апозитивтә хыдҵақәа рынагӡара шалымшо ажәлар минималла разыҳәарақәа рынагӡаразы. Иахьатәи аамҭазы Аԥсны аенергетикатә хыҵхырҭа аиҭашьақәыргылареи аҿиареи ирызку амилаҭтә концепциа аҟамзаара аҭагылазаашьаҿы ӡбамҭақәак, иаҳҳәозар Аԥсны Аҳәынҭқарра «Афымцаенергетика иазку» Азакәан ԥсахрақәак ралагалара, урҭ ирышьашәаланы аизшаратә ҳақәа рхатәтәра мап ацәкра аҟәыххоит, иара убас егьырҭ, ажәлар рыҩнуҵҟа агәҭынчымра рызцәырнагоит, избан акәзар арҭ аӡбамҭақәа рыдыркылоит ажәлар рҟны аилацәажәара мҩаԥымгакәа. Уи иалҵшәахоит ажәлар атәылаҿы амилаҭтә шәарҭадаразы ахатәтәреи уи алҵшәақәеи иаҳзаанаго амдырра.
Угәы унархьуазаргьы, абри аҭагылазаашьаҿы зыҽзырцәгьо аполитикатә кризис Аԥсны иқәынхо ажәлар зегьы рзинқәеи рхақәиҭреи реиқәырхараҿы, иара убас аԥсуа ҳәынҭқарра ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рызҵаараҿгьы акыр негативла ианыԥшуеит.
Аенергосистемаҿы акризистә ҭагылазаашьаҿы акыр аҵанакуеит ҳәа исыԥхьаӡоит абраҟа иазгәаҭазарц «Амшынеиқәафымцамч» аусзуҩцәа иаадырԥшуа аџьабаа ду, аҭагылазаашьа цәгьақәа рҿы алашара ацәара иахҟьаз амзызқәа рықәгараҿы рлагала акырӡа ирацәоуп. Акыр иудаҩу аамҭақәа рзы, урҭ гәыцқьаралатәи рџьа иабзоураны, атәыла ажәлар фымцамчла еиқәыршәоуп. Иара убри аамҭазы иазгәаҭатәуп, аусзуҩцәа рџьазы ироуа ауалафахәы ирбо аџьабаа иашьашәало ишыҟам.
Ишьақәгылаз аҭагылазаашьа Аԥсны аенергосистема иадҳәалоу апроблемақәа аамҭа ахмырԥакәа иполитикатәым аилацәажәара аиҿкаара хымԥадатәуп насгьы аамҭа кьаҿ иалагӡаныи аамҭа рацәа иалагӡаныи ишьақәгылаз аҭагылазаашьа системала алҵразы апрограмма еиҿкаатәуп. Уи хымԥадатәуп аԥсуа ҳәынҭқарра аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи реиқәыршәаразы.
Аенергетика апроблемақәа рыӡбахә ҳәо, иазгәаҭамзар ҟалом Урыстәылатәи Афедерациа инанагӡо ароль, ианаамҭоу иҟанаҵоз ацхыраарада ҳреспублика ишьақәгыла акризистә ҭагылазаашьа изалҵӡомызт.
Иаҳхысыз ашықәсқәа рзы анапхгара ахьӡ ала азыҳәарақәа еиқәсыршәаз аҟны иасгәасҭоз иреиуан иуадаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа иақәшәаз аҭаацәарақәеи ахәыҷқәеи рзы акризистә центр аԥҵара. Акритикатә ҭагылазаашьа иахҟьны ахәыҷқәа ацхыраара рыҭатәхар, урҭ ргарҭа ыҟаӡам, ари азҵаара иахьа уажәраанӡа аҳәынҭқарра амыӡбаӡеит. Акризистә центр аҟамзаара ахәшьара аҳҭоит анагӡаратә мчра аган аҟнытә анырра ҳәа акгьы аҟамҵара насгьы аҳәынҭқарра ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчареи рынагӡареи рус аҿы ахыдҵақәа нанагӡом.
Асоциалтә еиқәыршәараҿы ицәырҵуа апроблемақәа иалкааны разгәаҭара хадараны исыԥхьаӡоит, ари азҵаараҿгьы аҳәынҭқарра анырра ӷәӷәа ҟанаҵалароуп.
Ҳара изныкымкәа иазгәаҳҭахьан атәанчахәытә системеи асоциалтә еиқәыршәареи ирызку азакәанԥҵара ишажәхьоу аҳәынҭқарра ауснагӡатәқәагьы ишрықәымшәо, ажәлар рынхара аҩаӡара ашьҭыхра иацхраауа иҟам, аха Аԥсны атәанчахәытә еиқәыршәара азҵаарақәа иага ицәырҵуазаргьы, иахьа уажәраанӡа «СССР атәылауаа ртәанчахәытә еиқәыршәара иазку» лаҵарамза 15, 1990 шықәсазтәи Азакәани хазы игоу анорматив-зинтә актқәеи роуп иҳәаақәызҵо.
Ҳажәахәқәа зегьы рҿы ишазгәаҳҭахьоу еиԥш, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу асоциалтә еиқәыршәара асистема ииашоу ҳәа азгәаҭазарц ҟалом. Аԥсуа тәанчахәы насгьы ԥаралатәи ацхыраагӡа заҟароу анхаратә минимум аасҭа еиҵоуп реалла иҟоу аԥсҭазааратә ныхтәқәа зынӡагьы ирықәшәом. Ус анакәха, АА Аконституциаҟны иазгәаҭоу ауаҩы ишақәнагоу социалла иеиқәыршәара аҳәынҭқарра инанагӡоит ҳәа азгәаҭара ауам. Абраҟа иазгәаҭатәуп абри апроблема акатастрофатә ҟазшьа аанамхәаӡеит Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵо афинанстә цхыраара иабзоураны, асоциалтә хәыхшәаара иазырхақәоу. Аха аҳәынҭқарра аҿаԥхьа иқәгыло ахыдҵақәа рынамыгӡаразы азин рнаҭом иара атәылауаа рганахь ала.
Хшыҩзышьҭра аҭатәуп ҳәа исыԥхьаӡоит Аԥсны иқәынхо ажәлар реиҳарак арыцҳара ишҭагыло, уи ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара анагӡаразы акыр зҵазкуа аԥкрақәа шеиҿнакаауа.
Угәы унархьуазаргьы, ари аҭагылазаашьа иазку аҳәынҭқарратә статистика ахьыҟам иахҟьаны, иара убас арыцҳацәа комплексла хылаԥшра рыҭара ахьымҩаԥгам ари апроблема амҽхак зеиԥшраҵәҟьоу аилкаара уадаҩуп, уи ауаа рыԥсҭазаара иахьынӡаԥырхагоу, насгьы арыцҳара алҵразы знеишьақәас иазыԥшаатәу. Убри аҟнытә, атәылаҿы арыцҳацәа рхыԥхьаӡара аилкааразы адыррақәа злаҟам ала аҭагылазаашьа анырра аҭаразы алшара ыҟам, ажәлар аппарат ахьӡ ала иаҳзырыҩуа арзаҳалқәеи иҳадаҳкыло адыррақәеи, иара убас АИХ аҟнытә иҳауа адыррақәеи рыла мацароуп дырра ҷыдақәак ҳауртә злаҳалшо. Арыцҳара ауаҩы иԥсҭазаара иарбанзаалак ахырхарҭақәа зегьы ирԥырхагоуп, раԥхьаӡа иргыланы уи игәабзиара аҭагылазаашьа. Уи ауаҩы иԥсра хыԥхьаӡара рацәала аҟалара иазҳәазаргьы ҟалоит, абраҟагьы иҷыдоу адыррақәа ҳамамкәа ҳрылацәажәоит арҭ азҵаарақәа, избанзар аофициалтә статистика ыҟам. Иаҳхысыз ажәахәқәа рҟны иазгәаҳҭеит ииашам астатистикатә дырранҵақәа шыҟаз, COVID-19 насгьы уи алҵшәақәеи ирыхҟьаны иԥсқәаз.
Адырранҵақәа рыҟамзаара мамзаргьы ииашам адырранҵақәа рыҟазаара, ажәлар рықәҵрагьы налаҵаны, ари апроблема амҽхак иашьашәалоу арелеванттә знеишьақәа аҳәынҭқарра аган аҟнытә изышьақәыргылахом. Иахьа еилкааҵәҟьаны иҟоуп аҳәынҭқарра аҿаԥхьа аус ду анагӡара напынҵас ишамоу – уи ажәлар рхыԥхьаӡара амаҷхара ауп. Убри аҟнытә, аҳәынҭқарра аҿаԥхьа, ҳара ҳахәаԥшрала, арыцҳарақәа рҿагылареи ажәлар ргәабзиара ахьчареи роуп, насгьы ари азҵаара аӡбара асистематә ҟазшьа аанахәароуп. Арыцҳара апроблема цәырҵны излаҟоу ала, аҳәынҭқарратә биуџьет хшыҩзышьҭра дула хархәара азура иазку азҵаара актуалра аанахәоит, урҭ иреиҳау рыхәҭа зыхә акырӡа иҳараку амашьынақәа раахәара, аҳәынҭусбарҭацыԥхьаӡа риубилеиқәа аҳәынҭқарратә ԥарала рымҩаԥгара, анапхгаратә ныхтәқәа рахь аԥарақәа рырхара, хыԥхьаӡара рацәала аҳәынҭусзуҩцәа аусуратә ныҟәарақәа рахь рышьҭра уҳәа убас ирацәаны ирзырхоуп, арыцҳара атәылаҿы иҟоу аԥыхшьа иацымхрааз. Убри инамаданы аҳәынҭусбарҭақәа рҟны аудит амҩаԥгаразы иара убас урҭ рбиуџьетқәа ргәаҭаразы ахымԥадатәра цәырҵит.
Азинмчра змоу сажәахәқәа зегьы рҿы сырзааҭгылоит Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҿы инхо ақырҭуа милаҭ рхаҭарнакцәа изықәшәо апроблемақәа, акырӡа иуадаҩу азинтәи аполитикатәи проблема иҭагылоу хымԥада ишыӡбатәу хшыҩзышьҭра аҭо. Арҭ апроблемақәа зегьы актуалра шрымоу иаанхоит иахьа уажәраанӡагьы, убри аҟнытә урҭ анализ рузра шаҭаху, егьырҭ сажәахәқәа рҿгьы иазгәасҭахьаз, даҽазныкгьы шәазхьасырԥшуеит. Иаҳхысыз ашықәсқәа рзеиԥш, иахьагьы абри араион аҟны иқәынхо ауаа атәылауаҩшәҟәқәа рыдгалара иадҳәалоу апроблемақәа ҟалашьа змам ракәны. Есышықәса ари азҵаара аӡбараҿы ауадаҩрақәа цәырҵуеит аполитикатә кониунктурала, атәылауаҩра иазку азакәан анормақәа рыла, анхарҭа ҭыԥ азы ашәҟәы азы, абиурократиатәқәа рыла, атехникатәи егьырҭ аиқәҳәалагақәеи рыла. Сара сахәаԥшрала, Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҿы ицәырҵуа апроблема уа иқәынхо ауаа атәылауаҩшәҟәқәа рыдгалара иазку иаиурц зылшоз аҵакы ацәыӡит. Ҳара иҳамоуп алшара аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, иаҳҳәозар Аԥсны иқәынхо ауаа ирызку адырра ахьазгәаҭоу асиа (ус еиԥш асиа ыҟаӡам) ахьаԥырымҵаз аҭакԥхықәра шныҟәрымго, атәылауаа ус еиԥш аҭакԥхықәра рыдҵауа, аха аҳәынҭқаррахь имырхакәа, ианаамҭоу атәылауаа рҭагалара еиҿнакаауамызт, араион аҟны иқәынхо ауаа закәанла атәылауаҩшәҟәқәа рыдгалара иадҳәалоу ихымԥадатәу аусмҩаԥгатәқәа еиқәнаршәомызт. Угәы унархьуазаргьы, иазгәаҭамзар ҟалом анапхгара Гал ишьақәгылаз аҭагылазаашьа уадаҩ аӡбаразы аҭакԥхықәра ахахьы иагар шаҭахым. Сара агәра сызгом аԥсуа жәлар ҳтәыла мрагыларатәи ахәҭаҿы атәылауаҩшәҟәқәа рыдгалара иазку ицәырҵуа апоблемақәа зеиԥшраҵәҟьоу рдыруеит ҳәа, избан акәзар еилкаамкәа иаанхоит ас еиԥш иҟоу азнеишьа залху, аԥсуа милаҭ ирызҷыдаҟазшьо – рыуаҩра, ауаҩытәыҩса гәаартыла изыҟазаашьа, ихаҭара ҳаҭырла азнеира ирықәымшәақәо. Ҳара еилкааны иҳамазароуп Галтәи араион иадҳәалоу аполитикатә, азинтә, агуманитартә, асоциал-економикатә зҵаарақәа рыӡбара зынагӡахом ҷыдала уи аус адуламзар. Арҭ араионқәа рҿы иқәынхо ауаа ирызцәырҵуа апроблемақәа, сара сгәы злаанаго ала, урҭ рыӡбара аамҭала иааныжьны аус рыдуламра ҟалом, убри аҟнытә даҽазныкгьы аҳәынҭқарратә напхгарақәеи, аполитикатә партиақәеи, атәылауааи аамҭа ахмырԥакәа Галтәи араион аҿиара аконцепциа алацәажәареи аиқәыршәареи напы адыркырц аҳәара ҟасҵоит, уа иқәынхо ауаа рзинқәа ҳаҭыр рықәҵареи, ршәарҭадареи аԥсуа ҳәынҭқарра ҳаԥхьаҟатәи амилаҭтә интересқәа реиқәырхареи шьаҭас иганы, ақырҭуа-аԥсуа еиҿыхара аҭышәнымыртәалара хшыҩзышьҭра аҭо.
ААЗ есышықәсатәи ажәахәқәа зегьы аԥсуа жәлар рыԥкра шзалмыршахо иазку жәларбжьаратәи аилазаарахь азыҳәара ахьанырԥшу насгьы арегион аҟны аиҿыхаратә ҭагылазаашьақәа жәларбжьаратәи азнеишьақәа аеффективра шрымам иазкуп. Аха, уаҩы игәы инархьуазаргьы, ҩажәижәаба шықәса ирҭагӡаны еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы Аԥсны жәларбжьаратәи аусеицурахь анеирҭа аԥкра иазку европатәи аполитика, ауаҩы изинқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амеханизмқәагьы налаҵаны, ԥсахрада иаанхоит. Убри инеиҳангьы, ааигәа Европа Ахеилак (8.12.2022) Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу УА иаднагалаз аурыс тәылауаҩшәҟәқәа рыдымкыларазы аӡбамҭа (8.12.2022) Аԥсны иқәынхо ажәлар ихадараӡоу рзинқәа рҳәааркра иазку политика цәгьоуп. Аԥсны жәлар рзинқәа ирызку ихтыҵәҟьаны имҩаԥырго ҩ-стандартк ҳреспублика атәылауаа агеополитикатә кониунктура иамаҵуҩцәаны иҟанаҵоит насгьы европазы акыр зҵазкуеи уи аинститутқәеи адискредитациа рызнауеит, ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи ихадароуп ҳәа азгәасҭақәо.
Даҽа ганкахьала, Аԥсны анагӡаратә мчра имҩаԥнаго аполитика агәҭынчымра узцәырнамгар алшом, Ареспублика аҽыԥхьакра иазынархоу, уи Аԥсны иҵегьы адунеи аҟнытә иаркны иҟанаҵоит, адәныҟатәи адунеи аимадара аҟәнахуеит, уи иара убасҵәҟьа ауаҩы изинқәа реилагара ианыԥшуеит насгьы Аԥсны ауааԥсыра рылшарақәа рҳәаа ҭшәаны иҟанаҵоит, раԥхьаӡа иргыланы – абиԥара ҿыц азы. ААР имҩаԥнаго аусура акыр агәҭынчымра узцәырнагоит, уи иаҿагылоит Аԥсны адәныҟатәи ауднеи аимадара аԥҵара аусура, уи аҵакы гәыҩбара ҳазцәырнагомызт реиҳа иуадаҩыз аибашьра нахыстәи ашықәсқәа рзы. Агәыӷра аасырԥшуеит Аԥсны жәларбжьаратәи аусбарҭақәа рымадаразы алшара маҷ иҳамоу ААР имҩаԥнаго аусқәа аҩызцәа рыԥшаара ишазырхахо, ишьақәҳаргылахьо апозициа арӷәӷәара ишацхраауа игәаҭоу ҳдипломатиа амҩала жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рырҭбаара хкықәкыс иганы, аха зынӡа даҽакала акәымкәа.
Анырра аҭамзарц алшом Адәныҟатәи аусқәа рминистри Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәеи инапхгаратәым аилазаарақәа (НКО) имҩаԥырго аусқәа иаҳзаарго ацәгьарақәа ирызкны иҟарҵаз ахҳәаа, насгьы адемократиа аидеалқәа амилаҭтә интересқәа ашәарҭара шҭадыргыло ахьазгәарҭаз. Ас еиԥш иҟоу ахҳәаақәа АА Аконституциа аревизиа азурак аҳасаб ала ҳахәаԥшуеит, уаҟа иазгәаҭоу адемократиатә принципқәагьы налаҵаны, насгьы анапхгара авторитартә система алагалара ахырхарҭахь аиасразы анырра аҟаҵарагьы налаҵаны. Абри аконтекст аҿы Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә хеилаки Аиустициа аминистрреи ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи рҳәаа зырмаҷуа имҩаԥырго аусқәа роуп, уи иадҳәалоуп иаҳҳәозар «аҳәаанхыҵтәи агентцәа» захьӡу ирызку азакәанԥҵаратә нормақәа рыдкылара, раԥхьаӡа иргыланы урҭ атәылауаҩратә активистцәа, атәылауаҩратә хеидкылақәеи АИХ русмҩаԥгареи русмҩаԥгара рҳәаа аԥкра, азинқәеи ахақәиҭреи ирыдгылаҩцәоу.
Абри ианамаданы ихадараны исыԥхьаӡоит адепутаттә корпус апозициа азгәаҭара, ииашаны «Аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа ирызкны» захьӡу азакәан ахь аԥсахрақәа ахьаднамкылаз. Иадгалоу аԥсахрақәа, ҳара ҳахәаԥшрала, ауаҩы иршәара, аиҿцәажәарахь ааԥхьара, АШәМ ахь азҵаарақәа рықәыргыларазы ааԥхьара насгьы зхатәы гәаанагара зҳәо ауаа рыршәара ахьаныԥшу аметодқәа убарҭқәа зегьы ирзырхоуп. Арепрессивтә методқәа ралагалара ахымԥадатәра ажәлар рҭышәныртәалараҿы акырӡа зҵазкуа акәны аԥхьаӡара имцжьаганы иҟоуп. Сгәы иаанагоит АШәМ шьаҭара змам азинмчрқәа рацҵара адепутатцәа Аԥсны авторитартә напхгарахь аиасра алдмыршаӡеит, аԥсуа жәлар амцра, ацәгьаҳәара, ашәара, гәыӷрада аанхара алалар рмуӡеит, убарҭқәа зегьы Сталини Бериеи ианраамҭаз ҳажәлар џьамыӷәаны ирхыргахьан.
Апарламент иара аӡбарала ишьақәнарӷәӷәеит аԥсуа жәлар хзырбгало анапхгара авторитартә система ашьаҭаркреи арӷәӷәареи ишадгылам. Ари аоптимизмра ҳазцәырнагоит насгьы адемократиа – ажәлар рымчразы агәыӷра арӷәӷәоит. Аԥсуа жәлар изныкымкәа иаҳнарбахьан иара ахықәкқәа ихьыԥшым, идемократиатәу Аԥсны арҿиареи арӷәӷәареи, шәышықәсала иҿиоз аԥсуа жәлар рыпринципқәа – ахақәиҭра абзиабара, ауаҩы ихаҭара ҳаҭыр ақәҵара, агумантә ҟазшьа арҿиара реиԥш иҟоу ишрызхоу. Ҳара иҳаԥхьаӡоит Аԥсназы ҟалашьа змам «аҳәаанырцәтәи агентцәа ирызку азакәан» аҟамзаара – ари амилаҭтә уаажәлар ирыбзоуроуп ҳәа, насгьы, ҳәарада, иаҳхысызи уажәтәи ааԥхьарақәа рҟынтә Апарламент адепутатцәа.
Ҳара ҳахәаԥшрала, АА Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аиҭеиҿкааразы ахымԥадатәра ҟаларц шахәҭоу иадыргахеит даҽазныкгьы ауаажәларратә институтқәеи хазы игоу ажәлари анырра рыҭара аҭыԥ шамаз. АШәМ иара аусмҩаԥгараҿы аҳәынҭқарреи ажәлари рымаҵ аура апринципқәа ирықәныҟәо иҟазар ауп, АА Аконституциа анормақәа нанагӡалароуп, идемократиатәу аҳәынҭқарратә ргылара шьақәзырӷәӷәо, егьырҭ аусбарҭақәа ирзынарханы закәанԥҵарала ишышьақәырӷәӷәо еиԥш. Ажәлар рыҩныҵҟа ицәырҵуа ашәарҭара шьаҭара аманы иҳаԥхьаӡоит АШәМ азинмчра ацҵара ҳҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчареи уи ашәарҭадара аиҿкаареи ҽыҵгас иҟаҵаны, АШәМ имҩаԥнагало аусқәа ажәлари апарламент аҟныи ихьыԥшым амеханизмқәа ыҟамкәа арҿиара шзалмыршахо. Абри инамаданы акырӡа аҵанакуеит ҳәа иҳаԥхьаӡоит аҳәынҭқарратә напхгара асистема аҽынкылареи аҽҭышәынтәалареи рмеханизм алагалара АШәМ имҩаԥнаго (имаӡоу аоперативтә усмҩаԥгарақәа, ауаҩы маӡала ишьклаԥшра налаҵаны, ауаҩы маӡала ицәажәарақәа рзыӡырҩра насгьы ауаҩы хазхаҭалатәи иԥсҭазаара алалара иара убас егьырҭ азнеишьақәа), атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭреи еилазго, аиҳарак аполитикатә аппонентцәаны изхәаԥшуа, аконституциаҿагыларатә усмҩаԥгарақәа раԥырҟәҟәаразы ауаажәларратә еиҿцәажәарақәа рымҩаԥгарақәа амҩала.
Хәышықәсатәи сусуратә ԥышәа иабзоураны Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу изку Азакәан аус адулатәны ишыҟоу ҳнарбеит, ҳусмҩаԥгара еффективрала аиҿкаара алзмыршо, убри аҟнытә ҳара еиқәҳаршәеит абри ажәахә аҟны адгалара ҿыцқәа, Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу изку Азакәан аиӷьтәра алзыршо ауаҩы изинқәа еффективрала ахьчара еиҿызкаауа.
Абри ажәахә ала ихсыркәшоит хәышықәсатәи Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу имаҵура насгьы агәахәара ду аасырԥшуеит Азинмчра змоу иаппарат аусзуҩцәа гәыцқьала зус назыгӡоз насгьы иҳадҵаалоз зегьы хшыҩзышьҭра дула ирызныҟәоз, ауаҩы изинқәа рыхьчара аҵак ду еилкаауа, ҳофис иацхраауан иагьадгылон. Иҳадҵаалаз жәаҩыла ауаа, рзинқәа еиҭашьақәыргылан ҳзыдҵаалаз аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҟны аус зуаз, аҭакԥхықәра ду аазырԥшыз ауаа рыбзоурала. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аҳақьымцәа, арҵаҩцәа, адукатцәа, аусӡбаҩцәа, апрокурорцәа, адепутатцәа уҳәа убас егьырҭгьы, аԥсуа жәлар рыҩныҵҟа ауаҩы ихаҭара ҳаҭыр ақәзааларц зҭахқәаз, азинхьчареи аиашареи шеиқәырхахо агәрагара аазырԥшқәаз, аҳәынҭқарра иара атәылауаа ирызхәыцларц зҭахқәаз.
Абраҟа хымԥада иалкаатәны исыԥхьаӡоит ауаажәларратә еиҿкаарақәа имҩаԥыргоз аусқәа, социалла зҭагылазаашьақәа ԥкыз ауаа ацхыраара рыдызгалақәози урҭ рыԥсҭазаара аиӷьтәразы аҭагылазаашьақәа аԥызҵози, насгьы иуадаҩыз, аха азинхьчараҿы акырӡа зҵазкуаз аусқәа мҩаԥызгақәози. Иҳәатәуп еиуеиԥшым аусӡбатәқәа рҿы ауаажәларратә еиҿкаарақәа имҩаԥыргоз аусқәеи аинициативтә тәылауааи ирыбзоураны, зны-зынла аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аконструктивтә усеицура иабзоурангьы, зны-зынлагьы, угәы унархьуазаргьы, аҳәынҭқарра адымгылара иабзоурангьы.
Иара убас хымԥада иазгәаҭатәны исыԥхьаӡоит жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа имҩаԥыргоз аусурақәа, урҭ рыбзоурала хыԥхьаӡара рацәала ҳажәлар асоциал-економикатә цхыраара роуит, ироуит иара убас адырра ҿыцқәеи алшара ҿыцқәеи рахь анеирҭа.
Ахыркәшаратә сажәахә аҿы ихадараны иазгәасҭарц сҭахуп аҳәынҭқарратә напхгара хшыҩзышьҭра дула ареформа амҩаԥгарада, адемократиатә принципқәеи амеханизмқәеи рырӷәӷәарада, ауаҩы изинқәеи азин аиҳаратәреи рынагӡара алзыршақәо рыда аԥсуа жәлари аԥсуа ҳәынҭқарреи иҭышәынтәалоу рыҿиара ахаҿы аагара уадаҩхоит.
Насгьы, хыркәшарак аҳасаб ала иазгәасҭарц исҭаху – азинхьчаратә усбарҭақәеи егьырҭ хыԥхьаӡара рацәала аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рганахь ала Ауаҩы изинқәа рзы аинститут азыҟазаашьа аԥсахра шхымԥадатәу. Ҳинститутқәа русура хықәкыс ирзышьҭоуп, аконтрольтәқәагьы налаҵаны – ҳажәлар қәнагалатәи аԥсҭазаара рзеиҿкаара. Избан акәзар ҳара иҳаргылоит иҿыцу адемократиатә ҳәынҭқарра, агхақәеи, аиашамрақәеи, ацәыбжьахарақәеи ҳмоур аҟалом. Азинмчра змоу иинститут аусура иазырхоуп иконкреттәу ауааи урҭ рзинқәеи ишьақәгылаз апроблемақәа ирыхҟьаны рҭагылазаашьа аиӷьтәра. Иҟоу апроблемақәа разхаҵареи ҵакылаҵәҟьа рылацәажәареи аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа рроль ланарҟәӡом, аха, уи еиҳангьы рҭакԥхықәреи ҳҳәынҭқарратә институтқәа реиӷьтәреи рыҿиареи рҟны рконструктивтә знеишьеи шыҟоу арҵабыргуеит. Агәра згоит анаҩстәи хәышықәса узырааԥсо аиҿагыларак аҳасаб ала ишымҩаԥымсуа, аха уимоу, Аԥсны Аҳәынҭқарра иқәынхақәо ажәлар Азинмчра змоу аппарати Жәлар Реизареи, анагӡаратә мчра аусбарҭақәеи аусӡбарҭатә системақәеи иеффективтәу русеицурала.
Иҭабуп!