Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу аппарат аколлективи Анас Кьышьмариеи еибаирдырит
27.04.2023

Раԥхьаӡа иргыланы Лаша Ашәба хәышықәса рыҩныҵҟа имҩаԥыргаз аусқәа
рзы ҭабуп ҳәа леиҳәеит Азинмчра змаз Асида Шьаҟрыли аколлективи.
«Иҟаҵаз даара ирацәан. Шәара ишәыбзоураны апрофессионалцәа ҿарацәа
рыла еиҿкааз еиқәыршәахеит акоманда, есымша акыр зҵазкуаз аусқәа
мҩаԥызгақәоз. Ҭабуп ҳәа шәасҳәоит Аԥсназы акырӡа зҵазкуа Аинститут
ашьаҭаркраҿы иҟашәҵаз алагалазы», - иҳәеит Апарламент Аиҳабы.
Иара убри аамҭазы Асида Шьаҟрыл аколлектив ҭабуп ҳәа ралҳәеит насгьы
ҿыц иалххаз Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Анас Кьышьмариа
аманшәалара лзеиӷьалшьеит.
«Агәыӷра аасырԥшуеит Азинмчра змоу аофис аҿиара хымԥада ишацҵахо.
Абраҟа иазгәаҭазарц ахәҭоуп ҳофис аҿы 15-ҩык ҳшыҟаз, насгьы аусурахь
иҳадаҳкызал зегьы аицлабратә гәаҭара ишахҳажьыз. Ари имариам усуп,
аусзуҩцәа хырхарҭа рацәала рхы аарԥшышьа рҽақәдыршәалароуп. Шәусқәа
зегьы ақәҿиара рыгымкәа иҟаларц шәзеиӷьасшьоит. Ҳара азинхьчаратә
еилазаароуп, еснагь ҳшәыдгылазаалоит ҳагьшәыцхраалоит», - лҳәеит Асида
Шьаҟрыл.
Ауаҩы изинқәа рзы ҿыц иалххаз азинмчра змоуи аколлективи еибардыруа
Лаша Ашәба иазгәеиҭеит уи лҭакԥхықәра ҳараки иӷәӷәоу лҟазшьеи.
«Анас Руслан-иԥҳа, шәмаҵура ҿыц ахь шәалхра шәыдаҳныҳәалоит. Шәара
ибзианы ижәдыруеит шәмаҵура иацу акәамаҵамарақәа. Шәусура
ҳҳәынҭқарразы акырӡа аҵанакуеит. Шәара аҭакԥхықәра згым уаҩуп,
шәҟазшьагьы зҿаԥҽра ус имариам иреиуоуп. Сара агәра згоит насгьы
гәыҩбара сызцәырҵӡом шәнапынҵа ҿыц анагӡашьа шшәылшо», - иҳәеит
Лаша Ашәба.
Анас Кьышьмариа Апарламент Аиҳаби адепутатцәеи иаадырԥшыз
агәрагаразы ҭабуп ҳәа ралҳәеит иагьазгәалҭеит апарламенттә корпус лыгәра
ганы илыднагалаз анапынҵа аҭакԥхықәра ҳаракы ацны ишыҟоу.
«Акырӡа агәыӷра ҳаракы аасырԥшуеит Шәареи шәколлективи шәганаҟнытә
аамҭарацәалатәи ҳусеицураҿы аилибакаара шаашәырԥшуа. Ҳаԥхьа
иаҳзышьҭоу аусқәа рацәоуп. Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ауаҩы изинқәеи
ихақәиҭреи ҳаҭыр ақәырҵоит, убри аҟнытә ари Аинститут шҳарҿио агәыӷра
сымоуп. Иреиӷьу алҵшәақәеи атрадициақәеи Асида Гьаргь-иԥҳаи Дмитри
Зураб-иԥеи раԥхьаӡа инаргыланы иаҳзынрыжьыз, ҳаҭыр рықәаҳҵалоит
иагьацаҳҵоит. Агәыӷра сымоуп ҳусураҿы ақәҿиара дуқәа ҳзыԥшуп ҳәа», -
лҳәеит Анас Кьышьмариа.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра