Анас Кьышьмариа Аԥсны Аҳәынҭқарра азеиԥш иурисдикциа аусӡбарҭақәа 100-шықәса рхыҵра рыдылныҳәалеит
11.05.2023

Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Анас Кьышьмариа Иреиҳау Аусӡбарҭа
ахантәаҩы Саида Быҭәба адныҳәаларатә шәҟәы лзыналышьҭит.
"Аусӡбарҭатә система адемократиатә ҳәынҭқарра амчрақәа рытриадаҟны
ихадараӡоу акәны иҟоуп насгьы уи ишьаҭаратәу афункциақәа рынагӡараҿы –
азинхьчара иаша иазырхоуп. Убри инамаданы иазгәасҭарц сҭахуп Аԥсны азеиԥш
иурисдикциа аусӡбарҭақәа русура – ҳреспублика аусӡбарҭатә система зегьы
ихадараӡоу аелементқәа ишыруаку. Аусӡбарҭақәа рҟны ауп ҳауаажәлар рзинқәа,
рхақәиҭра насгьы рзакәантә интересқәа анеилаго ацхыраара иахьашьҭало», -
азгәалҭеит Анас Кьышьмариа.
Азинмчра змоу лышәҟәаҟны иалкааны иазгәалҭеит аусӡбарҭатә корпус зегьы
ирыду аҭакԥхықәра дуӡӡа, избан акәзар аусӡбарҭатә ӡбамҭақәа аусӡбаратә
еилазаара рыхьӡ-рыԥша мацара акәӡам ианыԥшыр ахьауа, аха ҳҳәынҭқарра зегьы
иааидкыланы ианыԥшыр шалшо.
"Атәылауаа рзинтә культура аҩаӡара, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу
Азакәан аиашареи аҵабырг аиааира агареи рахь ирымоу ргәыӷра ишиашоу
иадҳәалоуп ҳусӡбаҩцәа рҭакԥхықәреи ркомпетенциеи рыҩаӡара.
Аусӡбарҭатә системаҿы аусура имариам азинхьчареи уи апринципқәеи рмаҵуроуп
насгьы ауаҩы ари аҭакԥхықәраҿы апрофессионалра адагьы иаарԥшлатәуп
ауаҩра», - аҳәоит ашәҟәаҟны.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра